pressadmin-2
Жәлар Реизара-Апарламент аҿы аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы 2026 шықәсазы Ареспубликатә биуџьет рыдыркылеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы «2026 шықәсазы Ареспубликатә биуџьет азы» азакәан апроект рыдыркылеит.
2026 шықәсазы аҳәынҭқарратә биуџьет иааизакны амҽхак наӡоит:
- Ахашәалахәқәа рыла – 19 млрд. 514 млн. 559,4 нызықь мааҭ;
- Ахарџьқәа рыла – 20 млрд. 544 млн. 247,6 нызықь мааҭ;
- Аҳәынҭқарратә биуџьет адефицит ашәагаа – 1 млрд. 29 млн. 688,2 нызықь мааҭ.
Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭаҿы аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьара иазку аныҳәатә церемониа мҩаԥысит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҿы аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьара иазку аныҳәатә церемониа мҩаԥысит. Абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Урыстәыла Аҳәынҭцирк Нестор Лакоба имузеи 14,2 млн. мааҭ ҳамҭас ианаҭеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла Аҳәынҭцирк Нестор Лакоба имузеи 14,2 261 342 мааҭ ҳамҭас ианаҭеит. Иарбоу аԥаратә хархәагақәа рашәара 14 инаркны цәыббра 21 рҟынӡа Шәачатәи ацирк Аԥсны агастрольқәа раан абилеҭқәа рыҭира иаҭныҵыз ауп.
«Урыстәылатәи Афедерациа акультура Аминистрра адгыларала Урыстәыла Аҳәынҭцирк хыԥхьаӡара рацәала агастрольқәа мҩаԥнагоит, даара акыр аҵанакуеит агастрольтә усура арегионқәа рзы хра аланы аҟалара, урҭ акультуратә беиара рнаҭо аҟалара.
Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура Аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аҿы аусура иацҵоуп ажьырныҳәамза 1, 2028 шықәса рҟынӡа.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура Аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аҿы аусура ажьырныҳәамза 1, 2028 шықәса рҟынӡа иацнаҵеит.
Адепутатцәа азакәанԥҵаратә шәҟәынҵақәак аиҭакрақәа аларгалеит.
Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла аконкурс «Сыԥсҭазаара зегьы ҵакыс иамоу — Аԥсны ахакәиҭра ауп» аихшьаалақәа ҟаҵоуп.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 29 рзы Аҟәа ақалақь аҿы Аԥсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба диижьҭеит 80 - шықәса аҵра иазкны имҩаԥгаз Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла аконкурс «Сыԥсҭазаара зегьы ҵакыс иамоу —Аԥсны ахакәиҭра ауп» аҿы аиааира згаз аҳамҭақәа ранашьара ацеремониа мҩаԥысит.
Ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг иажәақәа рыла занӡа аконкурс ахь инаган 30 усумҭа. Урҭ рахьынтә иалкаахеит 12 ажурналисттә материалқәа.
Иара Аԥсны Актәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба диижьҭеит 80 - шықәса аҵра иазку аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи рзы Аҳәынҭқарратә комиссиа алахәылацәа ажурналистцәа Реидгыла аконкурс аԥхьахәтә фонд 150 нызықь мааҭ рыла ашьҭыхра азы иҟааҵаз ажәалагала иахьадгылаз азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит. Уи иабзоураны аконкурс аӡбаҩцәа ареитинг материалқәа зегьы ралкааразы алшара роуит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Аахыҵ Кавказ иҟоу аҭагылазаашьазы Урыстәыла иааннакыло апозициа хьаҳәхьачарада иадгылоит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова «Sputnik Қырҭтәыла» аинтервиу аҭо Аахыҵ Кавказ, ҷыдала Қырҭтәыла, аганахь ала Аҩадатлантикатәи алианс имҩаԥнаго аполитика аҭагылазаашьа ашьақәҟьара алзыршо аҟазшьақәа амоуп, арегионалтә шәарҭадаразы ацәшәара дуқәа ацуп ҳәа илҳәаз хшыҩзышьҭрала, еилкаарыла иазнеиуеит.
