pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Рашәарамза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра араион аӡбарҭа аӡбаҩ Инал Кәыҵниа ихантәаҩрала имҩаԥгаз аӡбаратә еилатәара аҿы,  1987 шықәсазы ииз, Узбекьысҭан, Фергантәи аобласт, Маргилан ақалақь аҿы ииз, Шәача ақалақь аҿы инхо Ахмедов Алеқсандр Александр-иԥа анаркотикатә маҭәашьарқәа рыларