pressadmin-2
Аҟәа ақалақь ахәыҷбаҳча «Солнышко» аҳҭнықалақь Ахадара ахарџь ала еиҭашьақәдыргылоит.
Аҟәа. Рашәарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы ашколнӡатәи аусбарҭа «Солнышко» аҳҭнықалақь Ахадара ахарџь ала еиҭашьақәдыргылоит.
Ас еиԥш аӡбамҭа идикылеит аҳҭнықалақь ахада Ҭемыр Агрба. Академик Марр имҩа аҩны №50 ала игылоу ахәыҷбаҳча «Солнышко» 2012 шықәсанӡа аус ауан, анаҩс уи шьаҭанкыла аиҭашьақәыргыларазы иаркын, аусзуҩцәа ахәыҷбаҳча «Амра» ахь ииаган, аха ԥыҭрак ашьҭахь аусурақәа аанкылеит, иахьа уи гәыгәҭажьны иҟоуп. Асовет аамҭазы ари аусбарҭа згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа рзы лагерк аҳасабала аус ауан, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара официалтә саит.
Цандрыԥшьтәи ашьапылампыласыҩ ҿарацәа ркоманда «Саӡаа» Анапа имҩаԥысуаз Урыстәылазегьтәи атурнир Russian Cup аҿы аџьазтә аԥхьахә аиура рҽаԥсартәит.
Аҟәа. Рашәарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Цандрыԥшьтәи ашьапылампыласыҩ ҿарацәа ркоманда «Саӡаа» Анапа имҩаԥысуаз Урыстәылазегьтәи атурнир Russian Cup аҿы аџьазтә аԥхьахә ргеит.
Акоманда азы апиедестал ахь амҩа мариамызт. Аибарххара зныԥшуаз афиналтә матч аҿы акоманда «Саӡаа» ашьапылампыл асыҩ ҿарацәа Аҟәатәи Ареспубликатә ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ акоманда асчиот 4:3 ҳәа иаҵахеит. Аха аспортсменцәа ргәы камыжькәа зеиӷьаҟам ала ахԥатәи аҭыԥ агаразы аматч аҿы иқәгылеит. Араҟа еиԥылеит «Саӡаа» акомандеи «Метеор» (Ҟрым) акомандеи, цандрыԥшьаа ахәмарра бзиа аарԥшны, асчиот 5:0 ала аиааира агара рылдыршеит.
Автоеиԥхныҩлара «Аамҭақәа реимадара, абиԥарақәа реимадара» Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоуп рашәарамза 6 рзы.
Аҟәа. Рашәарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Автоеиԥхныҩлара «Аамҭақәа реимадара, абиԥарақәа реимадара» Аԥсны рашәарамза 6 рзы имҩаԥысуеит.
Акциа алахәылацәа идықәлоит асааҭ 8:00 рзы Аҟәа ақалақь, аихамҩатә станциа «Гәыма» аҟынтәи. Урҭ рмаршрут: ақалаққәа Афон Ҿыц – Гәдоуҭа – Гагра – Аҟәа.
Иҿыцу аклассқәа аадыртраны иҟоуп Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа ашҭаҿы.
Аҟәа. Рашәарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Инацҵаны акласс ҿыцқәа цәырҵраны иҟоуп А.К. Чычба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аҿы. Абри атәы еилкаахеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба аԥшьаша, рашәарамза 5 рзы иарбоу аҵараиурҭа иҭаара анымҩаԥысуаз аҽны.
Аиԥылараҿы аҵараиурҭа ашҭаҿы игылоу ажәытә хыбра ақәгареи уи аҭыԥан ҩ-еихагылакны иҟоу ахыбра ҿыц аргылареи рзы аӡбамҭа рыдыркылеит. Аҳәынҭқарра Ахада анапынҵақәа ҟаиҵеит аамҭа кьаҿ иалагӡаны аргылара аплан еиқәыршәаны адгалара мҩаԥыргарц азы.
«Иахьа сара саҭааит асахьаҭыхратә ҵараиурҭа, ахыбра арҭбааразы иҟоу алшарақәа гәасҭеит. Агәра ганы сыҟоуп ас еиԥш адгылара астудентцәа еиҳа зыҩаӡара ҳараку разыҟаҵаразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа шаԥнаҵо», - ҳәа иҳәеит иара.
Уи иажәақәа рыла, еиқәыршәахоит зҵакыра 100 ԥшьыркцатә метр иреиҳау аҿаԥшьы апроект. Уаҟа иҟалоит акласс ҿыцқәеи астудиақәеи.
Аҳәынҭқарра Ахада иусурамш аҩныҵҟала атәылауаа жәпакы рхатәы зҵаарақәа рзы идикылеит.
Аҟәа. Рашәарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада аусурамш аҩныҵҟала идикылеит ҩажәижәаҩык инарзынаԥшуа ауаа.
Аҳәынҭқарра Ахада ишҟа идҵаалоз ауаа зыргәамҵуаз азҵаарақәа иреиуоуп ахәышәтәра, аусурҭа аиура, имаҷуи ибжьаратәуи анаплакра уҳәа реиԥш иҟоу.
Аҳәынҭқарра Ахада ишҟа инеиз атәылауаа рызҵаарақәак аҭыԥаҟны иӡбан. Гәынба Бадра аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа изыхәҭоу анапынҵақәа риҭеит.
