
pressadmin-2
Аслан Бжьаниа аруаа иааиуа Аиааира Амшныҳәа рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа Атәылахьчара аминистрра аусзуҩцәа Аиааира амш рыдиныҳәалеит
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Атәылахьчара аминистрраҟны имҩаԥысуаз Аиааира амш иазкыз аныҳәатә еизара далахәын.
Аусмҩаԥгатә мҩаԥысуан Аҟәа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны.
Аҳәынҭқарра Ахада арратә усбарҭа аусзуҩцәа иааиуа Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш рыдиныҳәалеит.
"Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит иааиуа Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш ныҳәа!
Аԥсны жәлар 30 шықәса раԥхьа имҩаԥысуаз ашьаарҵәыратә еибашьраҟны аиааира агеит иреиӷьыз арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи рыԥсҭазаара ахҭынҵаны.
Аӷа абџьарла деиқәных Аԥсны даналала, уи иҿагылара зылшоны иҟаз архәҭаны иҟаз Хазы игоу аҩныҵҟатәи архәҭақәа рполк акәын.
Аха аибашьра ахьанҭара аиҳарак ажәҩа иқәлеит усҟан ашьақәгылара иалагаз жәлартә ардыԥхьала. Ашәарыцага шәақьқәеи иажәхьаз абџьари рыла ажәлар ақәылаҩ иԥылеит Аԥсны мрагылареи мраҭашәареи рганахь ала, атәылахьчаратә ҳәаа шьақәдыргылеит Гәмысҭа аӡиас аԥшаҳәаҟны.
Нанҳәамза 18 рзы иаԥҵан Аладислав Арӡынба дызхагылаз Атәылахьчаразы Аҳәынҭқарратә Комитет. Абас ихацыркхеит атәылахьчара аиҿкааразы иҟаз алшарақәа зегьы.
1992 шықәса жьҭаарамза 2 рзы ҳархәҭақәеи хатәгәаԥхаралатәи аотриадқәеи еидгыланы Гагра аҭарцәра рылшеит.
Усҟан еилкаан Аԥсны Аҳәынҭқарра ахыхьчара зылшоз Ар аиҿкаара шалшаз. 1992 шықәса жьҭаарамза 11 рзы иаҵаҩын Атәылахьчара аминистрреи Аштаб хадеи раԥҵаразы Аусԥҟа. Ари арыцхә официалл Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа раԥҵара Амш ҳәа иԥхьаӡоуп.
Анаҩстәи ахҭысқәа иаадырԥшит Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа лыҵшәа бзиала аибашьра шрылшоз ҩ-фронтк рыҟны, апозициатә еибашьреи апартизантәи адесанттә операциақәеи, иара убас ақалақь аҩныҵҟеи ашьхарақәеи рыҟны аибашьра еицымҩаԥго.
Иаԥҵан арратә ԥшыхәра, арра-мшынтә флот, артиллериатә мчқәа, авиациа, Аҳауаҟны атәылахьчара.
Аибашьраҟны аиааира агарала Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рыҿиара ауасхыр азышьҭаҵан.
Виачеслав Володин Лаша Ашәба Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш идиныҳәалеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володин Аԥсны жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Лаша Ныгәзар-иԥа! Ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа!
Владимир Путин Аслан Бжьаниеи Аԥсны ажәлари Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла Ахада Владимир Путин Аслан Бжьаниа Аиааира амш идиныҳәелит.
Адныҳәалара атекст аҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа,
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра аныҳәа - Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш.
30 шықәса раԥхьа зхы иақәиҭу аҳәынҭқарра аԥҵаразы азин ашьақәырӷәӷәара зылшаз аԥсуа жәлар рфырхаҵара аԥсуа жәлар хацәнмырха ақәԥараҟны ахақәиҭразы, аҭынч ԥсҭазааразы азин ашьақәырӷәӷәара рылшеит.
Урыстәыла ашәарҭадара Афедералтә Маҵзура аҳәаахьчаратә Усбарҭа аиҳабы Андреи Иури-иԥа Кудимов Аслан Бжьаниа Аиааира Амш идиныҳәалеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла Ашәарҭадара Афедератә Маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы Андреи Иури-иԥа Кудимов Аслан Бжьаниа Аиааира амш идиныҳәелит.
Адныҳәалара атекст:
"Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа,
Урыстәыла Ашәарҭадара Афедератә Маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа анапхгареи аусзуҩцәеи рыхьӡала ишәыдысныҳәалоит 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира 30 шықәса ахыҵра!
Аибашьра Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭоурых итрагедиатәу, фырхаҵара згым даҟьаны ианылеит. Аԥсны жәлар ашьа каҭәаны адәныҟатәи ақәылаҩ иҿагылара, ахақәиҭра хьчаны, атәыла асуверенитет аиқәырхара алшеит.
Ари амш Аԥсны Аҳәынҭқарра ажәлар ракра иасимволны иҟалеит. Уи иалшеит ахақәиҭразы иамаз агәазыҳәара, амилаҭтә ҳаҭыри аԥеиԥш бзиеи рзы азин ашьақәырӷәӷәара.
Гәык-ԥсык ала Шәаргьы Аԥсны жәларгьы ирзеиӷьасшьоит аҭынчра, ахирра, аизҳазыӷьара.
Аԥсныҟа аара иаҿуп Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәа рнапхгаҩцәа аофициалтә делегациақәа.
Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ахәылбыҽха, цәыббрамза 29 рзы Аԥсныҟа иааит Ареспублика Башкортосҭан аделегациа. Аделегациа напхгара аиҭоит ареспублика Ахада Ради Хабиров.
Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы аделегациа ирԥылеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани акультура аминистр Даур Ақаҩбеи.
Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп – Анапхгара аԥыза-министр Андреи Назарови адәныҟаекономикатә еимадарақәеи аконгресстә усуреи Рминистрра ахаҭарнак Олег Назарови.
Ахәаша ахәылбыҽха Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы Аԥсныҟа иааит Нхыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика-Аланиа Ахада Сергеи Мениаило.
Дмитри Медведев: «Урыстәыла аԥхьаҟагьы аиашьаратә республика Аԥсны ашәарҭадареи аҿиареи ралыршараҟны ацхыраара ҟанаҵалоит».
Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла Ашәарҭадара Ахеилак Ахантәаҩы Ихаҭыԥуаҩ Д. Медведев Аԥсны Ахада Аиааира амш идиныҳәелит.
Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
"Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа,
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аиааиреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымреи рымш!
Абри амш аҽны ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит 30 шықәса раԥхьа зхы иақәиҭу аҳәынҭқарра аԥҵаразы азин ашьақәырӷәӷәара зылшаз аԥсуа жәлар рфырхаҵара.
Иахьа Аԥсны хьаҳәа-ԥаҳәарада ҳаамҭазтәи адемократиатә уаажәларра аԥҵара амҩа иануп.
Михаил Шургалин Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аиааира Амш идиныҳәалеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аиааира Амшныҳәа идиныҳәелит.
Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа,
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аиааиреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымреи рымш!
30 шықәса рышьҭахь аԥсуа жәлар фырхаҵарала аибашьраҟны ахақәиҭразы азин ашьақәырӷәӷәара рылшеит. Ари аиааира аҳәынҭқарра ахала аҿиареи жәларбжьаратәи ауаажәларра алахәразы азин змоу ҳәынҭқарраны аҟаларазы амҩа аанартит.
Ахыҵ Уаԥстәыла Ахада Алан Гаглоев Аԥсныҟа дааит.
Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Алан Гаглоев аԥшьаша ахәылбыҽха, Аԥсны Аҳәынҭқарра даҭааит Аиааира амши Ахьыԥшымреи 30 шықәса ахыҵра иазку аусмҩаԥгатәқәа иҽрылаирхәырц азы.
Аԥсны-урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ҳәааҿы ауаԥс делегациа дырԥылеит Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, иара убас аиустициа аминистр Анри Барцыц, Гагра араион Ахада Иури Ҳагәышь.
Аҟәа ақалақьтә Еизареи Владикавказ ақалақьтә Еизара ахаҭарнакцәеи аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 29 рзы Аҟәа ақалақьтә Еизареи Владикавказ ақалақьтә Еизареи аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара азы Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.
Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиеи Владикавказ ақалақь амуниципалтә еиҿкаара Ахада Алеқсандр Пациорини.
Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа 30-шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы Аҟәа ақалақь ахь иааны иҟоуп Алеқсандр Пациорини уи ицхырааҩ Сослан Техови.
Аҟәаҟа иара убас иааит Санкт-Петербург Азакәанԥҵаратә Еизара адепутат, азинеиҿкаареи азакәанреи рзы есымша аус зуа акомиссиа алахәыла Владимир Носов напхгара зиҭо Санкт-Петербург ақалақьтә Еизара аделегациеи Москватәи ақалақьтә Дума ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, ақалақьтә нхамҩеи анхаратә политикеи рзы акомиссиа ахантәаҩы, аполитикатә партиа «Урыстәыла акзаара» афракциа анапхгаҩы Сҭеԥан Орлов напхгара зиҭо Москватәи ақалақьтә Еизара аделегациеи.
Асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, Дмитри Осиа иҳәеит:
- Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара иадҳәалоу ҳгәырӷьара ду ҳацеиҩышәшарц шәахьааз иҭабуп ҳәа шәаҳәоит. Санкт-Петербургтәи Азакәанԥҵаратә Еизареи ҳақалақьтә Еизареи 2016 шықәса раахыс аусеицура ҳабжьоуп. Москватәи ақалақьтә Еизареи ҳареи аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра ҳҽазыҟаҳҵоит. Иахьа Алеқсандр Пациорини сареи Аҟәа ақалақьтә Еизареи амуниципалтә еиҿкаара – Владикавказ ақалақьтә Еизареи рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара азы Аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵаҳаҩуеит. Жәаҳәарада, уи ҳреспубликақәа аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рыбжьара анаҩс аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара иацхраауеит.
Аракетатә дәыӷба “Циклон» Аҟәатәи амшынтә баӷәаза иаадгылеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла Амшынеиқәатә флот аракетатә дәыӷба маҷ «Циклон» цәыббрамза 30 рзы имҩаԥысраны иҟоу, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы ахәаша, цәыббрамза 29 рзы Аҟәатәи амшынтә баӷәаза иаадгылеит.
Амшынтә баӷәаза асқьала аҿы урыстәылатәи амшынуаа ирԥылеит Урыстәылатәи Афедерациа Афедерациа Ахеилак аделегациа алахәылацәа, атәылахьчра аминистр Владимир Ануа напхгара зиҭо Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аделегациа ахаҭарнакцәа, Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа.
Аиԥылара аҿы иара убас Аԥсны атәылахьчара Аминистрра арратә оркестр ақәгылара мҩаԥысит.