
pressadmin-2
Игорь Ахба: Аслан Бжьаниа адәныҟатәи аусқәа рминистр идҵа инақәыршәаны Урыстәылатәи Афедерациа аҟны иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аекономикатә зҵаарақәа рзы абжьгаҩыс дҟаҵан.
Аҟәа. Цәыббрамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Асоциалтә ҳақәа рҿы Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа ԥыхьатәи абжьгаҩ-цҳаражәҳәаҩ Татиана Гәылиа Аслан Бжьаниа 2009 -2010 шш Урыстәылатәи Афедерациа аҟны иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа ахь «иалагалара» ҟалазшәа аинформациа алалырҵәеит.
Аслан Бжьаниа «далагалазу», мамзаргьы закәан шьаҭала Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩ иаҳасабала дрыдыркылоу ҳәа азҵаара аҭак ҟаҵо, Урыстәыла иҟоу ԥыхьатәи ацҳаражәҳәаҩ Игорь Ахба абас аҭак ҟаиҵеит:
Цәыббрамза 25 рзы Аӡҩыбжьа ақыҭан иатуеит ақыҭеи ақыҭанхамҩеи рыҿиара Ацентр аексперименталтә плошьадка.
Аҟәа. Цәыббрмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ашәахьа, цәыббрамза 25, асааҭ 15:00 рзы, Очамчыра араион Аӡҩыбжьа ақыҭан ақыҭеи ақыҭанхамҩеи рыҿиара Ацентр ахәбатәи аексперименталтә плошьадка аатуеит, ҳәа Аԥсныпресс акорреспонднт адырра ирҭеит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҿиара Апрограмма Аҟәатәи аофис аҿы.
Аплошьадка амратә панельқәа рыла еиқәыршәоуп, иара убри ала уи ауникалтә ҟазшьа аанахәоит. Ари – Аԥсны аиԥш-зеиԥшу уаҳа зда ыҟам плошьадкоуп.
Аҭыԥантәи арԥхарҭа аҿы голубика, амалина, акакан, алаҳа, аца, аурыс аца, уҳәа аҵиаақәа реиҭаҳатәқәа рааӡоит. Ашәыр хкқәа зегьы рыдгалара ақыҭеи ақыҭанхамҩеи рыҿиара Ацентр аспециалистцәа рыла имҩаԥгоуп. Урҭ Ҭырқәтәыла, Италиа, уҳәа егьырҭ атәылақәа рҟынтәи Аԥсныҟа иааган.
Аурыс бызшәа рызҭо аԥснытәи арҵаҩцәа рзы ҩымш ирҭагӡоу алектори мҩаԥысуеит Аҟәа ақалақь, Москва Аҩны аҿы.
Аҟәа. Цәыббрамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, «Москва Аҩны» аҿы аурыс бызшәа рызҭо арҵаҩцәа рзы «Аурыс бызшәа алагарҭатә школ аҿы: иҿыцу аҵаратә лшарақәа» атема ала ҩымш ирҭагӡоу алектори Аҟәа ақалақь Москва Аҩны аҿы имҩаԥысуеит. Аусмҩаԥгатә аурыс бызшәала арҵареи аурыс бызшәа аҵареи ацхырара аҭара иазку акультура-ҵарадырратә комплекс аҳәаақа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит.
Аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаара рхахьы иргеит Москва ақалақь Анапхгара, Москва ақалақь адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәа Рдепартаменти аидгьылуаа Москватәи Рыҩни.
Аумҩаԥгатә аартуа, аидгьылуаа Москватәи Рыҩны аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаара азы аҟәша аиҳабы Мариа Шапина, Москва ақалақь Анапхгара, Москва ақалақь адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәа Рдепартаменти аидгьылуаа Москватәи Рыҩни аурыс бызшәа аҵареи урысбызшәала арҵареи адгылара аҭара иазку аакультура-ҵарадырратә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара ахшыҩзышьҭра ду арҭоит ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит.
«Иахьа еиҿкаау алектори аурыс бызшәа аиқәырхареи аӡыргареи аларҵәареи рзы аусмҩаԥгатәқәа ркомплекс иалоуп. Аиԥш-зеиԥшу аусмҩаԥгатә мҩаԥысхьеит Ареспублика Белорус. Ҳазҭоу ашықәс хыркәшахаанӡа ԥыхьатәи Асовет Еидгыла атәылақәа руак аҿы даҽа усмҩаԥгатәк амҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп», - ҳәа илҳәеит лара.
