pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа Ԥхынгәымза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк ахь инеиуа амҩа аҿы арыцқьаратә усурақәа мҩаԥыргеит. Апарк абнахылаԥшҩы хада Ҭенгиз Џьергениа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо имҩаԥгаз аусурақәеи иазԥхьагәаҭоу ауснагӡатәқәеи дрылацәажәеит.

Ҭенгиз Џьергениа иажәақәа рыла, Гагтәи аӡхыҽҽа ахь инагоу 20 км. рҟынӡа иҟоу амҩа аҿы арыцқьаратә усурақәа иҷыдоу атехниа ахархәарала имҩаԥысуан ҳәа иазгәеиҭеит. 

«Аусурақәа есышықәа имҩаԥысуан, аха уажәы уи амҽхак еиҳа еиҳахеит. Ари даара акыр аҵанакуеит атуристцәа рзы, иара убас ҳмашьынарныҟәцаҩцәагьы рзы. Ари аҟара ауаа ахьаауа аҭыԥ аҿы иҭшәоу амҩақәа рҿы дара-дара еизыԥшлар акәхон, уи аамҭа рацәа рцәагон, иаргәамҵуан. Шьҭарнахыс уи аганахьала изеиԥшразаалак  уадаҩра ыҟаӡам», – ҳәа еиҭеиҳәеит иара.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гал араион Шьашьыкәара ақыҭан арезервтә ӡхагаларатә станциа аргылара иадҳәалоу аусурақәа ахыркәшарахь инеит.  Уи араион ӡыла аиқәыршәараҿы иҟоу аиԥҟьарақәа рыпроблема аӡбара алнаршоит.

«Акыр аамҭа Гал ақалақь аҿы ӡыла аиқәршәара апроблема ыҟан. Ҿыц иргылахо аӡхагаларатә станциа араион ауааԥсыра иҭышәынтәалоу ӡыла аиқәршәара рнаҭоит. Ихадоу астанциа аҿы аиԥҟьара ҟаларгьы, уи автоматла (ахала) аусура иалагоит, иара убри ала аӡы аашьҭра аганахьала апроблемақәа акыр иармаҷуеит», - ҳәа иҳәеит гал араион Ахадара афинанстә Усбарҭа аиҳабы Ҳаџьараҭ Аӡынба.

Идыргылахьеит аӡхагаларатә станциа ахыбра, ишьақәыргылоуп амқьаҭқәа зықәыргылахо аиха-бетонтә шьаҟақәа, асовет аамҭа азы ижыз 11 ҵеиџь рҟынтәи 4 еиҭашьақәыргылоуп. 

«Ҵеиџьк аусура иалагахьеит, уи иаанашьҭуа аӡы амҽхак ҳара акыр иаҳзыманшәалоуп. Иара убас иаахәан ишьҭоуп ихымԥадатәиу аҵантәии адәныҟа ирхоуи аӡхагалагақәа, хара имгакәа, иааиуа ҩымчыбжь иахымгакәа урҭ Аԥсныҟа иаагахоит.  Ари астанциа арезервтә ҵакы адагьы, ӡыла аиқәыршәара асистема аҿы иахәҭоу ақәыӷәӷәара ашьақәыргылара азы иназыцҵоу ахархәара аманы иҟалоит», – ҳәа изаамҭанытәиу апроцесс дахцәажәо иазгәеиҭеит анардкыларатә еиҿкаара Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «ДАНА» ахаҭарнак Саид Сангәлиа.

Араион Ахадара ахаҭарнакцәа ишазгәарҭаз ала, аргыларатә усурақәа ирылагаанӡа аӡы ахкы агәаҭарақәа мҩаԥган, уи асанитартә нормақәа зегьы ишрықәшәо шьақәырӷәӷәахеит.

Иара аӡхагаларатә станциа ахьыргылахо аҭыԥ ахаҭа акәзар, уаанӡа уаҟа иӡбаараны иҟан, аха аԥслымӡ-бӷанҷтә еилаԥса ахархәарала адгьыл аҿыгҳара ашьҭыхра иадҳәаланы имҩаԥгаз аусурақәа ирыбзоураны араҟа аринахыс аӡы ақәлараны иҟаӡам. Ишьақәыргылахо асистема 100 кубометр рҟынӡа зкуа амкьаҭ  аус анаруеит,  анаҩс уаантәи аӡы ахалацарала адәахьтәи аӡхагалақәа рҟынӡа инеилоит, уаантәи ақалақь аӡеиқәыршәагатә система иалалоит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусеилыргаратә ҟәшеиҵа Давид Гәлиа иганахьала ашьаусеилыргара хацнаркит.

Гәлиа Д. А. иџьбароу арыжәтә ыжәны амашьына аԥсҟы кны амҩаҿы аныҟәара  аԥҟарақәа реилагара иахьҟаны ҩыџьа  инареиҳаны  ауаа рыԥсра азы ахара идҵоуп.

