
pressadmin-2
Аслан Бжьаниа Аҟәа ақалақь Амш иазку аныҳәахь иааз аделегациақәа дырԥылеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны аҳҭнықалақь 2508 шықәса ахыҵуеит.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҟәа ақалақь Амш аныҳәахь ааԥхьара зауз асасцәа дырԥылеит.
Аиԥылара иара убас ихы алаирхәит аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба.
Аныҳәахь иааит Москва, Цхьынвал, Грозныи, Ростов-на-Дону, Краснодар, Донецк, Луганск, Шәача, Уфа, Казан, Санкт-Петербург, Тамбов, Нижни Новгороди Черкесски, уҳәа ақалақьқәа рҟынтәи асасцәа.
Аслан Бжьаниа асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит.
«Бзиала шәаабеит Аԥсныҟа! Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит ари аныҳәаш ссир азы ҳгәырӷьара ҳациҩышәшарц шәахьааз азы. Араҟа еизаз зегьы жәаҳәарада ирдыруеит Урыстәылатәи Афедерациеи Урыстәыла афедералтә субиектқәеи ҳареи иҳабжьоу иҷыдоу аизыҟазаашьақәа ртәы. Ҳара ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш Урыстәыла ада ҳхахьы иаҳзаагаӡом, аԥсуаа жәытә-натә аахыс аиашьаратә Урыстәыла иадҳәалан. Урыстәыла аилазаараҿы иҟоуп, инхоит, иҿиоит зегьы раасҭа шьала-дала иаҳзааигәоу ажәларқәа, ҳәара аҭахума, уи ҳатәылақәа еиҳагьы еизааигәанатәуеит. Ҳара аринахысгьы иҳабжьоу аимабзиаратә, аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара азы иҳалшо зегьы ҟаҳҵалоит», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аҳәынҭқарра Ахада иахьа ныҳәа дууп Аҟәа азы ҳәа иазгәаҭо, аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешбеи ақалақь ауааԥсыреи дрыдныҳәалеит.
Цхьынвал ақалақь ахада Ромео Хугаев аныҳәахь иоуз ааԥхьаразы иҭабуп ҳәа раҳәо Аҟәа ақалақь ауааԥсыра аныҳәа рыдиныҳәалеит.
«Сара раԥхьаӡа акәны Аԥсны саҭааит, даараӡа сеигәырӷьоит сҩызцәа, сашьца рыбжьара аҟазаара. Гәык-ԥсыкала аԥсуа жәлар ирзеиӷьасшьоит аизҳазыӷьареи аманшәалареи ахирреи», – ҳәа иҳәеит иара.
Москва Анапхгара адәныҟаекономикатәии жәларбжьаратәии аимадарақәа Рдепартамент анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Игорь Ткач убасҵәҟьа аҟәаа ақалақь Амшныҳәа рыдиныҳәало иҳәеит: «Ҳара лҵшәабзианы еффективла аусеицуреи хра злоу аимадареи ҳабжьоуп. Ҳаԥхьаҟа иазԥхьагәаҭаны иҳамоуп даҽа усмҩаԥгатәгьы. Москва Аҩадатәи аокруги Ҭҟәарчали аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара аганахьала ацхырааразы ҳара ҳахь аҳәара ҟаиҵеит Ҭҟәарчал ақалақь ахада. Сара уи хра злоу аимадара акәхоит ҳәа сгәы иаанагоит. Ҳара аринахысгьы аусеицура ҳабжьазаауеит. Зегьы аизҳазыӷьареи аманшәалареи рзеиӷьасшьоит».
Краснодар ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Максим Онишьенко Аԥсны аҟазаара иара изы гәахәара дууп ҳәа иазгәеиҭеит.
«Сара даара сеигәырӷьоит иахьа абри атәыла ссир аҿы шәныҳәа шәыдныҳәалара азы алшара ахьсоуз. Красодартәи атәылаҿацә – акыр шықәса рыҩныҵҟа Аҟәа ақалақьи, иааизакны ареспублика зегьы адгылара анаҭоит. Еиҳа иуадаҩыз, аибашьра анцоз аамҭа азы ҳара ҳақалақь иалшоз ала адгылара шәынаҭон. Ҳара Аҟәа ақалақь аделегациа ҟәбинатәи ҳадгьыл аҿы абара гәахәара дула ҳазыԥшуп. Сақәгәыӷуеит аринахысгьы зеиӷьаҟам ҳақалақьқәа рыбжьара хра злоу аусеицура шацҵахо», – ҳәа иҳәеит иара.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аҟәаа ақалақь Амшныҳәа рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы имҩаԥысуеит Аҟәа ақалақь Амш иазку аныҳәатә концерт.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аҟәа ақалақь Амш азгәаҭара иазкыз аныҳәатә концерт далахәын. Аусмҩаԥгатә иара убас иаҭааит Аҟәа Администрациа ахада Ешба Беслан, Аиҳабыра алахәылацәа, Апарламент адепутатцәа, ауаажәларра.
Аҳәынҭқарра Ахада еизаз рҿаԥхьа адныҳәалара ҟаҵо дықәгылеит:
«Ҳаҭыр зқәу аҟәаа!
Ҳаҭыр зқәу асасцәа, иахьатәи аныҳәа зхы алазырхәыз зегьы! Аҟәа аԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы зегьы иҳалшо ҟаҳҵар, хымԥада, акырӡа иԥшӡахоит, досу анхара-анҵыразы агәаҳәара шәыманы шәҟалоит!
«Ахьӡ архынҳәра»: илахьынҵахаз еилкаахеит Аԥсны иалҵыз Ар Ҟаԥшь аруаҩ Удмур Цурцумиа.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 83 шықәса рышьҭахь еилкаахеит Аԥсны иалҵыз Ар Ҟаԥшь аруаҩ Удмур Царцумиа илахьынҵахаз атәы. Иара диит 1909 шықәсазы Аҟәатәи аокруг (уажәы Очамчыра араион) Кәыдрытәи аучасток Гәыԥ ақыҭан. 1939 шықәсазы уи Ар Ҟаԥшь ахь ааԥхьара иоуит. Ҭагалан, 1941 шықәсазы далахәын Москва ахьчаразы аидыслара. Акыр аамҭа уи ихабар ҳәа акгьы ыҟаӡамызт.
Абарҭ ашықәсқәа зегьы аибашьҩы изы архивқәа зегьы рҿы хабарда дыбжьаӡит ҳәа адыррақәа ыҟан. Аха арра-мемориалтә проект «Ахьӡ архынҳәра» аволонтиорцәа Урыстәыла атәылахьчара Аминистрра архив Хада аҿы ирыԥшааит адырранҵа. Уи аруаҩ Удмур Цурцумиа Смоленск ақалақь азааигәара ӷәӷәала дхәын, иԥсҭазаара далҵит ажьырныҳәамза 6, 1942 шықәса рзы, анышә дамадоуп Смоленсктәи аобласт аҿы ҳәа иарбан.
Афильм «Fragility»: аԥсҭазаареи акультуреи руашәшәыразаара азхәыцра.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Москва ақалақь аҿы Иреиҳаӡоу аекономика ашкол астуденткацәа Елизавета Ҳашбеи Ева Рафаелиани рдипломтә усумҭа, зметраж кьаҿу fashion-фильм «Fragility» («Ауашәшәыразаара») арбара мҩаԥысит.
Афильм авторцәа аҭоурыхтә, акультуратә, аетнографиатә, акинеотографиатә, алитературатә усумҭақәа рҟынтәи ироуз агәазҭазаарала авизуалтә хархәагақәа рхы иархәаны акультуратә, ауаҩытәыҩсатә, аԥсабаратә ԥсҭазаара ауашәшәыразаареи акульуратә ҭынха ахьчара аҵакдуреи иазхәыцит.
Ашәба Лаша Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 6,2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Аҟәа ақалақь ауааԥсыра!
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳҭнықалақь Аҟәа Амш!
Аҟәа – аҿиара, аизҳазыӷьара, ихьыԥшым Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥеиԥш лаша иасимволуп.
Аԥсны абылтәы џьармыкьа аҭышәынтәалара азы аамҭалатәи ауснагӡатәқәа ралагаразы Ақәҵара рыдыркылеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аҿы «Аԥсны абылтәы џьармыкьа аҭышәынтәалара азы аамҭалатәи ауснагӡатәқәа ралагаразы Ақәҵара рыдыркылеит.
