pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Нанҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақь аҿы инхо ахаҵа анаҩс реиҭарсра хықәкыс иҟаҵаны  зыкапан рацәоу анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа раахәареи рыҵәахреи рыиагареи рзы гәҩарас дҟаҵоуп.  

Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикатә маҭәашьарқәа реиҭарсра ахылаԥшратә Усбарҭеи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи Аҟәа ақалақь, Гәымсҭатәи амҩала дааныркылеит автомашьына «Митсубиси» ала иҟаз, 1978 шықәса рзы ииз Амҷба Ерик Гиви-иԥа.  

Хаҭалатәи игәаҭараан ахаҵа идырбалеит иҭалаҳәаз аилаҳәарақәа. Урҭ ирылаҳәан зыԥштәы шкәакәоу аххыраԥшра змоу амаҭәашьар.  Анаҩс аекспертцәа рыла ишеилкаахаз ала – уи «метадон» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьар акәын. Иара убас ахаҵа имхын абанктә хсаалагақәеи ҩ-мобилтә ҭелқәеи.

Автомашьына аҩныҵҟа иҭаҵәахыз ақьаадтә ҿыхьшьы илаҳәаз аиԥш-зеиԥшу аилаҳәарақәа рыԥшааит. Иааизакны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикатә маҭәашьарқәа реиҭарсра ахылаԥшратә Усбарҭа аусзуҩцәа ирыԥшааит 8 рҟынӡа аҭиразы ирхиаз метадон злаҳәаз аилаҳәарақәа.

Атәылауаҩ Ерик Амҷба ихаҭа ишазгәеиҭаз ала, идырбалаз анаркотикатә маҭәашьарқәа злаҳәаз аилаҳәарақәа рыхәҭак иара ихатә хархәаразы ирхианы иман, егьи ахәҭа имаӡоу аҭаҵәахқәа раҳасабала рыҭиразы иман.  

Анаҩстәи аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгараан Ерик Амҷба уаанӡа иҟаиҵахьаз имаӡоу аҭаҵәахқәа рҭыԥқәа аирбеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа  Ареспублика Белорусь Ахада Алеқсандр Лукашенко иира Амш идиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә цҳамҭа атекст аҟны иарбоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Алеқсандр Григори-иԥа! Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит шәира Амш! Шәара шәԥышәа дууи шәзанааҭдырра ҳараки, аполитикатә ӡбамҭақәа рыдкылараан ишәа-иза азнеиреи рыла аҭакԥхықәра зду аҳәынҭқарратә усзуҩ иаҳасабала шәҿырԥшыгоуп.  Акыр шықәса инеиԥынкыланы Шәара хамеигӡарыла шәыжәлари шәыԥсадгьыли рымаҵ аура шәаҿуп. Агәра ганы сыҟоуп, аҩганктәи аусеицура аганахьала ҳтәылақәа рыбжьара иҟаҵоу раԥхьатәи ашьаҿақәа  аиҩызаратәи аимабзиаратәи аизыҟазаашьақәа рышьақәгылара шалдыршо.

Аҟәа. Нанҳәамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  5 миллионҩык рҟынӡа Урыстәылатәи атуристцәа заанаҵы аҭыԥ ркааны, мамзаргьы атурфирмақәа рыла аԥхын, 2023 шықәсазы аҳәаанырцәҟа ԥсшьара ицеит.  Урыстәыла атәылауаа еиҳа лассы-лассы атурқәа аархәон Ҭырқәтәылаҟа, Аԥсныҟа, Еиду Арабтәи Емиратқәа рахь, ҳәа   ТАСС имҩаԥысыз апресс-конференциа аҿы иҳәеит  Атуристә индустриа Урыстәылатәи Аидгылара апрезидент ихаҭыԥуаҩ  Дмитри Горин.