Амҩа-транспорттә ԥҟарақәа реилагара иадҳәалоу ахҭыс ҟалеит Аҟәа араион Аҩада Ешыра ақыҭан ԥхынгәымза 7, асааҭ 21:45 рзы.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥснытәи аспортсмен Елкан Гәазава атлетика хьанҭазы Урыстәыла ачемпионат ихы алаирхәуеит. Аицлабрақәа мҩаԥгахоит ԥхынгәымза 16–21 рзы, Новосибирск ақалақь аҿы ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.

Заанаҵтәи адыррақәа рыла, атурнир аҿы амедалқәа раиура рҽазыршәоит 20 акапантә категориақәа ирыҵанакуа 300-ҩык инарзынаԥшуа аспортсменцәа.  Урҭ Урыстәыла 65 регион рҟынтәи иқәгылоит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Аилак аилатәара мҩаԥысит Жәлар Реизара-Апарламнт аҿы.

Аилак аусура рхы аладырхәит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киути аминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуеи.

Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба амҩақәа рҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа даараӡа иуадаҩуп ҳәа иазгәеиҭеит. Иара убасҵәҟьа Жәлар Реизара-Апарламенти аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәеи русеицура ахылаԥшра азҭо аусуратә гәыԥ еиҿкаахоит ҳәа иҳәеит.

«Шәара ижәдыруеит иҳаҩсыз ашықәс азы ҳара арыжәтә џьбара ыжәны амашьына аԥсҟы акра азы ахьырхәратә уснагӡатәқәа шҳарӷәӷәаз, уи, аиашазы алҵшәақәак аанарԥшит. Аха Аԥснытәи амҩақәа рҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа рыԥхьырҟәҟәара, аиҳарак аԥхынтәи аамҭахәҭа азы, ҳара иҳалымшаӡеит. Ари зегьы ирзеиԥшу проблемоуп, уи хымԥада аҿагылара аҭахуп. Ҳара аҿар анышә иаҳҭоит. Ҳара Апарламент аганахьала иааиԥмырҟьаӡакәа аусеицура ҳазхиоуп. Иаҭахханы иҟалозар, ахьырхәратә ԥҟарақәа еиҳагьы рырӷәӷәара, амҩадуқәа рҿы авидеокамерақәа рышьақәыргыларазы абиуџьет аизырҳара азы аӡбамҭақәа рыдкылара ҳазхиоуп. Иахьа даараӡа иуадаҩу аҭагылазашьа шьақәгыланы иҟоуп. Ҳара излауа ала зегьы ҟаҳҵароуп амҩақәа рҿы аԥстәбара зцу амашәыртә хҭысқәа рырмаҷразы», - ҳәа иҳәеит Лаша Ашәба.  

Аилак ахантәаҩы Ҭемыр Шергелиа, иахьатәи аилатәара атәыла  амҩадуқәа рҿы акыр ишәарҭоу аҭагылазаашьа ахьышьақәгылаз, насгьы иацы иҟалаз, знык ала хҩык рыԥсҭазаара ҿахызҵәаз атрагедиа  иадҳәалоуп ҳәа иазгәеиҭеит. Амҩа-транспорттә машәыртә хҭыс мзыс хадас иҟоу ижәны амашьына аԥсҟы акра ауп ҳәа иҳәеит. Уи ирҵабыргит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киутгьы.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. XXII Амузыкатә фестиваль «Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит» ԥхынгәы 15 инаркны нанҳәа 20 рҟынӡа имҩаԥысраны иҟоуп.

Афестиваль ҳаҭыр зқәу асас иаҳасабала дааԥхьахоит Маритәи атеатр адиректор, Атеатр ду адиректор хада, адирижиор, Урыстәыла Жәлар рартист Валери Гергиев. Ԥхынгәы 15 рзы Аҟәа, Атеатр ашҭаҿы Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь диижьҭеи 75 шықәса аҵра иазкны имҩаԥгахо актәи аконцерт аҿы иқәгылоит Хьыбла Гьерзмааԥҳаи, атеатр асимфониатә оркестри, асолистцәеи.

Аҽа ф-концертки аҟазаратә-классқәеи Урыстәыла ақалақьқәа рыҟны имҩаԥысуеит, ҩба – Китаи.

Ԥхынгәымза 20 рзы афестиваль амҩаԥгара ацҵахоит X ашәышықәса иаҵанакуа Ажәытәӡатәи Пицундатәи ауахәама аҿы. Араҟа иқәгылоит аҟыбаҩ злоу Хьыбла Герзмаа лҵаҩцәа, П. И. Чаиковски ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә Консерваториа  астудентцәаеи аушьҭымҭацәеи Вероника Хорошева, Вероника Андреиченко, Мариа Лупариова, Валентина Химич, Лада Меркулиева, иара убас ахкытә шәаҳәара акафедра адоцент Хьыбла Герзмаа лхаҭагьы. Афортепиано апартиа налыгӡоит аконсерваториа адоцент Екатерина Ганелина — акыр шықәса инеиԥыныланы Хьыбла Герзмма лконцертмеистрс иҟоу.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақь Амшныҳәа иазку аныҳәатә концерт «Сара сықалақь Аҟәа» мҩаԥысит асабша, ԥхынгәымза 6 рзы аҳҭнықалақь, Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы.