Аԥсны абылтәы џьармыкьа алахәылацәа зегьы рзы еиҟароу аҭагылазаашьақәа раԥҵареи ареспубликаҿы абылтәы азымхара (адефицит) аԥхьырҟәҟәаареи хықәкыс иҟаҵаны, Аминистрцәа Реилазаара аҿы хәажәкырамза 1, 2022 ирыдыркылахьаз «Анефтаалыҵқәа рыхкқәак рзы аизакылаҭиратәии азаҵәылаҭиратәи ахәԥсақәа рышьақәыргылара аԥҟара ашьақәырӷәӷәареи анаӡаратә хәаахәҭратә цҵақәа рышьақәыргылареи рзы» Ақәҵара № 18 аиҭакрақәа ралагаларазы аӡбамҭа аднакылеит.
Ақәҵарала уажәтәи аамҭазы Аԥсныҟа абылтәы аимпорт амҩаԥгара азы алшара змоу анаплакқәак рыла нефтаалыҵ ахкқәак рыҭираан иҿыцу анаӡаратә ахәаахәҭратә цҵақәа шьақәнаргылоит. Иарбоу ақәҵара адкылара ахымԥадатәра ҳазҭоу 2024 шықәса ԥхынгәымза 1 аҟынӡа аус зуа Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Урыстәылантәи Аԥсныҟа абылтәы аагара хазхаҭалатәи азин зауа аагаҩ иалкааразы иаднакылаз аӡбамҭа иадҳәалахеит. Убри инамаданы, атәыла анапхгара аӡбамҭа аԥҟарақәа аамҭалатәи аҟазшьа рымоуп.
Ԥхынгәымза 1, 2024 шықәса инаркны абензин «Регуляр-92» аҭираан тоннак абылтәы азы ахәԥса ахь абарҭ анаӡаратә хәаахәҭратә цҵақәа алагалахоит:
– 8% – анефтаалыҵқәа еизакны аҭираан;
– 4% — Аԥсныҟа анефтаалыҵқәа хазхаҭала рекспорт амҩаԥгаразы аҷыдалкаатә зин змоу аилахәыра «Роснефти» уи иаҿыгоу анаплакқәеи абылтәы аагара азы аиқәшаҳаҭрақәа (аилаӡарақәа) зыбжьазҵаз анаплакқәа рыла аизакылаҭира ду амҩаԥгара аан;
– 10% –Аԥсны аҩныҵҟа иаахәаз анефтаалыҵқәа рыла азаҵәылаҭира амҩаԥгараан;
– 14% – Аԥсны аҩныҵҟа анефҭаалыҵ аимпортиорцәа рҟны аизакылаҭира ду аҳасабала иаахәаз анефҭаалыҵқәа рыла азаҵәылаҭира амҩаԥгараан;
– 18 % – Аԥсны анҭыҵ иаахәаз анефҭаалыҵқәа рыла азаҵәылаҭира амҩаԥгараан;
Аоктантә хыԥхьаӡара 95, ма уи инеиҳаны измоу абылтәы аҭираан анаӡаратә хәаахәҭратә цҵа наӡоит:
– 4% – анефтаалыҵқәа римпортиорцәа рыла аизакылаҭира ду аҳасабала анефтаалыҵқәа рыҭираан;
Ҭҟәарчал аплошьад Хада аҭеиҭыԥш аԥсахуеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Акыраамҭа зҭагылазаашьа ҽеимыз Ҭҟәарчал ақалақь аплошьад Хада аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагеит. Иԥҽхьаз ашьаҟамҩатә хаҳәцәы, ақәоурақәа раан аӡы зҭатәоз ажрақәа – ари зегьы хара имгакәа ауаа ргәалашәараҿы мацара иаанхоит.
«Ари аплощадь – ҳақалақь ахаҿы ауп. Араҟа ииасуеит хыԥхьаӡара рацәала аӡхыҽҽақәа рахь ицо атуристцәа, араҟа иҟоуп ихадоу административтә хыбрақәа, абанк», – ҳәа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рзы ирыдыркылаз аӡбамҭа далацәажәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Кәыҵниа.