Аҟәа ақалақь аҿы самбо азы XX Жәларбжьаратәи аицлабрақәа «Аиааира Ахраҿа» аатит.
Аҟәа. Цәыббрамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 22 рзы Аҟәа ақалақь аҿы самбо азы XX Жәларбжьаратәи аицлабрақәа «Аиааира Ахраҿа» амҩаԥгара хацыркхеит.
Жәларбжьаратәи атурнир аибашьцәа-аинтернационалистцәеи 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара 30-шықәса аҵреи иазкуп.
Атурнир рхы аладырхәуеит Аԥсны, Ҟрым, Краснодартәи атәылаҿацә, Ростовтәи аобласть, Адыгеиа, Лугансктәи Жәлартә Республика рҟынтәи 300-ҩык инарзынаԥшуа аспортсменцәа.
Аицлабрақәа рхы аладырхәуеит 2008-2010, 2011-2012, 2013-2014 шықәсқәа рзы ииз арԥарцәеи 2008-2010, 2011-2013 шықәсқәа рзы ииз аҭыԥҳацәеи.
Аицлабрақәа мҩаԥгахоит Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху аспорт Ахан аҿы.
Акультура Аминистрра зметраж кьаҿу адокументалтәи асахьаркыратиә афильмқәа рконкурс ахь ицәыргаз рҟынтәи 6-усумҭак алнахит.
Аҟәа. Цәыббрамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны акультура Аминистрра 1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра иазку зметраж кьаҿу адокументалтәи асахьаркыратәи афильмқәа рконкурс ахь ицәыргаз 19 фильм рҟынтәи 6-усумҭак алнахит.
Аконкурс аихшьаалақәа рыла х-документалтә фильми х-сахьаркыратә фильми алкаахеит.
«Ҳара иаҳзаашьҭын аконкурс алахәхаразы 19 зыҳәамҭа, уи ас еиԥш иҟоу аформат азы даара ибзиоуп. Ҩ-етапк рышьҭахь иалаҳкааит аиааира згаз афильмқәа фба. Уи – Манана Кококсқьыр, Фатима Кәыҭелиа, Елеонора Гилоиан иҭырхыз адокументалтә фильмқәеи Ҭенгиз Џьопуа, Даур Ладариа, Сабина Харџьелиа иҭырхыз асахьаркыратә фильмқәеи роуп.
Екатерина Бебиа лархивқәа рҟынтәи афотоцәыргақәҵа «Аибашьра ашықәсҩыра» цәыббрамза 27 рзы ААУ аҿы иаатуеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 27, асааҭ 11:00 рзы, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы имҩаԥгахоит афотоцәыргақәҵа «Аибашьра ашықәсҩыра». Араҟа ицәыргақәҵахоит апрофессор, ажурналист Екатерина Бебиа лархив аҟынтәи 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџтәылатәи еибашьра иалахәыз аибашьцәа рфотосахьақәа.
«Цәыббрамза 27 рзы имҩаԥысуа ацәыргақәҵа аҿы ицәыргақәҵахоит схатә архив аҟынтәи афотосахьақәа. Аекспозициа иалоуп 1500-ҩык аибашьцәа еидызкыло 170-цыра афотосахьақәа. Иара убри аҽныҵәҟьа, асааҭ 12:00 рзы ААУ аҿы «Шьала иҩу асаламшәҟәқәа» ҳәа хыс измоу сышәҟәы ҿыц аӡыргара мҩаԥысуеит. Уи ажурналист Гарри Дбар игәалашәара иазкуп», – ҳәа И.Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциа аҿы дықәгыло еиҭалҳәеит лара.
Гагра араион аҿы аԥсабараҿы амцакрақәа рхыԥхьаӡара иацлеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра араион аҿы аԥсабараҿы амцакрақәа рхыԥхьаӡара иацлеит. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла гектарк аҟынӡа иахьаҵанакуа амца амҽханакит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апрес-маҵзура.
