pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Лаҵарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Акультура аминистр Даур Ақаҩба Нижни Новгород Амшқәа ирызку аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгаразы Аҟәаҟәа иааз Нижни Новгород аделегациа идикылеит.

Аминистр гәаартыла асасцәа идикылеит, Аҟәеи Нижни Новгороди рыбжьара аусеицура акультуратә еимадареи апроект ҿыцқәа реицынагӡареи рзы иҿыцу алшарақәа аанартуеит ҳәа иазгәеиҭеит.  

Аҟәа. Лаҵарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. 2025 шықәса алагара инаркны ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра аусуреи уи аеффективра ашьҭыхреи иазкын атәыла аԥыза-министр Владимир Делбеи аминистр Едгар Бениеи реиԥылара, ҳәа адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.  

Аминистр ишазгәеиҭаз ала, аусура аҿы ашәахтәшәаҩцәа раарԥшреи ашәҟәы рҭагалареи, иара убас ашәахтәшәаҩцәа аҳасабырба злаҟарҵо ашәахтәқәҵара арежим аҭҵаареи аиҳарак ахшыҩзышьҭра аҭахоит.

Аминистрра аргылара аобиектқәа ирӷәӷәоу ахылаԥшра анаҭоит, ҷыдала ахшыҩзышьҭра анаҭоит  адгьылтә шәахтә анапхгараҭара.

Аҟәа. Лаҵарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ахылҟьа-ҿылҟьа зхылҵыз аусҭҵаарақәа  рымҩаԥысшьа иалацәажәеит азинхьчаратәи амчратәи ахылаԥшырҭақәа рхадацәа алархәны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аҿы имҩаԥысыз аоперативтә еилатәара аҿы.

Аилатәара рхы аладырхәит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Дмитри Дбар, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут, апрокурор Хада Адгәыр Агрба, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Руслан Ажьиба.

Аҟәа. Лаҵарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Кавказтәи аинвестициатә Форум аҿы Аԥснытәи астенд даҭааит Урыстәыла анапхгара ахада Михаил Мишустин.

Уи диԥылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба. Иара Михаил Мишустин Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылара апроект иирбеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аоперативтә ҟәша аусзуҩцәеи Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәеи лаҵарамза 24 рзы Аҟәа ақалақь аҿы ирыԥшааит  еиуеиԥшым ахьӡқәа змаз акриптовалиута арҳара иазкыз 72 цыра аппарат. 5 аппаратк афымцацәаҳәа иаҿакын, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы апресс-маҵзура.

Аҟәа. Лаҵарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза  1 инаркны аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқарра атәанчахәы змауа хазы игоу акатегориақәа ирыҵанакуа атәанчаҩцәа ртәанчахәы ацҵа 1000 мааҭ рыла ацҵара азԥхьагәаҭоуп.  Абри азы Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит Аԥсны Атәанчаҩратә Фонд ахантәаҩы Денис Гәылариа.

«Зтәанчахәы ацҵа иацырҵо атәанчаҩцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара 15 795-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Уи  10 категориак ирыҵанакуа атәанчаҩцәа роуп. Ацҵақәа ршәаразы ихымԥадатәхо иназыцҵоу аԥаратә хархәагақәа шықәсык азы 189 млн. 540 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит», –  ҳәа еиҭеиҳәеит Денис Гәылариа.

Аҟәа. Лаҵарамза 28, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа атранспорт аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Валентин Иванов Краснодартәи атәылаҿацә ахь иусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥсны-урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ҳәәа аҿы иҟоу Ганрацәалатәи автомашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» даҭааит.

Аҟәа. Лаҵарамза 28, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара ақәҵарала Аԥсны имаҷуи ибжьаратәуи анаплакра адгылара иазку 2025 шықәсазтәи апрограмма шьақәдырӷәӷәахеит. 2025 шықәсазы апрограмма иазоужьхоит 326 млн. мааҭ.

Апрограмма иалахәылацәахар рылшоит: атуризм, ауаажәларратә крыфара, ааглыхра аусхкқәа рҿы аус зуа анаплакыҩцәа. Урҭ рнаплакқәа реиҭарҿыцразы, ма аҿыцқәа раԥҵаразы ирҭаху амаругақәа раахәара иақәдырӡуа ахарџь рзыршәоит.  

Апрограмма афинансыркра ахыҵхырҭаны иҟоуп ареспубликатә биуџьет аҟынтәи аԥаратә хархәагақәа. Урҭ рахьтә 200 миллион ареспубликатә биуџьет аҟынтәи иазоушьҭуп, 126 миллион — Урыстәылатәи афинанстә цхыраароуп, ҳәа иаанацҳауеит Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

Аҟәа. Лаҵарамза 28, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Владимир Делба инапынҵала Аҟәа ақалақь, Аиааира апроспект ала игылоу аҩны №170 ашҭа аиқәыршәазаара иазкыз аусурақәа мҩаԥган. Ари аҩны аҿы инхо ауаа рышҭа аиқәыршәазаара иазкыз аусурақәа рымҩаԥгара 30 шықәса иреиҳаны иазыԥшын. Иқәсхьоу акоммуникациақәа, иажәхьоу аканализациатә система иахҟьаны ес-қәоураан араҟа инхо ауаа акыр изыргәамҵуаз аҭагылазаашьақәа ҟалон. Уажәшьҭа ари апроблема ӡбахеит. 

Аҟәа. Лаҵарамза 30, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Нижни Новгорд Ахадареи ақалақьтә Думеи рофициалтә делегациа Нижни Новгород Амшқәа Аҟәа рымҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны аиашьаратә қалақь Аҟәа иаҭааит.

Аҟәа ақалақь Ахадараҿы имҩаԥысит ақалақь ахада Ҭемыр Агрбеи уи урыстәылатәи иколлега Иури Шалабаеви реиԥылара.  Ҭемыр Агрба апрограмма аҭбаареи алахәылацәа рхыԥхьаӡареи уи амаҵ азызуа аиҿкаарақәеи рганахьала Нижни Новгород Амшқәа рымҩаԥгара амасштаб дазааҭгылеит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.