Уажәы Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «СтройДом 2022» ашьаҟамҩақәа хаҳәцәыла рычаԥареи ацәхыԥқәа рышьақәыргылареи ирыдҳәалоу аусурақәа нанагӡоит. Уажәазы иазԥхьагәаҭоу 4 605 м² рҟынтәи ишьҭаҵоуп 2 400 м², уи аусурақәа зегьы рымҽхак аҟынтәи 50% аҟынӡа инаӡоит.
Анардкыларатә еиҿкаара адиректор Раули Шамугиа аусурақәа рхыркәшаразы иазыԥҵәоу аҽҳәарақәа оптимизмла дрыхәаԥшуеит. «Аконтракт ала ҳара аусурақәа ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа ихҳарәшароуп, аха амш шцо ицар, усҟан аусурақәа зегьы ҽҳәараанӡа рылгара ҳҽазаҳшәоит», - ҳәа иҳәеит иара.
Имҩаԥысит ареспублика азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа злахәыз Акоординациатә еилатәара.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа злахәыз Акоординациатә еилатәара апрокурор Хада Адгәыр Агрба ихантәаҩрала имҩаԥысит ахәаша, ԥхынгәымза 5 рзы.
Аԥсны апрокуратура Хада апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аилатәара иалахәыз, актәи аинстанциа иаҵанакуа аӡбарҭақәа рыла 2023 шықәсазы амцабџьар изакәанымкәа аныҟәгареи ахархәареи рганахьала ауаажәларратә шәарҭадара иаҿагылоу ацәгьоурақәа рзы ашьаусеилыргарақәа рыхәаԥшра аԥышәа азеиԥшрка алҵшәақәа ирылацәажәеит.
Ажәахә хада ҟаҵо дықәгылеит Аԥсны апрокуратура Хада аӡбаратә усбарҭа анапхгаҩы Даур Амҷба.
Каман ақыҭан иҭахаз Ешыра-Афонтәи абаталион аибашьцәа ргәаладыршәеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Шьҭа традициала ишьақәгылахьеит есышықәса ԥхынгәымза 5 рзы Каман ахы иақәиҭызтәуаз аветеранцәа реиԥлара. 31 шықәса раԥхьа ақыҭа ампыҵахалаҩ иҟынтәи аҭарцәра азы ишьаарҵәыраз аидысларақәа ахьцоз аҭыԥ аҿы есышықәса еиԥылоит Ешыра-Афонтәи абаталион аибашьцәа. Ацаҟьа аҟынтәи аӡыхь ахьыҵыҵуа аҭыԥ ааигәара хыԥхьаӡара рацәала ауаа еизоит, урҭ иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵоит.
Ҩажәи жәеиза шықәса раԥхьа, Аҟәа араион Каман ақырҭуа импыҵхын. Уи азы еиҿкааз ажәылара иалахәын Ешыра-Афонтәи абаталион. Иара убасгьы ари ажәылараҿ иҟан Дәрыԥшь, Лыхны, Аҷандара, Очамчыра араиони рҟнытәи аԥсадгьыл ахьчаҩцәа.
Еизаз ауаа рхыԥхьаӡараҿы иҟаз реиҳараҩык – Каман ақыҭа ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа рҟынтәи ахақәиҭтәра иалахәыз аветеранцәа, иҭахаз аибашьцәа рыԥшәмаҳәсақәа, рхәыҷқәа, ранацәа, Аԥсуа ар афицарцәеи араион ауааԥсыреи.
Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Диана Ԥлиа IX Урыстәылазегьтәи анаука-практикатә конференциа лхы алалырхәуеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Диана Ԥлиа ауаажәларреи аҳәынҭқарреи рыԥсҭазаара иадҳәалоу асоциалтә ҵакы злоу аусхкқәа рҿы ахылаԥшреи агәаҭареи рымҩаԥгара, ахылаԥшра-гәаҭаратә усбарҭақәа русура акадртә еиқәыршәара алыршара, уҳәа иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа ирызку IX Урыстәылазегьтәи анаука-практикатә конференциа лхы алалырхәуеит.
Аконференциа ԥхынгәымза 4 – 5 рзы Н. И. Лобачевски ихьӡ зху Нижегородтәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы имҩаԥысуеит.