pressadmin-2
Атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа аекскурсиатә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа дырԥылеит.
Аҟәа. Рашәарамза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аекскурсиатә усхкы аҿиареи атуристтә аамҭахәҭа аҽазыҟаҵареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирызкын ашәахьа, рашәарамза 2 рзы имҩаԥысыз атуризм аминистр Асҭамыр Логәуеи аекскурсиатә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи русуратә еиԥылара.
Аминистр аусхкы ахаҭарнакцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит атуризм аҿиараҿы рлагала азы, убри аан уи атуризм атәыла ԥхьаҟа изго акакәны иҟоуп ҳәа иазгәеиҭеит.
«Ҳара ҳазхиоуп доусы шәажәалагалақәеи жәазгәаҭарақәеи рзыӡарҩра, анаҩс иҳалшо ала урҭ оперативла азхьаԥшра аҭара», - ҳәа иазгәеиҭеит Асҭамыр Логәуа.
Аиԥылара атема хадақәа ируакхеит агидцәа разыҟаҵаразы иазоужьхо аамҭа акьаҿра апроблема, арҭ аҽҳәарақәа лассы-лассы асезон алагара иақәшәоит.
Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан — адемпинг ахәқәа, аҳәаанырцәтәи еиԥш аҭыԥантәи атуристтә мҩақәҵаҩцәа изакәанымкәа русура атема.
Аминистр иахьатәи аамҭазы аҳәаанырцәтәи атуристтә мҩақәҵаҩцәа изакәанымкәа русура аԥхьырҟәҟәааразы иҟоу алшарақәа азхом, Аԥсны атуризм азы азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы ажәалагалақәа реиқәыршәара алыршара иазхәыцтәуп ҳәа иазгәеиҭеит.
Рашәарамза 20 рзы Аԥсныҟа иаараны иҟоуп идуу урыстәылатәи атуристтә мҩақәҵаҩцәа, Аԥсны атуризм Аминистрра иарбоу апроблема ирӷәӷәоу ахьырхәратә уснагӡатәқәа рхархәарада аӡбара алыршара иалацәажәараны иҟоуп.
«Изакәанымкәа зусура назыгӡо аекскурсиамҩаԥгаҩцәа рҿагылара азакәан аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥыслароуп. Уи анормақәа рхархәара зегьы аҵанаклоит — аҳәаанырцәтәи еиԥш аҭыԥантәи азинеилагаҩцәа рганахьалагьы», – ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит аминистр.
Аԥсни Урыстәылеи адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реиԥылара рашәарамза 6 рзы, Москва ақалақь аҿы имҩаԥысуеит.
Аҟәа. Рашәарамза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. 2025 шықәса, рашәарамза 5 – 7 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациаҟа иофициалтә ҭаара мҩаԥысуеит.
Санкт-Петербурги Аԥсни рыбжьара ахәаахәҭратә еикәыршара 2024 шықәсазы 15,5 млн. доллар рҟынӡа инаӡеит.
Аҟәа. Рашәарамза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иҳаҩсыз ашықәс азы Санкт-Петербурги Аԥсни рыбжьара ахәаахәҭратә еикәыршара ҩынтә иазҳаит, уи 15,5 млн. доллар рҟынӡа инаӡеит.
Арҭ арбагақәа рашәарамза 3 рзы Смольныи имҩаԥысыз Санкт-Петербург агубернатор Алеқсандр Беглови Урыстәылеи Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәеи рҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҷыдалкаатә хаҭарнак Лаша Сақаниеи аҩадатәи аҳҭнықалақь аҿы ҳаҭыр зқәу аконсул Владимир Бигәааи реиԥылара аҿы иаарԥшын.
Руслан Ҭырқьба Аԥсны апрокурор Хада ихаҭыԥуаҩ имаҵура аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп.
Аҟәа. Рашәарамза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 2, 2025 шықәса рзы Аԥсны апрокурор Хада Адгәыр Агрба, Ҭырқьба Руслан Лев-иԥа хаҭала иалеиҵаз арзаҳал инақәыршәаны, апрокурор Хада ихаҭыԥуаҩ имаҵура аҟынтәи иақәиҭтәра азы Адҵа инапы аҵаиҩит.
2025 шықәса, ԥхынгәымза 26 рзы 26-тәи (Дранда) Алхырҭатә ҭыԥ хадаҿы Апарламент ахь адепутат ҩаԥхьа иалхра мҩаԥысраны иҟоуп.