Амца ирланы алаҵәара ишьақәгылан иҟоу ашоура ауп изыхҟьо. Гагра араион ала Амцарцәара-еиқәырхаратә Отриад аусзуҩцәа амцарцәаратә ԥшь-бригадак рымчала амцакра ааныркылеит. Урҭ рыҟалара мзыс иамоу ауаҩытәыҩсатә фактор ауп.
Цәыббрамза 28 – 30 рзы Аҟәа қалақь агәы аҿы автотранспорт аныҟәара аганахьала аԥкрақәа алагалахоит.
Аҟәа. Цәыббрамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба амчратә структурақәа рхаҭарнакцәеи Аҟәа ақалақь Ахада Беслан Ешбеи алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит. Абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Аиԥылара иалахәыз Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа 30-шықәса азгәаҭара аҽазыҟаҵара азҵаарақәа ирылацәажеит.
Ишьақәырӷәӷәан аплан. Уи инақәыршәаны, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ала цәыббрамза 28 – 30 рзы Аҟәа ақалақь агәы аҿы автотранспорт аныҟәара аганахьала аԥкрақәа алагалахоит.
Убас, цәыббрмза 28 рзы аныҟәара аанкылахоит Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш иазку апарад арепетициа Хада амҩаԥгара инамаданы. Арепетициа иалахәхоит апарадттә арратә гәыԥқәеи аибашьыгатә акәалӡтәы техникеи.
Цәыббрамза 28, 30 рзы, асааҭ 06:00 инаркны 13:00 аҟынӡа Ахақәиҭра Ашҭа азааигәара иҟоу амҩақәа: В. Арӡынба, Д. Гәлиа, В. Басариа, Г. Ӡиӡариа, С. Дбар, А. Пушкин, Аидгылара, Аиааира апроспекти ахәҭак, А.Пушкин имҩа аҟынтәи А.Ҷоҷуа имҩа аҟынӡа амашьынақәа рныҟәара аамҭала иаанкылахоит.
Арҭ амшқәа рзы Н.Лакоба имҩала ҩ-ганктәи аныҟәара еиҿкаахоит. Убри инамаданы, уаҟа амашьынақәа рыргылара азы зынӡа азин ҟалаӡом.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Алан Гаглоев Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика аԥҵара 33 шықәса ахыҵра идиныҳәалеит.
Сухум. 20 сентября 2023. Апсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аслан Бжьаниа Алан Гаглоев Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика аԥҵара 33 шықәса ахыҵра идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Алан Едуард-иԥа!
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәаргьы аахыҵуаԥстәылатәи ажәлар зегьи Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика аԥҵара 33 шықәса ахыҵра.
Акырӡа зҵазкуа ари амш иаҳәоит шәыжәлар асуверенитети ахьыԥшымреи рахь инагаз амҩаҟны иаадырԥшыз агәамчи агәаӷьреи.
Арҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟала Аахыҵ Уаԥстәыла анапхгареи ажәлари изыниоз ауадаҩрақәеи ашәарҭарақәеи ириааины иаадырԥшуан ԥгара змам акреи аидгылареи. Шәара хаҭала аҳәынҭқарра аргылараҟны ишәымоу ахачҳара апатриот иаша Аԥсадгьыл ахь имоу абзиабаразы ҿырԥшы бзиоуп.
Атуризм аминистр Ҟазахсҭанҟа ицара аихшьаалақәа ртәы еиҭеиҳәеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атуризм аминистр Ҭеимураз Хишба атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Ҟазахсҭанҟа иусуратә ҭаара аихшьаалақәа ртәы изеиҭеиҳәеит. Иарбоу усуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны аминистр Ҭеимураз Хишба I Жәларбжьаратәи атуристтә форум «Иҭышәынтәалам адунеи аҿы аҭышәынтәалоу атуризм аҿиара астратегиа», иара убас атуроператорцәа жәларбжьаратәи рконгресс «Жәларбжьаратәи атуристтә џьармыкьа ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьақәа рҿы атрансфрмациа, аҿиареи апартниорреи рперспективақәа» ихы алаирхәит.
Аԥсны аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аԥснытәи аделегациа ахаҭарнакцәа аусмҩаԥгатәқәа ирылахәыз атәылақәа рхаҭарнакцәа атуризм аусхкы аҿы жәларбжьаратәи аусеицура арҿиара аганахьала ирымоу ажәалагалақәа рыдгалара еиҿнакааит.