pressadmin-2
Имҩаԥгахоит арҿиаратә еицлабра «Аҟәа амҵәыжәҩақәа: аиҩызара ацҳа»
В.Г. Арӡынба ихьӡ зху жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» арҿиаратә еицлабра «Аҟәа амҵәыжәҩақәа: аиҩызара ацҳа» захьӡу алахәхаразы азыҳәақәа рыдкылара иалагеит.
Агәабзиарахьчара аминистрраҟны иалацәажәеит аҷаҷақәа атрансплантациа рзура алыршара азҵаара
Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьымцәа агемодиализ аҟәша аиҳабы - Ирина Андреевеи аҳақьым–анефролог Марҭа Ҳаразиеи - агемодиализ аҟәша ачымазаҩцәа аҷаҷақәа атрансплантациа рзура алыршара иалацәажәеит.
Ақалақь аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит Гәдоуҭа араион ахадараҿы
Асҭамыр Аргәын Самара ақалақьтә округ ахаҭарнакцәа дырԥылеит гәдоуҭатәи аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара азҵааразы.
Аԥснытәи аԥқьаҭасыҩ қәыԥшцәа қәҿиарала иқәгылеит«Ааԥынтәи Ахраҿа» аҟны
Азамаҭ Чуаз: иҟоу абиуџьеттә система иалнаршом ақалақь аҿиашьа азԥхьагәаҭара
Афон Ҿыц адепутатцәа реизара ахантәаҩы Азамаҭ Чуаз Пицундеи Афон Ҿыци рбиуџьеттә шьақәгылашьа аиӷьтәразы аԥшьгара ахҳәаа ҟаиҵеит «Аԥсныпресс» аинтервиу анаиҭоз.
Пицунда аҿиараҿы абиуџьеттә реформеи афинанстә хьыԥшымреи акрызҵазкуа шьаҿоуп
Аԥсныпресс аинтервиу аҭо ақалақь ахада Рустам Агрба еиҭеиҳәеит афинанстә хьыԥшымра аҵак ду шамоу. 2026 шықәсазы ақалақьтә биуџьет иартәоит 56 млн мааҭ.
Аҟәа имҩаԥысит апоет Владимир Занҭариа аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара ацеремониа
Апоет аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара инеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба, аԥыза-министр Владимир Делба, атәыла анапхгара, Жәлар Реизара адепутатцәа, арҿиаратәи аҭҵаарадырратәи интеллигенциа рхаҭарнакцәа, аполитикатәи ауаажәларратәи усзуҩцәа.
Аекономикатә форум амҩаԥгаразы Аԥсны Ахада дызлахәыз Аиҿкааратә еилакы аилатәара мҩаԥысит
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба жәларбжьаратәи аекономикатә форум «Аԥсны уаҵәтәи амш азы аинвестициақәа» азырхиареи амҩаԥгареи рзы Аиҿкааратә еилакы аилатәара мҩаԥигеит.
Асҭамыр Кациа Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла иҷыдалкааны азинмчы змоу цҳаражәҳәаҩыс дҟаҵоуп
Ақыҭа школқәа рҿы арҵаҩцәа адгылара рыҭара иазку азҵаарақәа ирылацәажәеит Аминистрцәа Реилазаараҿы
Аԥыза-министр Владимир Делба аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит, уаҟа ирыхәаԥшын ақыҭа школқәа рҿы арҵаҩцәа адгылара рыҭаразы аҳәынҭқарра ахада идҵақәа рынагӡара азҵаарақәа.