Аҟәа. Рашәарамза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 3 рзы имҩаԥысит Аԥсны Алхратә комиссиа Хада аилатәара.
Аилатәара аҿы ишьақәырӷәӷәан 26-тәи (Дранда) Алхырҭатә ҭыԥ хадаҿы Апарламент ахь адепутат ҩаԥхьа иалхра амҩаԥгара арыцхә. Алхрақәа мҩаԥгахоит – ԥхынгәымза 26, 2025 шықәса рзы.
Алхратә комиссиа Хада алахәхылацәа иара убас 26-тәи (Дранда) Алхырҭатә ҭыԥ хадаҿы Апарламент ахь адепутат ҩаԥхьа иалхрақәа рымҩаԥгара аҽазыҟаҵара иадҳәалоу ихадоу аусмҩаԥгатәқәа рымзартә план шьақәдырӷәхӷәеит.
Ҽҳәараанӡа алхрақәа рымҩаԥгара ԥхынҷкәынмза 19, 2024 шықәсазы Апарламент ахыбраҿы иҟалаз ахысраан адепутат Вахтанги Голанӡиа иҭахара иадҳәалоуп.
Лаша Ашәба: Ахәыҷқәа ҳрыхӡыӡаауа урҭ рзы иахьа иҟаҳҵо, уаҵәы ҳреспублика аҿиараҟны ианымԥшыр ауӡом.
Аҟәа. Рашәарамза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Лаша Ашәба Жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рыхьчара Амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.
Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Акыр иаԥсоу аҩызцәа!
Ишәыдысныҳәалоит Жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рыхьчара амш!
Ари аныҳәа ҷыдала изызку ахәыҷқәа роуп. Урҭ рзы иҿыцу, еиӷьу аԥсҭазаара аԥаҳҵарц ҳҭахуп, ҳажәлар рытрадициақәа, ркультура еиқәырханы иаахгоит. Ахәыҷқәа ҳрыхӡыӡаауа урҭ рзы иахьа иҟаҳҵо, уаҵәы ҳреспублика аҿиараҟны ианымԥшыр ауӡом.
Бадра Гәынба: аԥхынра Аԥсны ахала афымцамч ахарџь ахҩара алшоит.
Аҟәа. Рашәарамза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥхынтәи аамҭахәҭазы ареспублика аҿы инырхо афымцамч ахәԥса ашәара алшоит, аха аӡынра атәыла анапхгара амчхара адефицит иазыԥшуп, ҳәа Урыстәыла аинформациатә Маҵзура ТАСС акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба.
«Иахьа ҳара ҳреспублика ҳхатәы генерациа ала афымцамч ала еиқәҳаршәоит. Уажәы, аԥхынтәи аамҭахәҭазы аӡеизакырҭахь инеиуа аӡы амҽхак ареспублика афымцамч аныхтә ахҩаразы иазхартә иҟоуп. Аха, ҳәарада, аӡынтәи аамҭахәҭазы ҳара афымцамч азымхара иадҳәаланы ауадаҩрақәа ҳазцәырҵраны иҟоуп. Иарбоу азҵаара аӡбара ҳаҿуп, урыстәылатәи ҳколлегацәа радыԥхьаларалагьы уахь иналаҵаны. Аперспективазы асистематә усқәагьы аус рыдулара мҩаԥаагоит, абар мызқәак рышьҭахь афымцамч ала аиқәыршәара иадҳәаланы иӡбатәны иаақәгылараны иҟоу азҵаарақәа рыӡбара ҳҽазаҳшәоит», – ҳәа иҳәеит иара.
2025 шықәса хәымз рыла аҳәынҭқарратә биуџьет ахашәалахәқәа 6,1 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.
Аҟәа. Рашәарамза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ҳазҭоу ашықәс хәымз ирылагӡаны Аԥсны аҳәынҭқарратә биуџьет арбагақәа рынагӡара ахашәалахәқәа рыла 6,1 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит, уи ишьақәырӷәӷәаз ашықәстәи арбагақәа рҟынтәи 34 % иартәоит, аныхтәқәа рыла – 5,6 млрд. мааҭ. Абри азы аусуратә еиԥылараан аԥыза-министр Владимир Делба адырра ииҭеит атәыла афинансқәа рминистр Саид Гәыбаз.
Ельвира Арсалиа: Ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы ареконструкциа ашьҭахь ацәыргақәҵақәа рнаҩс жәларбжьаратәи уахь иналаҵаны, акультура-ҵарадырратә проектқәагьы рынагӡаразы алшара ҟалоит.
