pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынгәымза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аекономикатә шәарҭадара аусбарҭа аусзуҩцәеи Гәылрыԥшь араион аҩныҵҟатәи Аусбарҭеи Аҳәынҭстандарти русзуҩцәеи Уарча ақыҭа, ԥыхьатәи ашәҭааӡарҭатә совхоз аҵакыраҿы аус зуаз акриптофера рыԥшааит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Одиссеи Бигәаа Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатиев дидныҳәалеит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Одиссеи Бигәаа Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа Рминистр Витали Игнатьев идиныҳәалеит ПМР ААР ашьаҭаркра 32 шықәса ахыҵра.

 

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

 

Аҟәа. Ԥхынгәымза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 2 рзы Одиссеи Бигәааи Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика аофициалтә хаҭарнак Гарри Кәпалбеи реиԥылара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.

Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны Одиссеи Бигәааи Гарри Кәпалбеи Кавказнҭыҵ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи  Женеватәи аилацәажәарақәа 61-тәи араунд алҵшәақәа ирылацәажәеит, Урыстәыла иҟанаҵаз адгылара ҷыдала иазааҭгылеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 2,  2024 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион Мықә ақыҭан иҿыцу аӡеизгарҭатә  бааш аргылара иаҿуп. Уи аҭыԥантәи ашколи 28 ҭаацәареи аӡрыжәтә ала реиқәыршәара алнаршоит.

58-ҩык ахәыҷқәа ахьҭоу аҭыԥантәи ашкол аҿы акыр ауадаҩрақәа ыҟан аӡы амамзаара иадҳәаланы. Ашкол адиректор инапынҵақәа назыгӡо Изольда Ҭарба ашықәсҿцтәи аныҳәақәа раламҭалазы уаанӡа иҟаз аӡыҭра (абак) анкаҳа ашьҭахь, ашкол ӡыла аиқәыршәара зынӡа иаанкылеит ҳәа иазгәалҭеит.

«Ааигәа иҟаз аҵеиџь аҟынтәи аӡы изеиԥшразаалак асанитартә нормақәа ирықәшәомызт. Убри аан иазгәаҭатәуп ашкол аҿы ишаҭаху атехникатә ӡы адагьы аӡрыжәтәгьы. Ҳара дҳацхрааит ақыҭа ахада, иара ашкол ҳамҭас иаиҭеит аӡшьарҭра. Уи егьи ақыҭа аҟынтәи иааргоз аӡы ала идырҭәуан. Ҳара даара ҳаигәырӷьоит цәыббрамзазы, аҵарашықәс ҿыц аламҭалазы ашкол ӡыла аиқәыршәара ахьеиҭашьақәыргылахо», – ҳәа илҳәеит Изольда Ҭарба.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы абитуриентцәа рҟынтәи аҵараиурҭа аҭаларазы аусшәҟәқәа рыдкылара иалагеит.

Аусшәҟәқәа рыдыркылалоит ԥхынгәымза 14 аҟынӡа.

ААУ адкыларатә комиссиа аҭакзыԥхықә маӡанаыҟәгаҩ  Адгәыр Каоба иҟаиҵаз адыррақәа рыла, сынтәа ишьақәырӷәӷәоуп абитуриентцәа рыдкылара аплан: 374 абиуџьеттә ҭыԥқәа, иара убас 590 зыхә ршәо аҭыԥқәа.  Ашколхәыҷқәа ролимпиада «Аҳаракырақәа рахь амҩа» аихшьаалақәа рыла, 109-ҩык абитуриентцәа ауниверситет ахыԥхьаӡаларазы рыдгалара мҩаԥгоуп, урҭ мацара адкыларатә комиссиа ахь аусшәҟәқәа аларҵароуп.

«Сынтәа абиуџьеттә ҭыԥқәа 39 рыла еиҳауп иҳаҩсыз ашықәс азы аасҭа. Есышықәса абиуџьеттә ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара иацлоит.  Ари аҟара абиутуриентцәа ҳара уажәраанӡа иҳадҳамкылаӡацызт», – ҳәа иҳәеит Адгәыр Какоба.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Ԥхынгәыза 30, 2024 шықәса рзы Аҟәа ақалақь Апрокуратура аҳәарала Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбарала, Аҟәа ақалақь амилициа актәи аҟәша ахь амаҵуратә уалԥшьа анагӡаразы инашьҭыз Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа амилициа апункт «Алашарбага» аусҭҵааразы азинмчы змоу амилициа алеитенант Манча Иасон-иԥа Кьихьба ҩымз ҳәа дырбаандаҩуп.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аӡиудо азы XVI Жәларбжьаратәи атурнир  «Аԥсны Ахраҿа» аартра иазку аныҳәатә церемониа мҩаԥысит Аҟәа ақалақь, Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху аспорт Ахан аҿы.

Аицлабрақәа рхы аладырхәуеит Аԥсны, Белоруссиа, Урыстәыла (Адыгеиа,  ДЖәР, Камчатка, Ростовтәи аобласт) рҟынтәи хышәҩык инареиҳаны 2008-2010, 2011-2012, 2013-2014 шш. рзы ииз арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи.   Атурнир аҳәаақәа ирҭагӡаны 2015-2016  шықәсазы ииз арԥарцәа рзы еиҵаӡоу аразриадқәа ирыҵанакуа рыбжьаратәи аицлабрақәа мҩаԥгахоит.

Аицлабрақәа ирылахәхо ирыдныҳәалеит ақәҿиарақәагьы рзеиӷьаршьеит атурнир аӡбаҩ Хада Мекзум Алимови Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа анапхгаҩы Ельза Ҳагбеи.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Ԥхынгәымза 2 инаркны ԥхынгәымза 6 аҟынӡа  Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥыслоит «Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь игәалашәара Ахраҿа агара азы» ахацәа ркомандақәа рыбжьара амҵәышәмпыл азы Жәларбжьаратәи атурнир, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.

Атурнир иалахәхоит аа-командак:  Аԥсны Урыстәылеи (Ҟарачы-Черқьесстәи Ареспублика, Краснодартәи атәылаҿацә, Лугансктәи Жәлартә Республика, Волгоград, Владикавказ, Ростовтәи аобласт аҟынтәи акомандақәа ҩба).

Аҟәа. Ԥхынгәымза  2,  2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2024 шықәса фымз рыла 23 222-ҩык апассаџьырцәа  афымцадәыӷба «Ласточка» ала рыиагара алыршахеит.

Зегь реиҳа апассаџьырцәа Аԥсныҟа иааит рашәарамзазы - 7 890-ҩык, мшаԥымзазы - 5 861-ҩык, лаҵарамзазы - 4 032-ҩык, хәажәкырамзазы - 2 400-ҩык, ажьырныҳәамзазы - 1 719-ҩык, жәабранмзазы – 1 320 –ҩык.

Афымцадәыӷба «Ласточка» рашәарамза 8, 2023 шықәса инаркны Шәачеи Гагреи ирыбжьоуп.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Тамшь ақыҭаҟны 31 шықәса раԥхьа Тамшьтәи адесант аӡхыҵра амш аҽны Ахьӡ-Аԥша Абаҟаҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.

Ашәҭшьҭаҵара ацеремониа иалахәын 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, аиҳабыра алахәцәа, Администрациақәеи ақыҭақәеи рхадацәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.