Ахатәы интересқәа рыдагьы ирылацәажәан ауаажәларратә ҵакы змоу азҵаарақәагьы.
Ашьапылампыл асразы ахымхәацәа-ампутантцәа рфедерациа анапхгара Ахада иҟны аҳәара ҟарҵеит аиҿкааразы атранспорт азҵаара аӡбаразы. Гәынба Бадра Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа маҷҩымкәа излоу Афедерациа ақәиргәыӷит адгылара шриҭо азы.
Хәымз рыла ареспубликатә биуџьет 2,1 млрд. мааҭ ашәахтә шәатәқәа алагалахеит.
Аҟәа. Рашәарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза, 2025 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет ахь ашәахтә лагалақәа 412 млн. 920,8 нызықь мааҭ, уи 121% иартәоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра.
Хәымз рыла ареспублика абиуџьет иалагалаз ашәахтә шәатәқәа реицҵалыҵ 2 млрд. 100 млн. 337,5 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит, убри аан аплан ала иазԥхьагәаҭан 1 млрд. 883 млн. 786,4 нызықь мааҭ. Анагӡара 111% рҟынӡа инаӡеит.
Лаҵарамза 1 азы ахныҟәгаратә минимум 16 нызқь 515 мааҭ рҟынӡа инаӡон.
Аҟәа. Рашәарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 1, 2025 шықәсазы Аԥсны аусура зылшо аӡәы ихныҟәгаразы ахарџьқәа 16 515,6 мааҭ рҟынӡа инаӡеит, – ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны астандарт азы Аҳәынҭқарратә Еилакы.
Ахныҟәгаратә минимум ахь иаҵанакуеит:
– афатә-ажәтә атауарқәа – 8 257,8 мааҭ;
– абзазара-ааглыхратә уҳәа егьырҭ атауарқәа – 4128,9 мааҭ, зыхә ршәо амаҵзурақәа, ашәахтәқәа, егьырҭ ихымԥадатәиу ашәатәқәа – 4128,9 мааҭ.
Амҳаџьыраа рыԥшаҳәа аҿы игылоу аҩны №2 иашәшәырахаз абарҵа еиҭашьақәдыргылоит.
Аҟәа. Лаҵарамза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Ахадара «Ақалақьргыларапроект» Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы игылоу аҩны №2 ахаҿратә гани амашәыр зхылҿиаар алшо абарҵеи реиҭашьақәыргылара иалагеит.
«Абарҵа ажәытә бетон аҟынтәи ианаҳрыцқьа ашьҭахь, ҳара иаабеит аиха иалху аконструкциа уаанӡа иамаз абарҵа зкуа алшарақәа шацәыӡхьоу. Абарҵа шьаҭанкыла иқәаагар акәхеит. Ҳара уи ҿыц еиҭашьақәҳаргылоит, аконструкциа ахаҭа еиҳа иҳарласуеит, аҭеиҭыԥшгьы ҳарҽеиуеит. Иара убас ари абарҵа аҭагылазаашьа уи иаҵасны инеиааиуаз ауаа рзы ашәарҭара аҵан. Уи ахәҭақәа аҿыбганы урҭ ирықәҳар ауан. Убри аҟнытә ақалақь ахада Ҭемыр Агрба инапынҵала ҳара иарбоу аусурақәа рынагӡара ҳалагеит», – ҳәа иҳәеит «Ақалақьргыларапроект» адиректор Асҭамыр Ԥиԥиа.
14 шықәса раԥхьа иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Аҩбатәи Ахада С.У.Багаԥшь.
Аҟәа. Лаҵарамза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 29 рзы Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь (хәажәкырамза 4, 1949 шықәса – лаҵарамза 29, 2011 шықәса) иԥсҭазаара далҵиижьҭеи 14 шықәса ҵит.
Сергеи Багаԥшь ихьӡ адҳәалоуп Аԥсны жәларбжьаратәи азхаҵара аиура. 2008 шықәсазы Сергеи Багаԥшь иҟаиҵаз адҵала Кәыдрытәи аиҩхаа ахы иақәиҭтәын, иҭарцәын, уи азы иара ианашьан Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ.
Ичмазаҩу ахәыҷқәа рзы есышықәсатәи агәыразратә акциа «Ахәыҷра аныҳәа. Иқьиоу акартош» амҩаԥгарала 174 нызықь мааҭ еизыргеит.
Аҟәа. Рашәарамза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 1 рзы, Жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рыхьчара Амш аҽны, Акультура-гәыҳлалратә Фонд «Ашана» ақьафурҭа «А-бургер» адгыларала традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш, есышықәсатәи агәыҳалалратә акциа «Ахәыҷра аныҳәа. Иқьиоу акартош» мҩаԥнагеит.
Абар жәы-шықәса инеиԥынкыланы ари ахҭыс еиднакылоит ауаа рыгәқәа, ахәыҷқәа рыхьчара Амш аҽны ақьиареи агәыҳалалреи рмарафон мҩаԥысуеит.
Ақьафурҭа «Aburger» ари амш аҽны ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи адзыԥхьало центрны иҟалеит.
Апрофессионалтә аниматорцәа злахәыз агәырҿыхаратә ахәыҷтәы программа, аинтерес зҵоу аҟазара-аклассқәа, еицырдыруа аԥсуа артистцәа рықәгыларақәа акы иаламҩашьоу атмосфера шьақәдыргылон.








