pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар! Ишәыдысныҳәалоит ҳаҳҭнықалақь Аҟәа ахақәиҭтәра 30-шықәса ахыҵра амш. 1993 шықәса, цәыббрамза 27 Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҟны фырхаҵара згым, аҵак  ду змоу арыцхәқәа ируакуп.

Абри амш аҽны ихыркәшан Аҟәа зегьы ахьынӡанаӡааӡо ахақәиҭтәразы 11 мшы ицоз аоперациа.

Ҳархәҭақәа Аԥсны аҳҭнықалақь абираҟ шәыршәыруа ианахадыргыла ашьҭахь, ҳтәыла ахи-аҵыхәеи аӷа дықәцаны аҭарцәразы ажәылара иацырҵеит.

Аҟәа аҭарцәра марианы иҟамлаӡеит. Иҳацәҭахеит шәҩыла ҳҵеицәа гәымшәақәа, иара убас аԥсуа жәлар зҭагылаз аамҭа хьанҭақәа раан аиашьара рзырурц иааз хатәгәаԥхаралатәи  аибашьцәа. Рыхьӡ кашәаа ақәым урҭ, хьӡи-ԥшеи згым афырхацәа!

Аҟәа. Цәыббрамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  71-шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит апоетесса Инна Ҳашԥҳа.

Аԥсуа поетеса, апублицист, ауаажәларратә усзуҩ, ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аредактор хада Инна Никәала-иԥҳа Ҳашба диит лаҵарамза 20, 1953 шықәса Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭан. Асовет Еидгылеи (1989) Аԥсни ашәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәла, Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла алахәыла.

1979 шықәсазы - А.М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә Институт афилологиатә факультет далгеит.

1977 шықәса инаркны — Агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» акорреспондент.

1985 шықәса инаркны — Аԥснытәи аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа аредактор, иара убри ашықәс анҵәамҭа инаркны — ажурнал «Алашара» аредакциа аҟәша анапхгаҩы.

1995 шықәса инаркны — Д. И.  Гәлиа ихьӡ зху Алитература-мемориалтә музеи адиректор.

2003 - 2005 шш. — Аԥсны ашәҟәыҩцәа Реидгыла Алитературатә фонд адиректор.

2007 шықәса инаркны ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аредактор хадас дыҟан.

Лара аԥсҭазааратә ԥышәа ду лоуит, уи леиҿкааратә лшарақәа аиҳарак ала иаарԥшхеит Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Алитература-мемориалтә музеи адиректорс даныҟарҵа ашьҭахь, иара убас Аԥсны ашәҟәыҩцәа Реидгыла Алитературатә фонд адиректори ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аредактори рмаҵураҭыԥ аҿы аус анылуаз. Инна Никәала- иԥҳа аус ахьылуазаалагьы аус лыцузуаз зегьы рҿы ҳаҭар лықәын.

Инна Ҳашба 1972 шықәса раахыс лырҿиамҭақәа акьыԥхь ахь ицәырҵуан. Уи лажәеинраалақәа, лочеркқәеи лыстатиақәеи кьыԥххьон ажурналқәа: «Алашара», «Абаза»; агазеҭқәа: «Аԥсны ҟаԥшь», «Аԥсны», «Еҵәаџьаа», «Литературная газета» (ақ.Москва); аизгақәа: «Однажды в апреле. Стихи» (ақ. Қарҭ, 1982ш.), «...Памятник нам сыновей не заменит... Стихи и песни» (ақ. Аҟәа, 1994ш.), «Ахаҵарашәа. Ажәеинраалақәа. Ажәабжьқәа. Астатиақәа. (Аҟәа–Сухум, 1995); во втором томе «Аԥсуа поезиа Антологиа. XX ашәышықәса» (Аҟәа–Москва, 2001; 2009)уҳәа убас иҵегьы.

Аҟәа. Цәыббрамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Хабарда ибжьаӡны иҟаз Аԥсны ар аибашьцәа Леонид Пкьыни Арсен Ефендиеви рыԥсыбаҩ ахаҭара анышьақәдыргыл ашьҭахь  анышә амадара иазку алахьеиқәҵаратә митинг мҩаԥысит Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы. 

