pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аилазаара Аиааира амш рыдиныҳәалеит.

 

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

 

"Ишәыдысныҳәалоит Аиааира амш!

Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура Аоперативтә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара амаҵзуреи Иҷыдоу анапынҵа змоу ацентри хаҭалатәи реилазаара хамеигӡарада имҩаԥырго аԥсадгьыл амаҵзуразы иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп.

Арҭ амаҵзурақәа ирныԥшуеит апрофессионализм ҳаракы, лҵшәа бзиала аусура, аҭакԥхықәра, арратәи алеишәатәи зыҟаҵара.

Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа ршәарҭадара ахылаԥшреи аконституциатә шьақәгылашьа ахьчареи – аҳәынҭқарра ашәарҭадара асистемаҟны акрызҵазкуа акы акәны иҟоуп. Ари ауснагӡатә шәара анагӡара шәылшоит ҳәа азгәасҭарц сҭахуп.

Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 27, асааҭ 11:00 рзы, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы иаатит 1992 – 1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш  30-шықәса ахыҵра иазку афотоцәыргақәҵа «Аибашьра ашықәсҩыра».

Араҟа ицәыргақәҵахеит апрофессор, ажурналист Екатерина Бебиа  лархив аҟынтәи  1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџтәылатәи еибашьра иалахәыз Мрагыларатәи Мраҭашәаратәи афронтқәа реибашьцәа рфотосахьақәа. 

Ацәыргақәҵа аартуа, аҟазара афакуьтет адекан Ныгәзар Логәуа иҳәеит: «Иахьа иҷыдоу мшуп. Ҳара иазгәаҳҭоит ҳажәлар рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра. Ҳара иазгәаҳҭоит ҳтәыла агәеисырҭа Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра Амш. Аха иара убри аамҭазы ари алахьеиқәра зцу мшуп. Зықьҩыла иреиӷьу ҳҵеицәеи ҳҭыԥҳацәеи рыԥсадгьыл ахьчара рхы ақәырҵеит».  Ҳара зыԥсадгьыл азы зхы зымшаҭыз зегьы ҳгәалашәоит. Иахьатәи афотоцәыргақәҵагьы ари агәалашәара иазкуп».

Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ақалақь-фырхаҵа Тҟәарчал имҩаԥысуаз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа дрылахәын. Урҭ Аиааира амш 30 шықәса ахыҵра иазкын.

Тҟәарчал ақалақь Администрациаҟны аҳәынҭқарра Ахада аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьара иазкыз аусмҩаԥгатә далахәын.

Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба иӡбамҭа ала, цәыббрамза 30 рзы ауаажәларратә транспорт (автобусқәеи атроллеибусқәеи) аҳҭнықалақь аҿы хәыда-ԥсада аус аулоит. Абри азы адырра ҟаиҵеит Аҟәа ақалақь Ахадара аекономикеи атранспорти Рдепартамент адиректор Авҭандил Џьынџьал.

Цәыббрамза 30 рзы, цәыббрамза 28 рзы арратә парад арепетициа хада амҩаԥгараан еиԥшҵәҟьа, Лакоба имҩала аамҭалатәи ҩ-ганктәи аныҟәара еиҿкаахоит.

Аҳабла Ҿыц аҟынтәи аџьармыкьанӡа, анаҩс шьҭахьҟа Аҳабла Ҿыц ахь иныҟәо атранспорт Џьонуа имҩала иныҟәалоит.

Аҟәа. Цәыббрамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа араион Ешыра ақыҭан 1992-1993шш. аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рбаҟа аартра ацеремониа мҩаԥысит.  

Абаҟа аартра иазку ацеремониа рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа,  аибашьра аветеранцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

Аусмҩаԥгатә аартуа Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа иеизаз зегьы иҭабуп ҳәа раҳәо иазгәеиҭеит:

«Ҳара ахаангьы иаҳхашҭраны иҟам ҳфырхацәа, аиааира ҳзаазгаз иреиӷьу ҳҵеицәа. Ҳаибашьцәа гәымшәақәа, иҭахаз ранацәа шҿаԥхьа ҳхырхәоит!» .

Алхас Ҷыҭанаа иара убас адизаинерцәа Наала Ломиаԥҳаи Наала Мирзоиани асахьаҭыхыҩ Рашь Занҭариеи абаҟа аԥҵара зхы алазырхәыз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы ԥшьҩык зыҷкәынцәа ҭахаз Ешыра ақыҭа ахада Ҭамара Аҩӡба абас лҳәеит:

«Ҳара ари аибашьра хлымӡаах аҿы аиааира агара ҳалзыршаз ҳгәеицамкреи ҳфырхаҵареи роуп.  Ҳара адунеи зегьы идҳарбеит ҳара ҳиааира ус ишымариам. Ҳара Ԥсадгьылк ауп иҳамоу, уаҳа даҽакы ҳаманы иҟам. Уи Анцәа иҳаҭәеишьаз адгьыл ауп. Агәра ганы сыҟоуп, ҳхәыҷқәа, ҳмаҭацәа, уҳәа ес еиҵагыло абиԥарақәа иҭахаз асолдатцәа зегьы рыхьӡ акамыршәра шрылшо, ранацәа шырыхьчало, аибашьра аинвалидцәа зегьы ҳаҭырла ишрызныҟәало.  Ҳара ҳфырхацәа ирыбзоураны ҳабацәеи ҳабдуцәеи ашәышықәсақәа рыбжьара иззықәԥоз ахьыԥшымра ҳауит. Аԥсны аҭоурых адаҟьақа зыхьӡқәа хьтәы нбанла ианыло ҳфырхацәа иашақәа ргәалашәара наунагӡа ҳгәаҵаҿы иаанхоит! Хатәгәаԥхарала аԥсуаа ирывагыланы еибашьуаз ранацәа, хабарда ибжьаӡыз ранацәа, зԥазаҵәқәа ҭахаз анацәа рҿаԥхьа ҳхырхәоит».

Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, Аԥсны жәлар ирыдиныҳәалеит Аҟәа ахақәиҭтәра 30 шықәса ахыҵра амш.

 

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

 

«Акыр иаҳзаԥсоу 1992–1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа!

Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху аплошьад аҿы аҳҭнықалақь ашколхәыҷқәа рыбжьара ацәаҳәақәгыларатә ашәа азы аконкурс мҩаԥысит. 

Аусмҩаԥгатә алагаанӡа ашколхәыҷқәа рахь ихы рханы дықәгылеит Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба.

«Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра ҳџьынџьтылатәи еибашьраҿы акырӡа иззыԥшыз мшны иҟалеит. Араҟоуп иахьыҵхыз Аиааира ашьаҭа!», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Беслан Ешба.

Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ахақәиҭтәра ҟалеижьҭеи 30-шықәса аҵра иазкны иахьа Аҟәатәи астадион аҿы имҩаԥысит Мрагыларатәи Гәымсҭатәи (Мраҭашәаратәи) афронтқәа рветернцәа ршьапылампылтә командақәа рыбжьара аиҩызаратә матч мҩаԥысит.

«Иахьа шәыхәмарра иахәаԥшырц иааит абиԥара ҿыц иаҵанакуа аҿар. Урҭ шәара шәфырхаҵареи шәҟазшьеи ирыбзоураны ари аусмҩаԥгатә алахәхара азин рымоуп. Шәара усҟан иҟашәҵаз иабзоураны ҳара иахьа аԥсҭазаара ҳамоуп. Шәара шәаҳҿыԥшны ииашаны анхара ҳҵоит. Иҭабуп идуӡӡаны ҳәа шәаҳҳәоит уи азы!» - ҳәа аветеранцәа рахь ихы рханы иҳәеит Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа апрезидент  Шабаҭ Логәуа.

Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Иахьа Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа Қырҭтәыла аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭтәра ҟалеижьҭеи 30-шықәса ҵит.  Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы имҩаԥысит 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз аибашьцәа Рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭацара мҩаԥысит.  

Иҭахаз ҳаҭырла иргәаладыршәарц иааит Аҳәынҭқарра Ахада  Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа,   Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Апарламент адепутатцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аибашьра аветеранцәеи иҭахаз рҭынхацәеи.  

Аҟәа аҳҭнықалақь ахақәиҭтәразы аоперациа алагеит цәыббрамза 16, 1993 шықәсазы. Аҟәа ахақәиҭтәразы аиҿагылара ӷәӷәақәа мҩаԥысуан инеиԥынкыланы 12 мшы. Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәыларатә операциа напхгара арҭон Аԥсны атәылахьчара аминистр, аинрал-маиор Сулҭан Сосналиеви Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ Хада Сергеи Дбари.

Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа аеалақь ахада Беслан Ешба аҟәаа Аԥсны аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра амш 30 -шықәса ахыҵра инамаданы дрыдныҳәалеит.

«Ҳаҭыр зқәу Аҟәаа! Ишәыдысныҳәалоит ҳаҳҭнықалақь ақырҭуа гвардеиццәа рҟынтәи ахақәиҭтәра амш 30-шықәса ахыҵра! Аԥсынтәыла агәеисырҭа Аҟәа ахы ианақәиҭтәыз амш аҽны Аԥсны гәыла-ԥсыла ахы иақәиҭхеит. Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра ҳџьынџьтылатәи еибашьраҿы акырӡа иззыԥшыз мшны иҟалеит.

Аҟәа аҳҭнықалақь ахақәиҭтәразы аоперациа алагеит цәыббрамза 16, 1993 шықәсазы. Аҟәа ахақәиҭтәразы аиҿагылара ӷәӷәақәа мҩаԥысуан инеиԥынкыланы 12 мшы. Мҩадуцыԥхьаӡа, ҩныцыԥхьаӡа, абжьаларҭақәа, ахыбрақәа, уҳәа, шьаҿа-шьаҿала аҳҭнықалақь ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа рҟынтәи ахы иақәиҭхон.  Ҳаибашьцәа гәымшәақәа ирылшеит 12-нызықьҩык рҟынӡа инаӡоз аӷа хәымга ирхәҭақәа шьҭахьҟа рынаскьагара. Аҵыхәтәаны, цәыббрамза 27, 1993 шықәса рзы ҳаҳҭнықалақь агәаҿы игылаз Аминистрцәа Реилазаара ахыбра иахашәыршәырит Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ. Ҳаԥсадгьыл аҳҭнықалақь ахы иақәиҭтәын», - ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәара аҟны.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.