pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 8, 2026 шықәса. Аԥсныпресс. Иҿыцу ацитрустә гибрид — минеолу — Аҟәа ақалақь, афестиваль «Амандарин» аҳәаақәа ирҭагӡаны ақыҭанхамҩатә цәыргақәҵа аҿы аӡыргара мҩаԥысит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 5, 2026 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа аофициалтә Қарҭ аҳәамҭа азы ахҳәаа ҟаиҵеит.

Адипломат Мамука Мдинараӡе уаанӡа иҟаиҵаз аҳәамҭеи асоциалтә ҳа X аҿы Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра иҟанаҵаз адырраҭареи обиективла ишьақәгылаз арегионалтәи жәларбжьаратәи ареалиақәа аадырԥшӡом ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит. Уи иажәақәа рыла, ақырҭуа политикатә спектр хазы игоу ахаҭарнакцәак, жәларбжьаратәи апроцессқәа рхатә политикатә зыԥшрақәа инарықәыршәаны рыҟаларазы рҽазышәарақәа, Аԥсны асуверентә ҳәынҭқарра аҳасабала иамоу астатус заԥсахӡом. Аԥсны Аҳәынҭқарра исуверентәу ҳәынҭқарроуп, милаҭрацәала еилоу ажәлар рхы иақәиҭны, изныкымкәа ишьақәырӷәӷәаны иаадырԥшхьоу ргәаҳәара ашьаҭала еиҿкаауп. Иарбоу апринцип аԥсуа ҳәынҭқарра иашьагәыҭуп, адәныҟантәгьы аиҭахәаԥшра ҟалаӡом. Боливариантәи Ареспублика Венесуела налаҵаны, аҳәынҭқаррақәа жәпакы рганахь ала Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара урҭ дара адәныҟатәи аполитика анагӡаразы ирымоу суверентә зинуп.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 7, 2026 шықәса. Аԥсныпресс. Афестиваль «Амандарин» аҳәаақәа ирҭагӡаны аплатформа «Гәыма» аҿы имҩаԥысуеит мышкы аус зуло ацәыргақәҵа-џьармыкьа.

Аусмҩаԥгатә аслоган «Иҟаҵоуп Аԥсны» аҵаҟа еиднакылеит аҭыԥантәи афермерцәеи анапҟазацәеи. Ацәыргақәҵа-џьармыкьа аҿы ицәыргақәҵоуп акерамика (акыцӡры), аҿыханҵа, амилаҭтә инструментқәеи асувенирқәеи. Ахәҭакахьала, аҟазарҭа  «Ашыц» ицәырнагеит зыхә ҳараку аҵламаҭәахә иалху аҟаҵамҭақәа, аҟаза Даҭо Гьергьедаа иакәзар  – дамассктәи аџыр иалху автортә ҳәызбақәа ӡыригоит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 7, 2026 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Аԥсны жәлар Қьырса ныҳәа лаша рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

 

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

Аҟәа.  Ажьырныҳәамза  6,  2026  шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи актиор, асценарист, ателемҩаԥгаҩ Андреи Хорошев анышә дамардеит Аԥсны Аҟәа араион Михаиловское ҳәа изышьҭоу аԥсыжырҭа аҿы, ҳәа адырра ҟанаҵоит  Урыстәылатәи Анформациатә Маҵзура «ТАСС».

Асааҭ 13:00 рзы Аҟәа араион Иашҭхәа ақыҭан Иаҳхылаԥшу Иҽеиҭакра Аныхабаа аҵакыраҿы иҟоу аԥсыжырҭа  «Михаиловское» аҿы имҩаԥысит Андреи Хорошев ихаԥхьара, асааҭ 14:00 рзы  - ауахәама адәаҿы алахьеиқәҵаратә митинг мҩаԥган.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 6, 2026 шықәса. Аԥсныпресс. Агастрофестиваль «Амандарин» хацыркхеит Аҟәа ақалақь аҿы.

С.Багаԥшь ихьӡ зхоу аплошьад аҿы ишьақәдыргылеит агәазыҳәарақәа рыҭӡы (атабло) – уи Аԥсны ахсаала асахьа аманы иҟаҵоу архитектуратә инсталиацианы иҟоуп.

Афестиваль аиҿкааҩцәа рыгәҭакы ала, афестиваль амшқәа зегьы ирылагӡаны изҭаху зегьы иарбоу атабло игәазыҳәарақәа зну ақьаад ақәирҷабыр илшоит. Уи раԥхьа зхы алазырхәыз иреиуоуп ашықәсҿыцтәи аныҳәақәа рзы Аԥсныҟа иааз атуристцәа.  

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 6, 2026 шықәса. Аԥсныпресс. Нестор Ешба ҳазҭалаз 2026 шықәсазы ииз раԥхьаӡатәи Аҟәа ақалақьуаҩԥсны дҟалеит, ҳәа адырра ҟанаҵеит Аҟәа ақалақь Ахадара апресс-маҵзура.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 6, 2026 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи  рацәаны С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа иҟоу аплошьад аҿы еизеит. Араҟа ажьырныҳәамза  6 рзы имҩаԥысит афестиваль «Амандарин» аартра иазкыз аныҳәатә церемониа.  

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 6, 2026 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсни Урыстәылеи жәлар рартист Хьыбла Герзмаа лира амш лыдиныҳәалеит

 

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Хьыбла Леуарса-иԥҳа!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәирамш.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 5, 2026 шықәса. Аԥсныпресс. Шәача ақалақь аҿы инхо, 1990 шықәса рзы ииз Прохорова Амза Руслан-иԥҳа зыкапан дуу анаркотикатә маҭәашьар изакәанымкәа аахәареи анаҩс аҭиразы аҵәахеи аҭиреи рзы ахара лыдҵоуп.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.