Алахьеиқәҵаратә митинг аартуа, Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ  Авҭандил Сурманиӡе, Аԥсны иахьа уажәраанӡа ирацәаны иаанханы иҟоуп  зыбаҩ ахаҭара шьақәыргылам аԥсуа еибашьцәа, ҳәа иазгәеиҭеит.

«Иахьа ҳзеизаз афырхацәа ҭахеижьҭеи акрааҵуеит, аха урҭ рыԥсыбаҩ ахаҭара шьақәыргыламызт. Аԥсны иахьа уажәраанӡа ирацәаны иаанханы иҟоуп  зыбаҩ ахаҭара шьақәыргылам аԥсуа еибашьцәа. Ари даара иуадаҩу усуп. Урҭ Аиааира рхы ақәырҵеит», – ҳәа иҳәеит иара.

Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Давид Бжьаниа иажәақәа рыла, иарбан жәларызаалакгьы, иарбан тәылазаалакгьы, Аиааиреи Ахьыԥшымреи рышьақәыргылара рзымариамызт.

Аҟәа. Цәыббрамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны Атәанчаҩратә фонд ахантәаҩы Денис Гәылариа далархәны хазы игоу акатегориақәа  ирыҵанакуа атәылауаа ртәанчаратә еиқәыршәара азҵаарақәа ирызкны аилатәара мҩаԥигеит. Араҟа Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз анапынҵа ала, атәыла Анапхгара ҳазҭоу ашықәс азы 4 категориак ирыҵанакуа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз  рҭаацәа зныктәи аԥаратә цхыраара рыҭаразы иаднакылаз аӡбамҭа анагӡара атәы иалацәажәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

Иарбоу аӡбамҭа инақәыршәаны, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рҭаацәарақәа ацхыраара рыҭахоит. Аиааиреи Ахьыԥшымреи 30 шықәса рхыҵра ахьӡала иаку ашәатәқәа раҳасабала 20-20 нызықьмааҭ рзыршәоит иҭахаз рҭаацәарақәа категориала еихшаны:

–  иҭахаз рҭаацәараҟны аусура злымшо;

– аибашьраҟны хатәгәаԥхарала еибашьуаз, иҭахаз рҭаацәа;

– жьҭаарамза 1993 шықәса инаркны ԥхынҷқәынмза 1994 шықәса ирыбжьанакыз аамҭазы иҭахаз хатәгәаԥхарала еибашьуаз рҭаацәа;

– аибашьраан иҭахаз рҭаацәараҟны аинвалид итәанчахәы зауа;

Аҟәа. Цәыббрмза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  1992–1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи  еибашьраан хабарда ибжьаӡит ҳәа иԥхьаӡаз ҩыџьа ауаа рыԥсыбаҩ ахаҭара шьақәыргылахеит, ҳәа адырра ҟаҵоуп Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет Амиссиа апресс-релиз аҿы. 1992–1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан хабарда ибжьаӡыз ауаа рыуацәа, Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет ацхыраарала ирзааигәаз ауаа рыԥсыбаҩ ахаҭара ашьақәыргылара алыршахеит ҳәа адырра ҟарҵеит. Аибашьцәа рыԥсыбаҩ рыԥшаара 1992-1993 шш. иҟалаз бџьаршьҭыхлатәи аиҿагылареи уи иашьҭанеиуаз ахҭысқәеи раан хабарда ибжьаӡыз  ирлахьынҵахаз аилкааара иазку агуманитартә Координациатә механизм аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны  имҩаԥысит. 

Амеханизм Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет адгыларала 2010 шықәса раахыс аус ауеит, уи аилазаара иалоуп аԥснытәи еиԥш қырҭтәылатәи алахәылацәагьы. Амеханизм агуманитартә ҟазшьа амоуп, хабарда ибжьаӡыз ауа рҭаацәа рыхьӡала аус ауеит.