«Аԥхынтәи хымз ирылагӡаны 5 миллионҩык рҟынӡа Урыстәылатәи атуристцәа заанаҵы аҭыԥ ркааны, мамзаргьы атурфирмақәа рыла  егьырҭ атәылақәа рахь ԥсшьараҳәа ицеит» , - ҳәа иҳәеит иара.

Аҟәа. Нанҳәамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гагратәи апарк аҿы иҟалаз аӷьычра иаразнак аартра алыршахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзра.  

Апринц Ольденбургтәи ипарк аҿы зыԥсы зшьоз аԥсшьаҩы аԥарақәеи аусшәҟәқәеи зҭаз иарҭмаҟ ицәырӷьычит.

Ахаҵа Гагра аҩныҵҟатәи аусқәа араионтә ҟәша ахь арзаҳал ҩны иалеиҵеит.

Имҩаԥгаз аоперативтә уснагӡатәқәа рыла ашьаусԥшааратә усбарҭа аусзуҩцәа ари ацәгьоура аҿы игәҩараз ахаҿы дшьақәдыргылеит. Уи 1980 шықәсазы ииз, Аԥсны ԥсшьараҳәа иааз, Ермантәыла атәылауаҩ  Ниазиан Дереник Баграҭ-иԥа иоуп. Иара  Гагра араион Багрыԥшь ақыҭан дааныркылеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьал Москваҟа аусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҩаша, нанҳәамза 29 рзы ахәыҷқәеи аҭаацәеи ацхыраара рыҭаразы Аҭаацәаратә Центр  «Непоседы» (Анаҩс- Ацентр) даҭааит.

Ацентр аҭаара хықәкыс иаман аиԥш-зеиԥшу аусбарҭақәа русушьа абара, урҭ рԥышәа Аԥсны анаҩс ахархәаразы амадара, избан акәзар Аԥсны иуадаҩу аԥсҭазааратә ҭагылазаашьа аҿы иҟалаз ахәыҷқәа аамҭала рнырхаразы Акризисттә центр аартра азҵаара ықәгылоужьҭеи акыр ҵуеит.  

Ацентр анапхгаҩы Наталиа Курышова Мактина Џьынџьалԥҳа лзы аусбарҭа аҿы аекскурсиа лзеиҿылкааит, уи аусура атәы инарҭбааны илзеиҭалҳәеит.  

«Непоседы» - ари Москватәи аобласт аҿы иҟоу иарбоу ахырхарҭала аус зуа иреиҳау аусбарҭақәа иреиуоуп.

Ацентр аусура ахықәы хадақәа иреиуоуп:

  • асоциалтәи анаҩстәи аиаҭымра, ахылаԥшыдара, аҭынхадара, ахәыҷқәа змоу аҭаацәа рыманшәаламзаара, уҳәа апрофилактика;
  • ахәыҷқәа зыхшаз аҭаацәа рҿы раанхара алыршара;
  • аҭаацәа рхылаԥшрада иаанхаз ахәыҷқәа ааӡараҳәа егьырҭ аҭаацәа рыҭара, мамзаргьы аамҭала раанкылара, уҳәа аиҿкаара.

Аҟәа. Нанҳәамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 26 – 27 рзы Смоленск  ақалақь  аҿы имҩаԥысит Урыстәыла аенергоатом Аконцерн амҵәышәмпыл 3х3 Жәларбжьаратәи афестиваль «Лига регионов». Уаҟа қәҿиарала иқәгылеит Аԥсны акоманда.

Смоленсктәи аҳәынҭқарратә аспорт ауниверситет атренер Павел Захаров иажәақәа рыла, аԥснытәи амҵәышәмпыласыҩцәа ицәгьамкәа рхы аадырԥшит.

Цәыббрамза 2 аҟынӡа аԥснытәи аспортсменцәа   аҽазыҟаҵара-ҵаратә еизгарақәа рхы аладырхәлоит, иҿыцу аицлабрақәа – Смоленск ақалақь 1360-шықәса ахыҵра иазку Урыстәыла аенергоатом Аконцерн амҵәышәмпыл 3х3 афестиваль «Смоленская Крепость» рхы аладырхәраны иҟоуп.  