Аҟәа. Рашәарамза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсни Урыстәылеи рырҿиаратә еидгыларақәа рхаҭарнакцәа реиԥылара иалахәыз Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал Хада адиректор Ельвира Арсалиа ацәыргақәҵатә зал Хада аусуреи апроектқәеи дрылацәажәеит.
Уи аиԥылара еиҿызкааз зегьы иҭабуп ҳәа раҳәо, ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара акультура аусхкы аҿы аусеицура иҿыцу аимпульс анаҭоит ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит. Ельвира Арасалиа, 2025 шықәсазы ацәыргақәҵатә зал Хада – 60 шықәса ахыҵуеит, асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла – 85 шықәса ҳәа еиҭалҳәеит:
«Убас иҟалеит, ацәыргақәҵатә зал Хада акыр шықәса рыҩныҵҟа ареспублика ихадоу ацәыргақәҵатә ҵакыраны иҟан иагьаанхоит иахьа уажәраанӡагьы. Ахыбра ргылан 1912 шықәсазы, уи архитектура абаҟақәа рахь иаҵанакуеит. Уажәы араҟа ареконструкциа мҩаԥысуеит. Даара сақәгәыӷуеит сынтәа араҟа ацәыргақәҵақәа реиҿкаара азы алшара ҟалап ҳәа».
Аԥсни Урыстәылеи рырҿиаратә еидгыларақәа реиԥылара мҩаԥысит Аԥсуа драматә театр аҿы.
Аҟәа. Рашәарамза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҿы Аԥсни Урыстәылеи рырҿиаратә еидгыларақәа реиԥылара мҩаԥысит. Уи рхы аладырхәит Урыстәыла акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Першини Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩбеи.
Аиԥылара акульутра аусхкы аҿы аусеицуреи апроектқәа реицынагӡареи ирыдҳәалоу еиуеиԥшым азҵаарақәа ирызкын.
Аиԥылара анхыркәшаха ашьҭахь апресс-цәырҵра аҿы уи алахәылацәа ареспублика аҿы атеатралтә ԥсҭазаара алацәажәараан Ареспублика Аԥсны атеатралтә усзуҩцәа Реидгыла аусура аиҭахацыркра аидеиа цәырган ҳәа иазгәарҭеит.
Акультура аминистр Даур Ақаҩба ари аҩыза Аидгыла Аԥсны асовет аамҭазы иҟан ҳәа иазгәеиҭеит.
«Иахьа ҳара иҳамоуп аҳәынҭқарратә театрқәа ԥшьба. Урҭ активла аус руеит, аҿиара иаҿуп, ррепертуар ессааира идырҭбаауеит», – ҳәа атеатралтә усзуҩцәа Реидгыла аусура аиҭашьақәыргылара хра злоу аидеиа ауп ҳәа азгәаҭо иҳәеит иара.
Даур Ақаҩба Аԥсны атеатралтә фестиваль амҩаԥгаразы ажәалагала ҟаиҵеит.
«Сара ҳҳәынҭқарра Ахада сиԥылеит, ҳара аусуратә моментқәа ҳрылацәажәеит. Сара Аԥсны атеатралтә фестиваль амҩаԥгаразы аԥшьгара ҟасҵет», – ҳәа адырра ҟаиҵеит иара.
Аиԥылара иалахәыз Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара амузеитә експонатқәа ралгареи ралагалареи рзы аԥҟара шьақәзыргыло аиқәшаҳаҭра ыҟаӡам ҳәа иазгәарҭеит.
«Ҳсахьақәа Урыстәылаҟа аиагареи, мамзаргьы Урыстәылантәи аагареи рзы азҵаара анҳазцәырҵлак, ҳара есымша аҳәаа аҟны ауадаҩрақәа ҳрықәшәоит», – ҳәа иазгәеиҭеит Даур Ақаҩба.
Иара игәаанагарала, ари азҵаара хымԥада аҩ-тәылак рнапхгарақәа рыҩаӡараҿы аӡбара ахәҭаны иҟоуп. Уи аӡбамҭа иадҳәалахоит Аԥсны еиԥш Урыстәылагьы ацәыргақәҵақәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи.
«Ҳара иаҳҭахуп урыстәылатәи авторцәа рырҿиамҭақәа Аԥсны дырбара, убасҵәҟьа аԥснытәи аҟазацәа Урыстәыла дырбара», – ҳәа иажәа иацҵо иҳәеит Даур Ақаҩба.








