pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Есышықәса, ԥхынгәымза актәи асабшазы Аԥсны иазгәарҭоит ақалақь Амшныҳәа. Ари аӡбамҭа уи азы ҷыдала иаԥҵаз акомиссиа аҿы ирыдыркылеит ажьырныҳәамза  28, 2016 шықәса рзы.  

Иахьа, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра  аҿы иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара иадҳәалоу ацеремониа мҩаԥысит.

Иҭахаз ҳаҭырла иргәаладыршәарц арахь имҩахыҵит аҳҭнықалақь ахада Ҭемыр Агрба, Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩцәа Авҭандил Сурманиӡе, Асҭамыр Ашәба, Константин Ҭарбеи  Инал Аҩӡбеи, Аҟәа ақалақь Амш азгәаҭара рхы аладырхәырц иааз Москвеи Санкт-Петербурги анапхгарақәа рхаҭарнакцәа, ақалақьқәа Самара, Нижни Новгород, Луганск, Тамбов, Ростов-на-Дону, Аахыҵ Уаԥстәыла  рҟынтәи асасцәа, аҳҭнықалақь Ахадара аколлектив, ақалақь ауааԥсыра, асасцәа.  

Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Боливариантәи Ареспублика Венесуела Ахада Николас Мадуро Венесуела ареспублика Ахьыԥшымра Амш идиныҳәалеит.

 

«Ҳаҭыр зқәу Ахада!

Аԥсны Аҳәынҭқарра ажәлар рыхьӡала хаҭаоа сара сыхьӡала  Шәара аҧхьа шәнаргыланы, Боливариантәи Ареспублика Венесуела ажәлар ирыдысныҳәалоит амилаҭтә ныҳәа - Ахьыҧшымра Амш.

Ари амш символра азнауеит венесуелатәи ажәлар аиааиреи асуверенитети рацәхьамҵра, иара убас аиашареи ихьыҧшымкәа аҿиареи ирызку аидеалқәа ишрыдгыло.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Аҟәа ақалақь Амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.

Адныҳәалараҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ашәба Лаша Аҟәа ақалақь амш азы адныҳәалара ҟаиҵеитАԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша Аҟәа ақалақь амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.

Адныҳәаларатә цҳамҭаҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

Ҳаҭыр зқәу Ҭемыр Михаил-иԥа! 

Акыр иаԥсоу аҟәаа!

Аҟәа. Ԥхынгәымза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ахацәа ркомандақәа рыбжьара амҵәышмпыл азы Жәларбжьаратәи атурнир «С.У.Багаԥшь игәалашәара Ахраҿа» аатит Аҟәа ақалақь, Ареспубликатә ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ аҿы.

Аҟәа. Рашәарамза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 2 рзы имҩаԥысит Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥснытәи аихамҩа» аидиректор Хада Арсоу Ҷыҭанааи  аконкурс «Аԥсны акоманда»  афиналистцәеи — Аԥсны иҟоу аинклиузивтә туризм Ассоциациа апрезидент Руслана Гергедааи Аԥснытәи аихамҩақәа апассаџьыртә маҵзура аиҳабы ихаҭыԥуаҩ  Емир Агрбеи реиԥылара.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, ҧхынгәымза 2 рзы, 32 шықәса ҵит Тамшьтәи арра-амшынтә десант ӡхыҵижьҭеи. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада  Бадра Гәынба Тамшь ақыҭа аибашьцәа Рмемориал амҵан ашәҭқәа шьҭаиҵеит.

Аусмҩаԥгатә иалахәын Ахада ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, Апарламент адепутатцәа, Аиҳабыра алахәылацәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, Тамшь ақыҭа анхацәа.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 2 рзы 1992-1993 шықәсқәа раантәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иналукааша адаҟьақәа иреиуоу, «Тамшьтәи аоперациа» ҳәа хьӡыс изауыз арра-мшынтә десант аӡхыҵра ҟалеижьҭеи 32 шықәса ҵуеит. Рашәарамза анҵәамҭазы, 1993 шықәса рзы Аԥсны Арбџьармчқәа анапхгара аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра азы ажәыларатә операциа амҩаԥгара алзыршоз Аҟәа араион Шрома ақыҭеи астратегиатә ҵакы змоу Аҟәа ақалақь аҩада-мрагыларатәи аганахьала аҳаракырақәеи   ргара азы аӡбамҭа аднакылеит.

Ԥхынгәымза 2, 1993 шықәса рзы ақырҭуа ар иназыцҵоу  архәҭақәа Аҟәа ақалақь ахь рыиагара аԥхьырҟәҟәаареи уаҟа иҟоу ақырҭуа архәҭақәа аблокада азуреи рзы, Тамшь ақыҭан 300-ҩык инарзынаԥшуа рыла ишьақәгылаз арра-мшынтә десант ӡхыҵит.  Адесант хыдҵас иаман амҩаду хада «Очамчыра–Аҟәа» аанкылареи жәамз инареиҳаны амацәаз иҭакыз Ҭҟәарчал ақалақь ахьчараз игылаз арууаа алархәны ажәыларатә операциа амҩаԥгареи.

Аҟәа. Рашәарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аконкурс «Аԥсны акоманда» афиналистцәа раԥшьгарала, IT-школ StemLab ацхыраарала Аҟәа ақалақь аҿы аусура иалагеит иԥсабаратәым  аинтеллект иҿыцу атехнологиақәа ирызку ԥшьымш имҩаԥысло асеминар.

Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәыр ҟалоит уи азы агәазыҳәара змоу зегьы, уи акреативра злоу аҿари ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи иԥсабаратәым аинтеллект еиҳа инарҭбааны деилыркаара иазырхоуп.

Аҟәа. Рашәарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 26 рзы апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара иалҵшәаны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилкы аусзуҩцәа Афон Ҿыц иҟоу адәқьан  «Магнит» (ХА Ԥачлиа Л.З.). Адәқьан ауадақәа рҿы аимдара аан иԥшаан 73 цыра аелектронтә сигареҭ, иара убс  акцизтә дыргақәа зқәымыз 50 ҭоԥ арԥхаратә стикқәа Heets. Иаанкылаз атауар аџьармыкьатә хәԥса — 94 500 мааҭ ыҟоуп.  

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.