Аибашьца рыԥсыбаҩ анышә амадара иазку ацеремониа аламҭалаз иҭахаз аибашьцәа рҭаацәеи рҭынхацәеи ирзааигәаз ауаа рыԥшаара апроцесс шымҩаԥысуаз, иара убас аӡбара-медицинатә маҵзурақәеи апсихологцәеи аиҿкаара «Бридж» аҟынтәи аҭыԥантәи аспециалистцәеи злахәыз урҭ рыԥсыбаҩ аҵхреи аилкаареи  иадҳәалоу апроцесс  амҩаԥысшьа азы азҵаарақәа рыҭареи аинформациа аиуреи рзы алшара роуит.

Аҟәа. Цәыббрамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз аибашьцәа рбаҟа аадыртит Очамчыра араион Маркәыла ақыҭан.   

Абаҟа аартра ацеремониа рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, атәыла Анапхгара алахәылацәа, иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи, аветеранцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

Аҟәа. Цәыббрамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳҭнықалақь Гәысмҭа аҳаблаҿы 1993 шықәсазы Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз ажәылара аҿы иҭахаз аибашьцәа рбаҟа дыргылеит.   

Амемориал аартразы аидеиа рызцәырҵит аҭыԥантәи ауааԥсыра. Абаҟа аргылара Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьниеи Аҟәа ақалақь Ахадареи рҟынтәи ацхыраара иабзоураны имҩаԥысит.

Аҟәа. Цәыббрамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк  аҿы, абар 30 шықәса раахыс 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан хабарда ибжьаӡит ҳәа иԥхьаӡаз аԥсуа еибашьцәа ҩыџьа –  Ефендиев Арсен Сулҭан-иԥеи Аԥсны Афырхаҵа, аԥырҩы Ԥкьын Леонид Висарион-иԥеи рыԥсыбаҩ ахаҭара шьақәыргыланы анышә рамадара иадҳәалоу алахьеиқәҵаратә церемониа мҩаԥысит.   

Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы еизеит шәҩыла ауаа –аибашьцәа-фархацәа рыуацәеи рҭынхацәеи, ирыцеибашьуаз, рҩызцәа, ареспублика анапхгара, ауаажәларра ахаҭарнакцәа.

Аибашьцәа рыԥсыбаҩ рыԥшаара 1992-1993 шш. иҟалаз бџьаршьҭыхлатәи аиҿагылареи уи иашьҭанеиуаз ахҭысқәеи  раан хабарда ибжьаӡыз  ирлахьынҵахаз аилааара иазку агуманитартә Координациатә механизм аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны  имҩаԥысит.  

Амеханизм Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет адгыларала 2010 шықәса раахыс аус ауеит, уи аилазаара иалоуп аԥснытәи еиԥш қырҭтәылатәи алахәылацәагьы. Амеханизм агуманитартә ҟазшьа амоуп, хабарда ибжьаӡыз ауа рҭаацәа рыхьӡала аус ауеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны апрокурор Хада Адгәыр Агрба атәыла амҩақәа рҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа даараӡа иуадаҩуп ҳәа иазгәеиҭеит.

«Ари ҳара зегьы ҳзы даара иуадаҩу, зыԥшра ҟамҵакәа зыӡбара алыршатәу проблемоуп. Избан есышықәса ҳара ҳамҩақәа рҿы амҩатә машәыр иахҟьны иҭахо рхыԥхьаӡара изацло? Ари аҭагылазаашьа арҽеира азы иарбан уснагӡатәқәоу зегь раԥхьӡа иргыланы имҩаԥгатәу?» – ҳәа иахьа ареспублика амҩақәа рҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иазкны имҩаԥысыз акоординациатә еилатәара аҿы дықәгыло аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҳәынҭқарратә автоинспекциа анапхгаҩы  Валентин Ҭраԥшь иахь ихы рханы абарҭ азҵаарақәа ҟаиҵеит апрокурор Хада Адгәыр Агрба.

Апрокурор Хада аҳәынҭқарратә автоинспекциа анапхгаҩы амҩақәа рҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа арҽеиразы дызлацәажәаз ауснагӡатәқәа зегьы «ари жәашықәсақәа рзы азԥхьагәаҭарақәа роуп» ҳәа иазгәеиҭеит.

Валентин Ҭраԥшь иажәақәа рыла, иахьатәи амш азы амҩатә машәыртә хҭысқәа рхыԥхьаӡара аиҵатәра ззалмыршахо амзысқәа иреиуоу маҷӡам.  

