pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынгәымза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Автоҳәынҭинспекциа Аусбарҭа аҿы аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.   Иара Автоҳәынҭинспекциа Аусбарҭа ахатәы еилазаара аҿаԥхьа Аусбарҭа анапхгаҩы аамҭала инапынҵақәа рынагӡаҩыс иҟаҵоу Дамеи Аҩӡба идгалара мҩаԥигеит.

Анапхгаҩы ҿыц идгалара мҩаԥго, Роберт Киут амҩаҿы аныҟәара ашәарҭадара аганахьала анорма-зинтә еиҿкаара аҭышәынтәалареи амашьынарныҟәцаҩцәеи ашьаҟауааи рыбжьара амҩатә ԥҟарақәа рықәныҟәара азы апропаганда амҩаԥгареи, иара убас амаҵзуратә усура аиӷьтәразы ҳаамҭа иақәшәо атехнологиақәа ралагалареи иаҵоу аҵакы ахадара инаҵшьны иазгәеиҭеит.     

«Абри зегьы азы акадртә еиҭакрақәа аҭахны иҟалеит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аминистр.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Ҭҟәарчал ақалақь аҿы ақалақьтә парк аиҭашьақәыргылара иадҳәалоу аусурақәа ирыцҵоуп.  Иҳаҩсыз ашықәс азы имҩаԥгаз аиҭашьақәыргыларатә усурақәа актәи аетап аҿы ашьаҟамҩақәа хаҳәцәыла ирчаԥеит, арлашаратәии ариаҵәаратәи аусурақәа нарыгӡеит,  имаҷу архитектуратә формақәа шьақәдыргылеит.  Уажәы аӡыршә аргылара, иара убас ахәыҷтәы каҳуажәырҭеи ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи рыԥсшьара азы иазоужьу аҭыԥқәа реиқәыршәазаареи иадҳәалоу аусурақәа мҩаԥысуеит.  

«Аӡыршә ахьыргылахо аплошьадка алхра машәыршақә иҟамлаӡеит. Аибашьра ҟалаанӡа араҟа иазԥхьагәарҭахьан аӡыршә аргылара, уимоу, аргыларатә усурақәагьы ирылагахьан. Аамҭа цацыԥхьаӡа уи ауасхыр еиҳа-еиҳа аилыбгара иалагеит, убри аҟнытә иҿыцу аобиект аргыларазы аӡбамҭагьы рыдыркылеит», – ҳәа еиҭеиҳәеит Ҭҟәарчал араион ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Кәыҵниа.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  73-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, агазеҭ «Эхо Абхазии» аредактор Хада, Аԥсны ажурналистцәа Реидгылеи Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи алахәыла, апрозаик, апублицист Витали   Валериан-иԥа Шариа.

Витали Шариа диит ԥхынҷкәынмза  26, 1951 шықәса рзы Смоленск ақалақь аҿы. 1974 шықәсазы далгеит Белоруссиатәи аҳәынҭқарратә Унверситет ажурналистика афакультет.  

1975 шықәса инаркны Аԥсны аус иуан – агазеҭ «Советская Абхазия» акорреспондентс, аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩс. 1984 шықәсазы аамҭаказ - Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҟны алитературатә абжьгаҩс. 1991 шықәса цәыббрамза инаркны агазеҭ «Республика Абхазия» аредактор хада ихаҭыԥуаҩыс. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан афронт ажурналистс дыҟан.

Витали Шариа инапы иҵыҵыз аматериалқәа Аԥсны апериодикатә кьыԥхь аҿы мацара акәымкәа, уи анҭыҵгьы Асовет Еидгыла, анаҩс Урыстәыла апериодикатә кьыхь: ажурналақәа «Наш современник», «Юность», «Смена», «Свет», агазеҭқәа  «Комсомольская правда», «Правда», «Известия», «Литературная газета», «Независимая газета», уҳәа  рҿы ирнылон. 

Аҟәа. Ԥхынгәымза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб ачымазаара бааԥсы иахҟьаны зыԥсҭазаара иалҵыз Ареспублика Аԥсны Апарламент   I ааԥхьара адепутат Альфред Леонид-иԥа Какуев иуацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит.

А. Л. Какуев Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра ҟалаанӡа Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахь далхын. Уи ианакузаалакгьы активра злаз ауаажәларратәии аполитикатәи усзуҩны дыҟан. Иара хьаҳәхьачарада иаарԥшуаз итәылауаҩратә позициеи Ареспублика Аԥсны ахьыԥшымра аидеиа гәыкԥсыкала изнеишьеи ирыбзораны иуаажәлар рыҩныҵҟа акыр аҳаҭыри апатуи ирҳаит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 11 рзы Жәлар Реизара-Апарламент аҟны имҩаԥысит Жәларбжьаратәи, апарламентбжьаратәи еимадарақәеи аџьынџьуаа рымадареи рзы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аилак аилатәара. Аилатәара мҩаԥигеит уи ахантәаҩы Барцыц Алхас.

Аилатәараҟны иахәаԥшит «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыреи рыбжьара ҩынтәтәи ашәахтәқәҵара ацәцареи ахашәалақәа рзы ашәахтәқәа рганахьала  ашәахтәқәҵараҟнытә аҽыԥхьакра аԥырҟәҟәареи рзы Аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәаразы» Аԥсны Аҳәынҭқрра азакәан апроект. Уи иаҵаҩын  Аҟәа ақалақь аҟны 2024 шықәса лаҵарамза 7 рзы. 

Азакәан апроект ахцәажәара иалахәын Апарламент адепутатцәа, Апарламент аҟны иҟоу Ахада ихаҭарнак Баҭал Аиба, аԥыза-министр, афинснқәа рминистр Владимир Делба, ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистр Михаил Габелиа.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ашкол «АИХЬӠАРА» абар шьҭа иаарласны абызшәақәа рҵара зҭаху зегьы рзы ашәқәа аанартуеит.

