pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Нанҳәамза 21, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ашәҟәыҩцәа Реидгыла ашәҟәыҩҩы Денис Чачхалиа 75-шықәса ихыҵра идырныҳәалоит, изеиӷьаршьоит агәабзиара, аԥсуа ишықәснҵыра ду, инапы злаку арҿиаратә усураҿы ақәҿарақәеи аманшәалареи.

Чачхалиа Денис Кьыршьал-иԥа – аԥснытәи урыстәылатәи апоет, апрозаик, аҭоурыхдырҩы, аиҭагаҩ.  Денис Чачхалиа  – Асовет Еидгылеи (1984) Аԥсни Урыстәылеи рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла (1999). Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ (2024), Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат (2020).  2021 шықәсазы аҭоурыхҭҵаареи аҟазарадырреи рҿы илагала ду азы «Аԥсны Аҳәынҭқарра Анаукақәа Ракадемиа ҳаҭыр зқәу адоктор» ҳәа ахьӡ ихҵан.  Дыҩуеит урысшәалеи аԥсышәалеи.

Диит 1950 шықәса нанҳәамза 21 азы Тҟәарчал ақалақь Аҿы. 1968 шықәсазы далгоит Аҟәатәи аԥсуа школ-интернат, Иара абри ашықәсан дҭалоит А.М.Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт.

К.Ф.Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи ашкол-интернат далгеит (1968). 1961 ш. апоет Кьыршьал Чачхалиа иҭаацәа Аҟәаҟа ииасит. 1968-1973 шш. раан Д.Чачхалиа аҵара иҵон Москва, А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт аҟны. Идипломтә усумҭа еиднакылеит апоет урысшәала ииҩыз иажәеинраалақәа, акритикатә статиақәа, аԥсуа ақырҭуеи поетцәа рырҿиамҭақәа.     Аинститут далгоит 1973 шықәсазы. Денис Чачхалиа Аинститут даналга Аҟәаҟа дхынҳәит. Аус иуан агазеҭ «Советская Абхазия» акорреспондентс, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алитературатә консультантс. 1984-1990 шш. рзы рҵаҩыс дыҟан А.М. Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт аҟны (аҧсуа поезиеи апрозеи реиҭагаразы арҿиаратә семинар мҩаԥигон). Ашьҭахь – Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла Алитературатә фонд деиҳабын. Акьыԥхь аҿы дцәырҵит а-70-тәи ашықәсқәа рзы.

1984 шықәса инаркны дынхоит, аус иуеит Москва. Арҿиаратә усуреи ахатә уси еилеигӡоит, атуристтә компаниа «Аква-Абаза» аиҳабыс дыҟоуп.

Аҟәа. Нанҳәамза 22, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ахәҭак аӡеиқәыршәара аиӷьтәразы Кьалашәыр аҳаблан инацҵаны даҽа аӡыҵхырҭақәа ааба кылырҵәараны иҟоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақаь Ахадара аофициалтә саит.

Аҵыхәтәантәи аамҭазы, Турбаза, Синоп, Киалашәыр аҳаблақәа ӡыла еиқәзыршәо аӡхагаларатә станциа аусураҿы аиԥҟьарақәа цәырҵуа иалагеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 20, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Хара имгакәа апроект «Аҟәатәи амодерн» аҳәаақәа ирҭагӡаны ақалақь аҿы игылоу амодерн аамҭа (аепоха) иаҵанакуа 19 ҩны рҿаԥшыларатә ганқәа рҿы аԥсышәала, аурысшәала, иара убас англыз бызшәала иҩу, иара убас ахыбра аҭоурых азы еиҳа инарҭбаау аинформациа узҭо аудиогид ахь уназго QR-кодқәа рыла еиқәыршәоу аинформациатә аҭаӡҩырақәа шьақәдыргылоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит ателеграм-канал «Окно».

Афонд «Амшра» адгыларала ҩышықәса инеиԥынкыланы зынагӡара мҩаԥысуаз апроект «Аҟәатәи амодерн» («Сухумский модерн») ақалақь архитектуратә ҭынха аилкаара азы акыр зҵазкуа етапны иҟалеит.  Уи аԥшьгаҩцәа, архитекторцәа  Сабина Агрба, Лана Чхьынџьериа, адизаинер Арина Ҷкадуа, рыкъша-мыкъша еидыркылеит асахьаҭыхыҩцәа, амузыкантцәа, аҭҵааҩцәа иҿыцу рабиԥара ахаҭарнакцәа. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥган  амодерни аҭоурыхтә ҵакыра аиқәырхареи ирызку алекциақәа, ацәыргақәҵақәа, аҟаза-классқәа, аквестқәа.

