
pressadmin-2
Аспорттә хыбрақәеи аобиектқәеи ринвентаризациа азы акомиссиа аԥҵоуп.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба аҳәынҭқарратә напхгараҭара хадақәеи аҭыԥантәи анапхгаратә усбарҭақәеи рнапаҵаҟа иҟоу аспорттә хыбрақәеи аобиектқәеи ринвентаризациа азы акомиссиа аԥҵара азы Ақәҵара инапы аҵаиҩит.
Акомиссиа ахантәаҩыс дҟаҵоуп Ареспублика Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Хәытаба.
Акомиссиа аилазаараҿы иҟоуп:
Алада Ешыра ақыҭан аус зуаз амаининг-ферма рыԥшааит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Рыҟәша аусзуҩцәеи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура араионтә ҟәша аусзуҩцәеи Алада Ешыра ақыҭан ирыԥшааит аус зуаз амаининг-ферма, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
ААУ аҿы Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150-шықәса аҵра Амш азгәарҭеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы ахаша, ԥхынҷкәынмза 18 рзы Аԥсны асахьаркыратә литература апатриарх Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150-шықәса аҵра иазкны агәалашәаратә усмҩаԥгатә мҩаԥысит.
Аусмҩаԥгатә амҩаԥгаҩ, аԥсуа бызшәеи алитературеи ркафедра арҵаҩы Инал Гыцба иқәгылараҿы Дырмит Гәлиа ирҿиаратә усура аԥсуа литература азы иаҵанакуаз атәы дазааҭгылеит.
Еизаз идырбан апоет изкыз адокументалтә фильм «Агәалашәара иаԥсахаз аԥсҭазаара» («Жизнь, достойная памяти»). Ауниверситет ахолл аҿы иаадыртит ашәҟәыҩҩы иԥсҭазаара еиуеиԥшым аетапқәа ртәы аазырԥшуаз афотоҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа.
Аԥсны асахьаркыратә литература ашьаҭаркҩы, алингвист, афольклор аизгаҩ, арҵаҩы, адоуҳатә культура арҿиаҩы, жәлар рпоет Дырмит Гәлиа ииубилеи инамаданы астудентцәа рахь ихы рханы дықәгылеит аҵарауирҭа аректор Алеко Гәарамиа.
80 тонна амандаринеи 30 тонна аԥаҭлыкақәа ирҭоу аӡрыжәтәи Аԥснынтәи афронт иаԥну Урыстәыла иҿыцу арегионқәа рахь идәықәҵахеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба Аԥснынтәи афронт иаԥну Урыстәыла иҿыцу арегионқәа рахь агуманитартә еидара адәықәҵара ихы алаирхәит.
Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы Фонд (ЮНИСЕФ) аӡцарҭатә ӡқәа ррыцқьареи асанитариа атехнологиақәа реиӷьтәреи адгылара анаҭоит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аӡцарҭатә ӡқәа ррыцқьареи асанитариа атехнологиақәа реиӷьтәреи иазку асеминар еиҿкаахеит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы Фонд (ЮНИСЕФ) ацхырарала.
Асеминар рхы аладырхәит анџьнырцәа, аргылаҩцәа, иарбоу аусхкқәа рҿы аус зуа аспециалистцәа. Асеминар алахәылацәа аӡцарҭатә ӡқәа ррыцқьареи асанитариа атехнологиақәа реиӷьтәреи иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит, асептикқәа рыргылара аҷыдарақәа ирзааҭгылеит, аӡцарҭатә ӡқәа ринфильтрациа аметодқәа ирыхәаԥшит, иара убас афито-нџьныртә шьақәыргылагақәеи астабилизациатә аӡҭарчқәеи реиԥш иҟоу арыцқьаразы аԥсабаратә лшарақәа ирылацәажәеит.
Акриптовалиута арҳара иазку 12 цыра аппарат Аҟәа ақалақь аҿы ирыԥшааит.
Аҟәа. Аԥсныпресс 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳазалхратә Ҭыԥ «Ԥсоу» азинхьчаратә ҟәшеиҵа аусзуҩцәа Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа рыцырхырааны акриптовалиута арҳара иазку 12 цыра аппарати уи афымцамч ала еиқәзыршәо амаругақәеи рыԥшааит.
Аппаратқәа рҟынтәи хԥа афымцацәаҳәақәа иаҿакын, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟарҵеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аҿы.
Аԥсны алхратә комиссиа Хада Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидат иқәыргыларазы раԥхьатәи аԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәҭагалара мҩаԥнагеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны алхратә комиссиа Хада ашәҟәы иҭанагалеит атәыла Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҿы кандидатс дықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥ.
Аԥшьгаратә гәыԥ алахәылацәа ашәҟәҭагаларазы аршаҳаҭга бӷьыцқәеи анапаҵаҩратә бӷьыцқәеи рыҭан. Урҭ еизыргароуп 2000 иреиҵамкәа, 2500 иреиҳамкәа алхыҩцәа рнапынҵамҭақәа.
«Аԥсны алхратә комиссиа Хада ашәҟәы иҭанагалеит зхыԥхьаӡара 18-ҩык рҟынӡа инаӡо, атәыла Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҿы кандидатс дықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥ», – ҳәа адырра ҟаиҵеит Алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы Дмитри Маршьан.
Кафказ Аҭрышба иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь Леон иорден ианашьоуп.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа Бадра Гәынба аԥсуа дипломат Кафказ Аҭрышба иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь Леон иорден ианашьара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Абри атәы аанацҳауеит Ахада ипресс-маҵзура.
Курсктәи аобласт аҿы ицо аибашьра аҿы иҭахаз Михалиов Олег иԥсыбаҩ Аԥсныҟа иааргеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 16, 2024. Аԥсныпресс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра Пицунда ақалақь аҿы инхоз, 1995 шықәса рзы ииз, Курсктәи аобласт аҿы иҭахаз Михалиов Олег Олег-иԥа иԥсыбаҩ Аԥсныҟа иааргеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.
Артиом Табариан ашахматқәа рзы Аԥсны ачемпионат аҿы аиааира игеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Артиом Табариан аиҳабацәа рыбжьара ареспубликатә шахматтә турнир аҿы аиааира игеит. Ԥхынҷкәынмза 15 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуаз атурнир рхы аладырхәит Аԥсны арегионқәа зегьы рҟынтәи 34-ҩык ашахматистцәа.
Аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Борис Наҟоԥиа (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥ – Нестор Багаҭелиа (ақ. Аҟәа).
Аветеранцәа рыбжьара аԥхьахәтә ҭыԥқәа ааныркылеит Леонид Пак (ақ. Гагра, иара убас Константин Ҭыжәба (ақ. Аҟәа).