pressadmin-2
Апоет, ажурнал «Алашара» аредактор хада Анатоли Лагәлаа иԥсыжра аиҿкааразы Аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵоуп
Аԥсуа поет, апрозаик, апублицист, ауаажәларратә усзуҩы, «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара занашьоу, Д.И.Гәлиеи Т.Шь. Аџьбеи рыхьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиақәа рлауреат, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы, Урыстәылеи Аԥсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла Анатоли Ианкәа-иԥа Лагәлаа иԥсыжра аиҿкааразы Аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵоуп Аԥсны аԥыза-министр иқәҵарала.
Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа реидгыла иаалырҟьаны зыԥсҭазаара иалҵыз Анатоли Лагәлаа иуацәеи иҭынхацәеи гәалсра дула ирыдышшылоит
Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц напхгара зиҭо аделегациа усутә визитла Аахыҵ Уаԥстәылҟа ицеит
«Амшынеиқәафымцамч» абзоурала аусура иалагеит афымцамч онлаинла ахә ашәаразы амобилтә хархәага
Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы акциа мҩаԥызгоз амашьынарныҟәцаҩцәа дырԥылеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба
Жәабранмза 12 рзы, Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы акциа мҩаԥызгоз аидарамҩангага машьынарныҟәцаҩцәа дырԥылеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, абри атәы аанацҳауеит атәыла Ахада ипресс-маҵзура.
Станислав Лакоба игәалашәара анаунагӡатәразы Аҳәынҭқарратә комиссиа аусура хацнаркит
Станислав Лакоба иҭҵаарадырратә ҭынха аиқәырхареи, анаунагӡатәреи рзы Аҳәынҭқарратә комиссиа актәи аилатәара мҩаԥигеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба.
Бадра Гәынба Аԥсны аҳ Қьалышьбеи Чачба игәалашәара анаунагӡатәразы Аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵаразы ақәҵара инапы аҵаиҩит
Амилаҭтә библиотека аҭааҩцәа рхы иадырхәар рылшоит Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә библиотека аелектронтә архив
Уажәшьҭа Аԥсны ауааԥсыра хәыда-ԥсада рхы иадырхәар рылшоит ацифрахь ииагоу Урыстәылатәи абиблиотека архив.
С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә драматә театр агастрольқәа рахь Нхыҵ Уаԥстәылаҟа ицеит
Аколлекционер Ибрагим Ҷкадуа икиноплакатқәа рцәыргақәҵа аатит Аҟәа
Афотоҭыхыҩ, арежиссиор Ибрагим Ҷкадуа иколлекциа аҟынтәи акиноплакатқәа рцәыргақәҵа аартра мҩаԥысит Ruin Bar аҿы.








