
pressadmin-2
ААУ аҿы Мирон Шамба игәалашәара иазкны аԥхьарақәа мҩаԥысуеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы иналукааша Аԥсни Урыстәылеи ауаажәларра-политикатә усзуҩ, азиндырратә наукақәа рдоктор, апрофессор Тарас Мирон-иԥа Шамба диижьҭеи 85- шықәса аҵра инамаданы I Жәларбжьаратәи анаука-практикатә конференциа «Амилаҭтә зинтә системақәеи ҳаамҭазтәи адунеиеиҿкаареи» аатит.
Жҭаарамза 3 рзы Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадеи адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иԥылараны иҟоуп.
Аҟәа. Жьҭаарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 3 рзы Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови реиԥылара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.
Аиԥылара алахәылацәа аҩганктәи аизыҟазаашьақәа, арегионалтәи жәларбжьаратәи апроблематика иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәараны иҟоуп.
Иара убас, Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Аслан Гаглоеви адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоееви злаху х-форматкны иҟоу аиԥылара – Аԥсны-Урыстәыла-Аахыҵ Уаԥстәыла мҩаԥысраны иҟоуп.
Валентина Матвиенко Лаша Ашәба аҳәынҭқарратә ныҳәа идылныҳәалеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Валентина Матвиенко Лаша Ашәба аҳәынҭқарратә ныҳәа идылныҳәалеитУА Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенко Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи адепутатцәеи Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш идылныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«УА Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак ахьӡала Шәаргьы шәколлегацәагьы ишәыдысныҳәалоит Аиааиреи ахьыԥшымреи рымш.
Аԥсны атәылауаа рзы ари арыцхә аҵак ду амоуп, аҳәынҭқарра аҿиареи асуверенитети ирсимволуп. 30 шықәса раахыс ареспублика шьаҿа ӷәӷәала аҭышәынтәалареи аизҳазыӷьареи, ауааԥсыра рыԥсҭазаашьа аиӷтәреи рымҩа иануп.
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аԥсны жәлар Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 30 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш азгәарҭоит. Ашәба Лаша Аиааира 30 шықәса ахыҵра амш азы Аԥсны жәлар дрыдныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
Ҳаҭыр зқәу 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа!
Акыр иаԥсоу ҳауаажәлар!
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Аиааиреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымреи рымш!
1993 шықәса цәыббрамза 30 – ҳара ҳзы аҵак ду змоу рыцхәуп. Аҭоурыхтә ҵакы змоу ари амш иацуп 1992–1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра ахьанҭара зыжәҩа иқәызхыз рызгәдура.
Ампыҵахаларатә ақыртуа архәҭақәа рҿагыларааан иааԥшит Аԥсны жәлар ргәамчи реидгылареи, ҳаибашьцәа - ҳаԥсадгьыл ахьчаҩцәеи еиуеиԥшым арегионқәа рыҟнытә иааны урҭ иарӷьажәҩаны ирыдгылази рфырхаҵареи ргәымшәареи.
Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз Рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.
Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭтәра ҟалеижьҭеит 30-шықәса ҵит. Цәыббрамза 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш.
Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы 1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз Рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.
Иҭахаз афырхацәа ҳаҭырла иргәаладыршәарц арахь иааит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Жәлар Реизара –Апарламент адепутатцәа, атәыла Анапхгара алахәылацәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аԥсны иҟоу Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика Ахаҭарнакра ахада Гарри Кәпалба, аибашьра аветеранцәеи иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи, ауаажәларра ахаҭарнакцәа.
Аслан Бжьаниа Аԥсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит Аҟәа араион Алада Ешыра ақыҭан.
Владислав Арӡынба ҳаҭырла дыргәаладыршәарц арахь иааит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Апарламент адепутатцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
Актәи аԥхьараҿы Атәанчаҩратә Фонд абиуџьет азы азакәан аиҭакрақәа алагалахеит. .
Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьараҿы «Аԥсны Аҳәынҭқарра 2023 шықәсазы Атәанчаҩратә Фонд абиуџьет азы» азакәан аиҭакрақәа алагалара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.
Апроект адгалара мҩаԥигеит абиуџьети акредиттә еиҿаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь.
Аиҭакрақәа ралагалара афонд ахарџьқәа хазы игоу ахырхарҭақәа ркорректировка ахымԥадатәра иадҳәалоуп.
