pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Лаҵарамза 30, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Атуризм аминитстр Асҭамыр Логәуа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, атуризм Аминистрра ахылаԥшра азҭо Вараздат Миносиан диԥыло ааиагәа имҩаԥысыз Мрагыларатәи Аԥсны аҭаара аихшьаалақәа дрылацәажәеит. Ирылацәажәеит иара убас иарбоу арегион аҿы атуризм аҿиара аперспективақәас иҟоу.

Аминистр убасгьы Аԥсны абизнес маҷ ахаҭарнакцәа акыр агәҭынчымра рызцәырызго аԥсшьаҩцәа рыдкылара аобиектқәа рҿы ахәԥсақәа рдемпинг иадҳәаланы иҟоу апроблемагьы дазааҭгылеит.

Асҭамыр Логәуеи Вараздат Миносиани атуристтә џьармыкьа алахәылацәа зегьы ринтерессқәа ҳасаб азуны адемпинг аҿагыларазы иҟаҵатәу иалацәажәеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 30, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩ Диана Ԥлиа Сибратәи азиндырратә Университет аҿы имҩаԥысуа анаука-практикатә конференциа лхы алалырхәуеит.

Аконференциа  атема — «Административтә ӡбамҭа аӡбаратә хылаԥшра аҭара: атеориа, азакәанԥҵара, азинхархәаратә практика» («Судебный контроль над административным усмотрением: теория, законодательство, правоприменительная практика»).

Диана Ԥлиа Аконституциатә ӡбарҭа аусуразы ари атема актуалра азгәалҭеит.

Аӡбара — ари Аконституциатә ӡбарҭа ала азыӡбақәа рыдкылара апроцесс иузаҟәымҭхо хәҭоуп. Уи азинтә система адаптациатә лшара шьҭнахуеит, ауаажәларра рҿы иҟало аиҭакрақәа иашьашәаланы азхьаԥшреи акала ишьаҭаркым аҳәынҭқарра аганахьала рус аҽалагалара аҟынтәи  атәылауаа ринтерессқәа рыхьчареи алнаршоит.

Аҟәа. Лаҵарамза 30, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩцәа раҭара азы Аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит.

Аҟәа. Лаҵарамза 30, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Владимир Делба аԥшьаша, лаҵарамза 29 рзы аҵара аминистр Хана Гәынба дылԥылеит. Аҵарашықәс ахыркәшара иадҳәалаз азҵаарақәа рылацәажәара ашьҭахь, аҵарадырра асистема аҿиара азҵаарақәа шьҭыхын.

Аиԥылараҿы иара убас абжьаратә школқәа алагарҭатә классқәа ркомплектациатә ҭагылазаашьа иалацәажәеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 30, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 29 рзы С.У.Багаԥшь ихьӡ зху аспорт Ахан  аҿы имҩаԥысит аӡиудо азы ареспубликатә хаҭала-командатә турнир «Аҟәа ақалақь ахада Ихраҿа».  

Аицлабрақәа Нижни Новгород амшқәа рымҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит. Урҭ рхы аладырхәит 2011-2012шш. рзы ииз арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи.  

Атурнир рхы аладырхәит Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи зегьы рҟынтәи аспортсменцәа, иара убас Нижни Новгород аҟынтәи аӡиудоист ҿарацәа ркоманда.

Аҟәа. Лаҵарамза 30, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ахатәы еилазаара акурорттә аамҭахәҭа аҽазыҟаҵара иазкын атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут имҩаԥигаз анҭыҵтәи аилатәара.

Ажьырныҳәамза инаркны лаҵарамзанӡа Гагра араион аҿы ашәҟәы иҭагалан 46 цәгьоура, урҭ рахьынтә 38 аартуп (82,6 %). Ицәгьаӡоу ацәгьоурақәа 15 рҟынтәи  10 аартуп, ҳәа адырра ҟаиҵеит Аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аиҳабы Денис Аиба.

Аминистр акриминалтә милициа аблок аусура аганахьала азгәаҭарақәак ҟаиҵеит. Убри инамаданы иара Гагра араион аҩныҵҟатәи Аусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩыс Тихон Аҩӡба иаҭара азы акадртә ӡбамҭа идикылеит.

Аминистр иара убас Цандрыԥшь аҳаблаҿы иҟоу амилициа аҟәшагьы даҭааит. Роберт Кьиут иарбоу амилициа аҟәша ахатәы еилазаара аусура иахәҭоу аҩаӡараҿы иҟаӡам ҳәа иԥхьаӡаны уи анапхгаҩы иԥсахразы аӡбамҭа идикылеит. Аамҭала амилициа аҟәша аиҳабы инапынҵақәа рынагӡаҩыс дҟаҵоуп Ҭемыр Бганба.

Аҟәа. Лаҵарамза 28, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Бадра Гәынба Аԥсны иҟоу Урыстәыла  Аҳәаахьчаратә  Усбарҭа  ахатәы  еилазаареи анапхгаҩи аҳәаахьчаҩ Имшныҳәа рыдиныҳәалеит.

Ҳаҭыр зқәу Сергеи Валентин-иԥа, Аԥсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала Шәара аԥхьа шәнаргыланы, УА Аҳәаахьчаратә маҵзуреи хаҭалатәи аилазаара зегьы  ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа – Аҳәаахьчаҩ имш!

«Ари амш афырхаҵара, ахамеигӡара, дасу инапы иану аус ацәхьамҵра иасимволуп. Шәара шәмаҵзура иабзоураны аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчара алыршоуп. 

Аҟәа. Лаҵарамза 28, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иналукааша аԥсуа композитор, Асовет Еидгыла акомпозиторцәа Реидгыла алахәыла, Аԥсны аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ Алықьса Чычба диижьҭеи 100-шықәса аҵра аиубилеитә рыцхә азгәаҭара иазку амузыкадырратә конференциа мҩаԥысит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә музыкатә ҵараиурҭа аҿы аҩаша, лаҵарамза  27 рзы.

Алықьса Чычба ихьӡ зху Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа шьаҭаркын 1930 шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музыкатә техникум ҳәа. Ари Аԥсны ираԥхьатәиз музыкатә ҵараиурҭан. Амузыкатә техникум арҵаҩцәа реилазаара алшарала культуратә центрны, акадрқәа еиҵанааӡо иҟалеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь (04.03.1949 - 29.05.2011шш.) ҳаҭырла дыргәаладыршәеит иахьа Џьгьарда ақыҭан.

Агәалашәара иазкыз аусмҩаԥгатә иалахәын  Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, аԥыза-министр Валери Делба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аиҳабыра алахәылацәа, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, Очамчыра араион ахада Алхас Кациа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

Аҟәа. Лаҵарамза 28, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 26 – 29 рзы Ижевск ақалақь — «Урыстәыла Абиблиотекатә ҳҭнықалақь - 2025» аҿы — Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 80-шықәса ахыҵра инамаданы, иара убас акыр зҵазкуа арыцхәқәа ҩба — Урыстәылатәи абиблиотекатә ассоциациа аԥҵара 30-шықәса ахыҵреи Урыстәылазегьтәи абиблиотекақәа Рымш 30-шықәса ахыҵреи ирызку Урыстәылазегьтәи Абиблиотекатә конгресс мҩаԥыслоит. Аконгресс атема хада: «Аиааира. Ҳанеицу еиҳа ҳаӷәӷәоуп» («Победа. Вместе сильнее»).

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.