Аҟәа. Нанҳәамза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә Дума адепутат, аԥсны-урыстәылатәи апарламентбжьаратәи акомиссиа алахәыла Анастасиа Удальцова аусуратә визит ала Аԥсны даҭааит, ҳәа адырра ҟаҵоуп Урыстәылатәи Афедерациа Акоммунисттә Партиа  (КПРФ) аофициалтә саит аҿы.

Аҟәа. Нанҳәамза 20, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут нанҳәамза 15, 1990 шықәсазы Аҟәатәи Аусеилыргаанӡатәи аԥхьакырҭа ахақәиҭтәразы иҷыдоу аоперациа иалахәыз, Асовет Еидгыла аҷыдалкаатә ҟәшеиҵақәа аветеранцәа дырԥылеит.  

Аҟәа. Нанҳәамза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Астатистиказы аҳәынҭеилаки Урыстәыла астатистика Аусбарҭеи аусеицуразы аплан рнапы аҵарҩит.

Иахьа Москва ақалақь аҿы Урыстәыла астатистика Аусбарҭ аиҳабы Сергеи Галкини Аԥсны Астатистиказы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Кама Гогьиеи аусбарҭақәа 2025-2027 шш. русеицура аплан рнапы аҵарҩит.  

Аҟәа. Нанҳәамза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делба хазы игоу акатегориақәа ирыҵанакуа атәылауаа ртәанчахәқәеи ироуа аԥаратә цхыраагӡақәеи рышьҭыхра азҵаарақәа рзы аилатәара мҩаԥигеит.  Аилатәара рхы аладырхәит асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьбеи Атәанчаҩратә фонд ахантәаҩы  Денис Гәылариеи.

Иалацәажәеит ҳазҭоу ашықәс азы 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа, Аџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз рҭаацәа, зыԥсҭазаара иалҵыз аибашьра аветеранцәа рҭаацәа, аҳәынҭқарратә хьӡқәа змоу атәанчаҩцәа,аорденқәеи амедалқәеизанашьоу атәанчаҩцәеи егьырҭ акатегориақәа ирыҵанакуа атәанчаҩцәеи ироуа атәанчахәы ашьҭыхра. 

Аҟәа. Нанҳәамза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы акриптовалиута арҳага аппаратқәа жәба рымырхит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы.

Нанҳәамза 18 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилаакы акантрабандеи аҳазалхратә уцәгьоурақәеи рҿагылара азы Аусбарҭа аусзуҩцәа аҳазалхратә Ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аусзуҩцәа рыцны Аҟәа ақалақь, Чачхалиа имҩала игылоу уахь дызхымыз ахыбраҿы 1982 шықәса рзы ииз Олег Витали-иԥа Штыков аферма еиҿкааны иман.

Ахыбраҿы агәаҭарақәа раан ирбеит акриптовалиута арҳага аппаратқәа жәба. Аппаратқәа афымцаҳа иаҿаԥшьын.

Олег Штыков аҳазалхыҩцәа Ареспублика Аԥсны иахьаҵанакуа аҳазалхратә декларациа шьақәзырӷәӷәо аусшәҟәқәа димырбаӡеит. Олег Штыков ихаҭа иҳәеит аппаратқәа Гагра идырым аӡәы ишимихәҳаз, убри аан урҭ изеиԥшразаалак ашәҟәы ҳәа акгьы шрыцымыз.

Олег Шлыков ихара дақәшаҳаҭхеит.

Аԥсныҟа заагара ҟамло амаининг маругақәа ықәыргеит.

Административтә зинеилагаразы аус хацыркуп.

 

 

Аҟәа. Нанҳәамза 19, 2025 шықәса. Аԥсныресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Афон Ҿыц иҟоу аобиектқәак дырҭааны рҭагылазаашьа зеиԥшроу гәеиҭеит. 

Аҟәа. Нанҳәамза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара Аминистрра иҷыдоу аинфраструктуратә проект анагӡаразы адепартамент адиректор ихаҭыԥуаҩ Ельмира Вергазова,  аштатнҭыҵтәи ареаниматолог хада,  Амилаҭтә медицинатә ҭҵаарадырратә Центр «Ахәышәтәра-реабилитациатә центр» (НМИЦ "Лечебно-реабилитационный центр") адиректор Сергеи Царенко, Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада анапхгараҭареи Урыстәылатәи Афедерациа амилаҭтә медицинатә ҭҵаарадырратә центрқәа рхаҭарнакцәеи алархәны, авидеоконференцеимадара арежим ала Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿиареи уи ҳаамҭа иақәшәо амедицинатә еиқәыршәагақәа рыла аиқәыршәареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.  

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.