pressadmin-2
Аԥсны Административтә зинеилагарақәа рзы Азакәанеидкыла аиҭакрақәа алагалоуп.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 30, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы «Административтә зинеилагарақәа рзы аусқәа рыла аӡбареиҿкаара азы Азакәанеидкыла» аиҭакрақәа аларгалеит.
Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит аҳәынҭқарра-зинтә политиказы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба.
Аиҭакрақәа ралагалара хықәкыс иамоуп Аԥсны Административтә зинеилагарақәа рзы Азакәанеидкыла ахәҭаҷқәа 172*, 172° рҿы иарбоу аҟазаареи (анхара) аусура анагӡареи рзы аԥҟарақәа реилагаразы аҭакԥхықәра анагӡаразы Аԥсны Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура аусзуҩцәа рыла еиқәыршәахо административтә пкаанҵақәа оперативла рахәаԥшра алыршара.
Аҳәынҭқарра Ахада Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭан аӡеизакырҭа даҭааит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 30, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ашьха ашьаԥаҿы иҟоу аӡеизакырҭа даҭааит.
Ари аӡеихшарҭа ӡыла еиқәнаршәоит ақыҭақәа: Хыԥсҭа, Ҟәланырхәа, Жәандрыԥшь, Абгархықә, Дәрыԥшь, Хәаԥ, Мгәыӡырхәа, иара убас Гәдоуҭа ақалақь ахәҭак. Аԥхын ари араион аҟны Хыԥсҭа аӡыршьҭра иахьагхо иахҟьаны лассы-лассы аӡеиқәшәара еиԥҟьоит.
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба адомино азы Жәларбжьаратәи иаарту ачемпионат аҿы аԥхьахәқәа згаз аԥснытәи еизгоу акоманда идикылеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Мексика имҩаԥысуаз адомино азы жәларбжьаратәи Иаарту ачемпионат аҟны аԥхьахә згаз Аԥсны аизгатә команда идикылеит.
Аиԥылара далахәын аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ аҿар русқәеи аспорти рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы ин.н. Ҭарашь Ҳагба.
«Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит Аԥсны жәларбжьаратәи аренаҟны иаԥсоу ахаҭарнакра аарԥшра ахьшәылшаз азы. Ас еиԥш аицлабрақәа рылахәрала ҳреспублика ӡырыжәгоит, ахыԥша шәырӷәӷәоит. Арҭ аихьӡарақәа ирыбзоураны еиуеиԥшым атәылақәа рыҟны ауаа Аԥсны аӡбахә раҳауеит. Атәыла анапхгара есқьынгьы ари аспорт хкы арҿиара иазку аԥшьгарақәа адгылара рыҭара, иаҭаху ацхыраара аҟаҵара иазхиоуп», - ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба.
Бадра Гәынба Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ԥсадгьыл иаҭааз ҳџьынџьуаа идикылеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ԥсадгьыл иаҭааз ҳџьынџьуаа идикылеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба арҭ амшқәа рзы идикылеит зҭоурыхтә ԥсадгьыл иаҭааз Диузџьетәи ахәынҭқарратә университет аҟазареи аҭҵаарадырреи рфакультет аҟны иаԥҵоу аԥсуа бызшәеи алитературеи рыҟәша астудентцәеи арҵаҩцәеи.
Аиԥылара иалахәын «Кавказ абызшәақәеи акультуреи» рыҟәша аиҳабы Феҳми Ӡыба, амаӡаныҟәгаҩ Али Агрба, Аԥсуа Федерациа ԥасатәи ахантәаҩы Аҭанур Аҟәысба, Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Боџьгәуа Баграт, Аилак ахаҭарнакцәа.
Бадра Гәынба ҳџьынџьуаа «Бзиала шәаабеит «, - ҳәа раҳәо, иазгәеиҭеит ҳашьцәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл аҟны рбара гәахәара дула ишидикылаз.
«Ҳара ҳзы акраҵанакуеит ҳажәлар рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рыхынҳәра, ҳаимадара арҭбаара, ҳбызшәа аиқәырхара, ҳмилаҭтә хдырра аиқәырхара. Шәарҭи ҳареи шаҟа лассы-лассы ҳаиҭанаиааиуа аҟара, убриаҟара еиҳахоит ҳгәыбылра, ҳҭагылазаашьа акыр еиӷьхоит, ари ҳҳәынҭқарра арӷәара аус иацхраауеит,» - ҳәа азгәеиҭеит Бадра Гәынба.
Иазгәаҭатәуп, 2024-2025 шш. рзы Диузџьетәи аҳәынҭқарратә университет "Кавказ абызшәақәеи акультуреи" рбазаҟны ишаԥҵаз «Аԥсуа бызшәеи алитературеи» рыҟәша. Ари даара ихҭыс дуны иҟалеит Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа диаспора рзы.
Ҳџьынџьуаа рделеациа ахаҭарнак Аҭанур Аҟәысба Аԥсны Ахада иҟаиҵаз адкылара иҭабуп ҳәа ахҳәаауа, иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра анапхгара ҳџьынџьуаа рахь иаадырԥшуа ахаҵгылара.
«Ҳара ҳахьыҟазаалакгьы аԥсуа бызшәа еиқәҳархароуп. Ахатәы бызшәоуп ҳара ҳаидызкыло, ҳкультуреи, ҳҵасқәеи-ҳқьабзқәеи зыхьчо. Убри хықәкыс иҟаҵаны, аԥсуа бызшәеи алитературеи рыҟәша аартра ҳҽазаҳшәеит. Ари раԥхьатәи шьаҿоуп, агәыӷра ҳамоуп уи аԥхьаҟа аԥеиԥш бзиа аиуп ҳәа, абызшәа аԥсы ҭаҵаны еизҳауа абиԥарақәа рымадара аус аҟны ",- иазгәеиҭеит Аҭанур Аҟәысба.