«Ауаа лассы-ласы ижәны, мамзаргьы арҩышьыгатә маҭәашьар рыдкыланы амашьына аԥсҟы ркуп. Ари зегьы иреиҳау проблемаӡам. Иара убас амҩатә инфраструктура еиӷьзар алшон. Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аусзуҩцәа еиӷьны разыҟаҵара алыршазароуп, апрофиссионалтә кадрқәа разымхара ыҟоуп, уҳәа убас ирацәаны ауадаҩрақәа ыҟоуп», –  ҳәа иҳәеит Валентин Ҭраԥшь.

Апрокурор Хада ихаҭа амашьына шныҟәицо азгәаҭо, лассы-лассы хаҭала амҩаҿы азинеилгарақәа дышрықәшәо иҳәеит. «Сара схаҭа амшьына аԥсҟы скуп.  Лассы –лассы уахынла амҩа сықәлоит, уи хықәкыла иҟасҵоит. Уаҳа ус сымамкәа акәым, схала избар сҭахуп аҳҭнықалақь аҿы иҟоу. Лассы-лассы сыблала избоит ақалақь агәаҿы иаартны аилагарақәа шыҟало, аха убри аан автоинспекциа аусзуҩцәа уи зынӡа хырҩа анарымҭо.  

Сара аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгараҭарахь сасуеит, избан акәзар, сыпрокурорны сыҟоуп, уи азхьамԥшра азин сымаӡам. Сара иҟазҵаз адыррақәа мацарала иаанкылан, анаҩс рымхра мҩаԥган жәабала амашьынақәа. Ҳара иаҳҭахума зусура ишахәҭоу иназмыгӡо аусзуҩцәа?» –  ҳәа дҵааит апрокурор Хада.

Адгәыр Агрба аилатәара аҿы иаҳаз аҟынтәи  иара амҩақәа рҿы аҭагылазаашьа еиӷьымхаӡеит, уимоу, 2022  шықәсазы иҭахаз рхыԥхьаӡара еиҳахеит ҳәа алкаа ҟауҵар ауеит ҳәа иазгәеиҭеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 30 – Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа аҽны имҩаԥысраны иҟоуп 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш  30-шықәса ахыҵра иазку акциа «Ԥсра зқәым аполк».

Абри азы иахьа И.Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциа аҿы адырра ҟарҵеит аибашьра иалахәыз аҳәса-аинвалидцәа Рассоциациа ахантәаҩы Лариса Ҭарбеи амобилтә еимадара Аилазаара  «А-Мобаил» ахаҭарнак Асҭанда Ҷкадуа.

Асҭанда Ҷкадуа ажурналистцәа акциа шымҩаԥысло атәы рзеиҭалҳәеит:

«Ԥсра зқәым аполк» – ари абар шьҭа акыр шықәса инеиԥынкыланы есышықәса Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа азы имҩаԥысуа жәлар ракциа ауп. Амобилтә еилазаара «А-Мобаил» аибашьра иалахәыз аҳәса-аинвалидцәа Рассоциациа акциа амҩаԥгараҿы ацхыраара рынаҭоит. Сынтәа «Ԥсра зқәым аполк» ареспубликатә ҩаӡараҿы аиҿкаразы ҳара афотосахьақәа ркьыԥхьра, абираҟқәа реиқыршәара, амҩасра алахәылацәа аӡрыжәтәи егьырҭ ихымԥадатәиу амаҭәахәқәеи рыла реиқәыршәара азы аҭакқхықәра ҳхахьы иаҳгеит», –  ҳәа илҳәеит лара.

Акциа алахәылацәеи аибашьра аветеранцәеи рзы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра иазку агәышԥытә дыргаҷқәа рхиоуп.

«Урҭ ҳара аҭыԥаҿы иаҳшалоит. Акциа иалахәхо реизгара алагоит Аԥснытәи адраматә театр аҿаԥхьа, Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы, асааҭ  10.30 рзы. Уаҟа ҳара урҭ афотосахьақәа рзаҳшоит», - ҳәа илҳәеит Асҭанда Ҷкадуа.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.