«Атәанчаҩратә еиқәыршәара» аҟәша ала ахарџьқәа 23 млн. мааҭ рыла аизырҳара азы адгалара ҟаҵоуп. Арҭ ахархәагақәа Аԥсны жәлар Рџьнџьтәылатәи еибашьраҟны Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра инамаданы (1150 – ҩык 20-20 нызықь мааҭ), зныктәи аԥаратә цхыраагӡақәа рызшәара иазырхахоит.
Ашәатәқәа рызшәахоит ԥшь-категориак ирыҵанакуа атәанчахәы зауа атәылауаа:
- 1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы хатәгәаԥхарала еибашьуаз, иҭахаз рҭаацәа;
- 1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз рҭаацәа иреиуоу аусура злымшо доусы рыцыԥхьаӡа рзы;
- 1993 шықәса жьҭаарамза инаркны 1994 шықәса ԥхынҷкәынмзанӡа иҭахаз хатәгәаԥхарауаа рҭаацәа;
- аинвалидразы атәанчахәы аиуразы азин змоу, 1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз рҭаацәа иреиуоу ахаҿқәа.
Аҳәынҭқарра Ахада атәылахьчара Аминистрра акомандаҟаҵаратә еилазаара изаамҭанытәиу арратә хьӡқәа ранеишьеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа аламҭалазы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа атәылахьчара Аминистрра акомандаҟаҵаратә еилазаара изаамҭанытәи арратә хьӡқәа ранашьаразы Аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит.
«Аинрал-леитенант» ҳәа изаамҭанытәиу арратә хьӡы ранашьахеит:
Аҳаирҿагыларатә хьчара аинрал-маиор, Арра-ҳаиртә мчқәа ркомандаҟаҵаҩ Адгәыр Гәымба;
Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ, атәылахьчара Аминистрра аматериал-техникатә еиқәыршәара Аусбарҭа анапхгаҩы, аинрал-маиор Нодар Аҩӡба;
Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ, атәылахьчара Аминистрра арезервтә хәҭақәеи аҟәшақәеи разыҟаҵара азы Аусбарҭа анапхгаҩы, аинрал-маиор Лизберт Поцхор-оглы.
«Аполковник» ҳәа изаамҭанытәиу арратә хьӡы ианашьахеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа рыштаб Хада анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ, аподполковник Вадим Камкиа.
Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа «Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира 30 шықәса ахыҵра» амедал анашьаразы адҵақәа инапы рыҵаиҩит.
Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануа аԥшьаша, цәыббрамза 28 рзы «Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира 30 шықәса ахыҵра» амедаль ранеишьеит Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаа Беслан Ҵәыџьбеи Лизберт Ԥоцхор-огли.
Аиубилеитә медаль иара убас ианашьоуп Аслан Бжьаниа, Александр Анқәаб, Рауль Ҳаџьымба, Мираб Кьишьмариа, Владимир Какалиа, Сергеи Шамба.
Рыԥсҭазаара ианалҵ ашьҭахь «Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира 30 шықәса ахыҵра» амедаль ранашьоуп Владислав Арӡынба, Сергеи Багаԥшь, Владимир Аршба, Сулҭан Сосналиев, Сергеи Дбар, Гиви Агрба, Владимир Мқанба, Виачеслав Ешба.
Очамчырантәи Ҭҟәарчалҟа аԥсҭазаара амҩала имҩасуеит 1000-ҩык инарзынаԥшуа.
Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Акциа «Аԥсҭазаара амҩа: Очамчырантәи Ҭҟәарчалҟа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра афырхацәа рышьҭа ихыланы» Очамчыра араион аҿы имҩаԥысуеит. 1000-ҩык инарзныԥшуа, зхыԥхьаӡараҿы 600-ҩык рҟынӡа ашколхәыҷқәа ыҟоу, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан Мрагыларатәи Афронт аҿы ауааԥсыра рзы акызаҵәык излацар ауаз амҩа ианысуеит.
Акциа хацырхеит Аҭара ақыҭан асааҭ 09:30 рзы. Амҩан акциа алахәылацәа аибашьраҿы иҭахаз рбаҟақәа рҿы ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵареи Џьгиарда,Ҷлоу ақыҭақәа рҿы аибашьраан иҟаз арратә хәышәтәырҭақәа, иара убас Ҭхьына ақыҭан арратә еродром аҭаареи рзы иаанкылалоит. Аҵыхәтәан иахьаанкылаз ҭыԥхеит Аҟәарчаԥан ақыҭа. Араантәи ԥхынҷкәынмза 14, 1992 шықәсазы иҵыԥрааит, анаҩс ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа рыла илашьҭыз, ахыҷқәа зҭаз аҵәиԥрыга.