Аԥсны арҿиаратә коллективқәа ақәгылара иалагаанӡа Аҟәа ақалақь ауааԥсыра аныҳәа рыдиныҳәалеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

«Иахьа ҳара иазгәаҳҭоит Аҟәа бзиа избо зегьы рзы иҷыдоу аныҳәамш. Ари аныҳәамш азы сара Аҟәа иқәынхо зегьы агәабзиара, аизҳазыӷьара, аманшәалара рзеиӷьасшьар сҭахуп», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Адныҳәалара ҟаҵо дықәгылеит аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешбагьы.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Ԥхынгәыза 10, 2024 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы  ашәа аԥҵаҩцәа-анагӡаҩцәа (абардқәа) XI Жәларбжьаратәи рфестиваль «Ашәа узысҳәоит, Аԥсынтәыла!» мҩаԥысраны иҟоуп.

Афестиваль 2010 шықәса раахыс имҩаԥысуеит. Уи автортә ашәа – ахаԥшьгаратә сахьаркыратә рҿиара ажанрқәа иреиуоу апопулиаризациа  хықәы хадас иамоуп. Уи хыдҵас иқәнаргылоит амилаҭтә сахьаркыратә традициақәа реиқәырхара, рырҿиара, ашьҭрамадара, иуникалу абардтә ашәа аҭынха апопулиаризациа.

Афестиваль алахәылацәа алшара роуеит доусы реихьӡарақәа ахәаԥшцәа дырбара, арҿиаратә лшарақәа реидкылара, уи, жәаҳәарада, еиуеиԥшым ажәларқәа реизааигәахара, реилибааара алнаршоит. Афестиваль аҟыбаҩ злоу ауаа ҿыцқәа ралкаара, ахаԥшьгара злоу авторцәа-анагӡаҩцәа адгылара рыҭара, зсахьаркыратә ҩаӡара ҳараку аԥҵамҭақәа раарԥшра иазырхоуп.  

Аҟәа. Ԥхынгәымза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Алада Ешыра ақыҭан Лакоба амҩаду акаҭран ақәҵара иалагеит.  Аусурақәа Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала имҩаԥысуеит. 

2024 шықәса актәи азыбжа аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкыз Аҟәа араион актив аилатәара аҿы Ешыра ақыҭа (Шыцкәара) анхацәа Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби рышҟа Лакоба имҩа аиҭашьақәыргылараҿы ацхыраара азы аҳәара ҟарҵеит. Ақыҭауаа агәра ддыргеит ари азҵаара хымԥада ишыӡбахо азы. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рзы аԥаратә хархәагақәа азужьхеит Аминистрцәа Реилазаара Арезервтә фонд аҟынтәи, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа араион Ахадара апресс-маҵзура.

Амҩа аура 2,5 километра иҟоуп, аҭбаара 4,5 - 5 метра.

«Аиҭашьақәыргылараз азыҟаҵаратә усурақәа ирылагахьан мчыбжьык аԥхьа. Раԥхьа ишьҭарҵеит аӡымҩангагатә шәырақәа, анаҩс абӷанҷ ақәрыԥсеит. Уажәы Лакоба имҩаду аҟны акаҭран ақәҵра иаҿуп», — ҳәа адырра ҟаиҵеит апрораб Баҭал Аргәын.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақь Амшныҳәа азгәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҟәа ақалақь, Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аконференц-зал аҿы «Аҟәа ақалақьи (Ареспублика Аԥсны) Донецктәи Жәлартә Республика амуниципалтә еиҿкаара ақалақьтә округ Донецки (Урыстәылатәи Афедерациа) аиашьаратә еизыҟазаашьақәеи аусеицуеи рыбжьаҵара азы» Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра ацеремониа мҩаԥысит.  

Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра иадҳәалаз ацеремониа ихы алаирхәит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра ацеремониа иалагаанӡа игеит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ргимнқәа.  

Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешбеи Донецк ақалақь ахада Алеқсеи Кулемзини.

Аиқәшаҳаҭра атекст аҿы ишарбоу ала, аганқәа ирыԥхықәроуп:

– Адокумент ишаҳәо ала, аганқәа ажәларқәа рыбжьара аилибакаареи, аиҩызареи, аконструктивтә еицәажәарақәеи рзы аҩқалақьк русеицура аҵак ду шамоу азхарҵоит, ихадоуп ҳәа иагьырԥхьаӡоит;

– Аҩган рпотенциал анагӡара азы аусеицура нарыгӡоит;

– аизыҟазаашьақәа агәреибагара, аусеицура, аицхыраара, агәаартра, гәык ала аҟазаара, аҳалалра апринцип ала ишьаҭаркуп;

– Аҟәеи Донецки ақалақьқәа руааԥсыра ринтересқәа ирықәшәо иаарту адиалог, апартниорра, аҩганк еицырзыфеидоу аимадарақәа рышьықәыргылара, аԥышәеимадареи апроектқәа реицынагӡареи рзы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара аҵак ду арҭоит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.