Ашықәс аихшьаалақәа: Атәыла анапхгара атариф ҿыцқәа, асоциалтә шәатәқәа, иара убас абизнес азы аԥҟарақәа шьақәнарӷәӷәеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Ашәахьа, ԥхынҷкәынмза 29 рзы имҩаԥысыз аминистрцәа Реилазаара аилатәара аҿы атәыла аԥсҭазаара асоциалтә, аенергетикатә, аекономикатә усхкқәа ҳәаақәызҵо ақәҵарақәа рыдыркылеит. Ирыдыркылаз аиҭакрақәа реиҳарак азинмчы роуеит ажьырныҳәамза 1, 2026 шықәса инаркны. Урҭ ауааԥсыра адгылара рыҭареи аҳәынҭқарратә хылаԥшра арӷәӷәареи иазырхоуп. Убас, Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аенергетикатә усхкы аҿы ауааԥсыра рзы афымцалашара ахәшәаразы иҟоу атарифқәа ааннажьит 2026 шықәса мшаԥымза 1 аҟынӡа, ахәԥса уаанӡа еиԥш фазакны иҟоу аҿакрақәа рзы 1,70 мааҭ, х-фазакны иҟоу рзы - 2,20 мааҭ аҩаӡараҿы иаанхеит. Аамҭак ала асоциалтә нормативқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны иалагалоу альготақәа ахархәара змоу афымцамч ахәԥса аҟынтәи 50% артәоит. Ари альготақәа 1, 2026 шықәса инаркны абарҭ акатегориақәа ирыҵанакуа Аԥсны атәылауаа афымцамч ахә ахшәаара азы ирзышьақәыргылахоит 1-тәи агәыԥ иаҵанакуа аинвалидцәа, ақыҭақәа рҿы иҟоу аҳәынҭқарратә азеиԥшҵаратә усбарҭақәа рҿы аус зуа арҵаҩцәа, зықәра намӡац хҩык, ма инареиҳаны ахәыҷқәа змоу змоу аҭаацәарақәа, зхала иҟоу анацәа, аҭаацәара алаларада ахәыҷы ааӡара дызгаз аҳәсагьы уахь иналаҵаны.
Аԥсны Апарламент адепутатцәа Гагратәи араионтә ӡбарҭа ахь аӡбаҩцәа ҩыџьа алырхит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Апарламент адепутатцәа Гагратәи араионтә ӡбарҭеи Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭеи рахь аӡбаҩцәа ралхразы рыбжьы арҭеит.
Нарҭ Ломиа — Гагратәи аӡбарҭа аӡбаҩс далхуп. Уи рыбжьы ирҭеит 30-ҩык адепутатцәа, аӡәы –мап икит.
Атауарқәа раахәара, аусурақәеи амаҵзурақәеи рынагӡара аусхкы аҿы аиқәшаҳаҭратә система азы азакәан апроект рыдыркылеит актәи аԥхьараҿы.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьараҿы ирыдыркылеит «Атауарқәа раахәара, аусурақәеи амаҵзурақәеи рынагӡара аусхкы аҿы аиқәшаҳаҭратә система азы» азакәан апроект.
Аетно-мурал “Аиҭаҿира” аадыртит Ҭҟәарчал ақалақь аҿы.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 8, 2026 шықәса. Аԥсныпресс. Аетно-мурал «Аиҭаҿиара» («Возрождение») аадыртит Ҭҟәарчал ақалақь аҿы. Уи Аԥсны аҽыбӷаҟазаратә традициақәа ирызкуп.
Аҭыԥантәи аспорттә школ аҿаԥшыларатә ган аҿы иарбоу арт-обиект аԥырҵеит афестиваль «Амандарин» аҳәаақәа ирҭагӡаны. Асахьаҿы аҽыбӷаҟазацәа арбоуп, убас авторцәа аҽыбӷаҟазара аԥсуа традициақәа рҿы иааннакыло ароль аарԥшра рҽазыршәеит. Апроект аус адыруалон акоманда Street Art Abkhazia асахьаҭыхыҩцәа Арсоу Берзениеи Кадыр Тәанбеи.