Аҵыхәтәантәи жәашықәса рыҩныҵҟа адунеи зегьы аҿы аҳәаанырцәтәи абызшәақәа рҵара азнеишьақәа акыр аҽеиҭанакит. Раԥхьаӡа иргыланы, иарбоу амаҵзура ахкы адҵаалара акыр еиҳахеит, иҩбахаз – аҵара алшарақәа аҳәаақәа рыҽдырҭбааит – иахьа адгылара мҩаԥысуеит абызшәа аҵара иазку еиуеиԥшым аметодикақәа, изҭаху зегьы доусы  ирнарло аформа алырхыр алшоит. 

Аԥсны абызшәа аҵараҿы хазхаҭала азнеишьа азԥхьагәазҭо аҵара аметод ауааԥсыра акыр иазхьаԥшуеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб ареспублика амҩақәа рҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа дахцәажәеит.

«Ҳара амашьанақәа рыццакра агҳмырхар, усҟан агәырҩа есымша ҳаҩнқәа рҿы иҟалоит. Авариақәа реиҳарак зыхҟьо — амашьынақәа рырццакцәара, ижәны амашьына аԥсҟы акра, уҳәа егьырҭ амҩатә ԥҟарақәа реилагара ауп», - ҳәа иҳәеит атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб.

Уи Аԥснытәи амҩақәа рҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа азы ахара зду ҳара зегьы ҳауп ҳәа иазгәеиҭеи

Аҟәа. Ԥхынгәымза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Иахьа, ԥхынгәымза 13 рзы Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа Очамчыра ақалақь 2524 -шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәит.

«Ҳара ҳҿаԥхьа хыдҵа хадас иқәгылоуп Очамчыра ақалақь аекономикатә потенциал дуӡӡа аартра»,  - ҳәа иаҳәоит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз адныҳәаларатә цҳамҭа атекст аҿы. Уи Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵала даԥхьеит Абесалом Кәарҷиа.

«Акыр ауадаҩрақәеи аԥышәарақәеи шәыхганы, ҳаҭыр зқәу очамчыраа, шәара есыҽны тәамҩахә ҟамҵа аусурала ишәылшәыршоит шәықалақь гәакьа аиҭашьақәыргылара, - ҳәа иҳәеит иара. Уи умбаргьы залшаӡом. Очамчыра ақалақь аҭеиҭыԥш есааира еиӷьхоит, ишәҭыкакаҷуеит. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит уи азы!

Иахьа шәара шәазгәдууп шыԥшаҳәа, зеиҭашьақәыргылара мҩаԥысуа агәабзиарачаԥарҭақәа, аҿиара иаҿу амшынтә баӷәаза, зыргылара иаҿу анаплак ҿыцқәа, уҳәа Очамчыра ауааԥсыреи асасцәеи рзы акыр иманшәаланы иҟазҵо зегьы рыла.  

Аҟәа. Ԥхынгәымза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ақалақь Амшиира Очамчыра азгәаҭара иалагеит ақалақь аԥшаҳәа аҿы. Араҟа имҩаԥысуаз ахәаахәҭра-цәыргақәҵа аҿы ареспублика арегионқәа зегьы рҟынтәи анапҟазацәеи аҭыжьыҩцәеи еиқәшәеит.

Ицәыргақәҵахеит амҿы, аиха, уҳәа аматериалқәа ирылху еиуеиԥшым амаҭәарқәа, аҽырхиагақәа, асахьақәа, абзазараҿы рхы иадырхәо еиуеиԥшым амаҭәарқәа, уҳәа напыла иҟаҵоу егьырҭ аусумҭақәа.  Ари ацәыргақәҵа адгылара арҭеит Очамчыра ақалақь иалҵыз еицырдыруа асахьаҭыхыҩцәа: Варис Тамеев, Асида Аҳәба, Беслан Воуба.

Очамчыра араион ақыҭақәа ахәҭакахьала раалыҵ цәырыргеит: аԥсуа чаи, ахшхарҵәи акәаци ирылху афатә аалыҵқәа, ахаа-мыхакәа, ашәыр, ацха, арыжәтәи ашәырӡқәеи.

Игәырӷьаху аныҳәа агәалаҟазаара еиҳагьы ишьҭнахуан ана-ара игоз амузыка абжьы –  ансамбль «Ерцахә» артистцәа аԥсуа жәлар рашәақәа нарыгӡон. Ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи еибаныҳәон, аныҳәа аиҿкаара аганахьала ргәаанагарақәеи уи ирызцәынагаз рцәаныррақәеи еибырҳәон.

Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа асас даӷьқәа  – Удмуртиеи Приднестровиеи рҟынтәи аҳәаанырцәтәи аделегациақәа рхаҭарнакцәеи Очамчыра араион ақыҭақәа рҟынтәи ахаҭарнакцәеи еибаирдырит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы ихыркәшахеит Жәларбжьаратәи ашахматтә турнир «Аҟәа Оpen 2024» аҩбатәи амш. Иахьа атурнир рхы аладырхәит  13 шықәса рҟынӡа зхыҵуа 40-ҩык инарзынаԥшуа ашахматистцәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы аофициалтә саит.

Актәи аҭыԥқәа ааныркылеит Кемаль Тос-оглы (ақ.Гагра), Софииа Кособокова (ақ.Красноиарск). Араӡнытә аԥхьахә ргеит Арсени Егоров (ақ.Пицунда), Полина Марченко (ақ. Аҟәа). Ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит Дамир Адлеиба (ақ. Аҟәа), Мирра Смыр (ақ. Афон Ҿыц).

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.