Аҳәаанырцә инхо аԥсуа диаспора рхатәы бызшәала иҩуа, иаԥхьо, ицәажәо, системала иреиҳау аҩаӡара аҟынӡа инаганы аҵара ахьалыршахаз аус рџьабаа ду алоуп уа инхо ҳџьынџьуаа рхаҭарнакцәа.
«Даара иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит иахьатәи ҳаиԥыларазы. Мышкгьы мцаӡац ҳара ҳаԥсадгьыл ҳазымхәыцкәа, ҳгәы еснагь арахь иҟоуп, ҳаимадара арӷәӷәаразы иҳалшо ҟаҳҵар ҳҭахуп, еиҳаракгьы ҳҿар рԥеиԥш ачаԥаразы. Абызшәаҟынтә ауп иахьалаго зегьы, убри ҳазхәыцны иҳадаҳкылаз ӡбамҭоуп абри аусгьы», - ҳәа иҳәеит «Кавказ абызшәақәеи акультуреи» рыҟәша аиҳабы Феҳми Ӡыба.
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба абалерина Кристина Ҷкотуа дидикылеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Аурыс балет аушьҭымҭа, Пушкин ихьӡ зху Нижегородтәи аопереи абалети ртеатр артист Ҷкотуа Кристина дидикылеит.
Аиԥылара иара убас далахәын акультура аминистр Ақаҩба Даур.
Аҟәа ақалақь, Аҳабла Ҿыц аҿы лассы даҽа спорттә дәык аадыртуеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иҿыцу аспорттә дәы лассы иаадытраны иҟоуп Аҟәа ақалақь, Аҳабла Ҿыц аҿы.
15-тәи абжьаратәи ашкол иахьаҵанакуа амҵәышәмпыл, анапылампыл азы адәқәа, иара убас пинг-понг азы астолқәа зцу афункциарацәа змоу аспорттә дәы аргылара иалагеит. Иара убас акомандақәа разгәыбылҩцәа рзы ишьақәдыргылараны иҟоуп 200-ҩык зкуа атрибунақәа.
Агастрофестивали ахәаахәҭратә цәыргақәҵеи мҩаԥысраны иҟоуп Аҟәа, нанҳәамза 6 рзы.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 6 рзы Аҟәа ақалақь амшын аԥшаҳәа аҿы имҩаԥысраны иҟоуп агастрофестивали ахәаахәҭратә цәыргақәҵеи. Уи рхы аладырхәуеит ареспублика араионқәеи зегьы, иара убас Аҟәа ақалақь.
Иара убас уи аҽны имҩаԥгахоит аныҳәатә концерт, уи рхы аладырхәуеит аԥснытәи урыстәылатәи аестрада артистцәа. Амшын аԥшаҳәаҿы иалагахьеит асцена ашьақәыргылара.
Архитектуратә аҟазара–аклассқәа хацыркхет Москва Аҩны аҿы.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Москва Аҩны аҿы ирылагеит иԥхьагылоу урыстәылатәи архитекторцәа имҩаԥыргало аҟазара-аклассқәа рсериа.
Асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо дықәгылеит Москва Аҩны адиректор Алеқсандр Бигәаа:
«Даара сеигәырӷьоит иахьа архитектура аҟазара ахә ҳаракны изшьо, иарбоу аусхкы аҿы здыррақәеи зылшарақәеи еихазҳар зҭаху зегьы абраҟа шәбара. Агәра ганы сыҟоуп арҭ амшқәа шәара шәзы аидеиа ҿыцқәеи агәазҭазаареи ирыҵхырҭаны ишыҟало!» - ҳәа иҳәеит иара.
Аԥснынтәи 12-ҩык аҟыбаҩ злоу ахәыҷқәа Москва ақалақь аҿы имҩаԥысуа IV Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы культуратә форум рхы аладырхәраны иҟоуп.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснынтәи 12-ҩык аҟыбаҩ злоу ахәыҷқәа Москва ақалақь аҿы имҩаԥысуа IV Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы культуратә форум рхы аладырхәраны иҟоуп.
Афорум мҩаԥыслоит нанҳәамза 21 – 23 рзы. Акультура Аминистрра аспециалист Хада Милана Хоџьаа ишазгәалҭаз ала, аҟыбаҩ злоу ахәыҷқәа Урыстәылаҟа ицоит ахылаԥшырҭа ахаҭарнакцәа ҩыџьа рыцны.
Нанҳәамза 3 - 4 рзы Аԥсуа драматә театр аҿы аспектакль «Ашьажәҩы иҭаацәа» аԥхьарбара мҩаԥысуеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 29, 2025. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 3 – 4 рзы С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр асценаҿы имҩаԥысраны иҟоуп Аҿартә аҳәынҭқарратә театр аспектакль «Ашьажәҩы иҭаацәа» аԥхьарбара.
Ари баша спектакльӡам, ари апсихологиатә триллер ауп, ахбыџтә аудиториа ирзырхоу Васили Сигариов ипиеса «Ахәарҭлаӷь иҭаацәа» («Семья Вурдалака») инарҵауланы иҿыцны азхәыцра, аҵак ҿыц аҭара ауп. Арежиссиор Дмитри Акимов (Красноиарсктәи атәылаҿацә Мотыгинтәи адраматә театр арежиссиор хада) ихадоу, иҵару атема —анаркоманиа апроблема ҷыдала дазааҭгылеит.