Аҟәа. Нанҳәамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Амҩатә шәарҭадара аиқәыршәара иазкны имҩаԥгаз акомплекстә реидтә профилактикатә усмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны, иҳаҩсыз амчыбжьи аныҳәатә ԥсшьарамшқәеи  рзы, нанҳәамза 21 -29 рзы атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҳәынҭқарратә автоинспекциа аусзуҩцәа  1904 зинеилагара аадырԥшит, урҭ рахьынтә 103 – автомашьынақәа рсаркьақәа рыԥшшәахәыркра анормақәа реилагара иадҳәалоуп.  

Аҟәа. Нанҳәамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан  хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара ахьӡала нанҳәамза  30 – хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара Жәларбжьаратәи амш аҽны, Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.  

Аибашьраан хабарда ибжьаӡыз ҳаҭырла иргәаладыршәарц арахь имҩахыҵит иҭахаз аибашьцәа ранацәа, аибашьра аветеранцәа, атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Владимир Делба, адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба, агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

Аҟәа. Нанҳәамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҟны 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара иазкны афотоцәыргақәҵа аатит. 

Ацәыргақәҵа еиҿкаахеит «Аԥсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы» Аиҿкаара ала. Убри аан уи адгылара анаҭеит Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет Амиссиа.  

«Иахьа ҳара иазгәаҳҭоит хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара Жәларбжьаратәи Амш. Аԥсны ари амш 2010 шықәса инаркны иазгәарҭоит. Иара убри ашықәс инаркны ауп хабарда ибжьаӡыз рыԥшаара иазкны мҽхакы ҭбаала аусура ианалагаз. Иҭахаз, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы анышә иамадаз  аԥсуа еибашьцәа рыԥсыбаҩ аексгумациа мҩаԥган. 44-ҩык зхаҭара шьақәыргылаз аибашьцәа рыԥсыбаҩ рҭаацәа ирыҭахеит. Ари ҳара ҳзы маҷк иадамхаргьы ҳгәы зырҭынчыз, уимоу, егьырҭ хабарда ибжьаӡыз ҳҵеицәагьы рыԥсыбаҩ ахаҭара шьақәыргыланы доусы рҭаацәа ишрыҭахо азы агәыӷра ҳазҭаз хҭысны иҟалеит», - ҳәа афотоцәыргақәҵа аартуа илҳәеит «Аԥсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы» Аиҿкаара ахантәаҩы Гәыли Кьычба.

Аҟәа. Нанҳәамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аибашьра аветеран, Аԥсны Афырхаҵа Виачеслав Ешба иҭаацәа дрыдышшылеит.

Адышшылара атекст аҟны ахәҭакахьала иҳәоуп:   

«Аԥсны Афырхаҵа, аинрал-маиор, ԥыхьатәи атәылахьчара аминистр, Аԥсны Арра-ҳаиртә архәҭақәа ԥыхьатәи ркомандаҟаҵаҩ, В. Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» адиректор хада Виачеслав Ешба иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы гәык-ԥсыкала сшәыдышшылоит.  Виачеслав Ахмед-иԥа иԥсҭазаара алҵра уи иҭаацәа рыдагьы аԥсуа жәлар зегьы рзы цәыӡ дууӡӡоуп.  Виачеслав Ешба ззанааҭтә дырра аҩаӡара ҳаракыз ауаажәларратә авиациа аԥырҩы иакәын, иара Аԥсны Арра-ҳаиртә архәҭақәа реилазаара хада азыҟаҵара аус аҿы илагала дууп.  Иара ихьӡ иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп аԥснытәи авиациа аҿиара. Апатриот иаша Виачеслав Ахмед-иԥа иԥсҭазаара зегьы – ԥсыцқьала Иԥсадгьыл амаҵзура иадҳәалан.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.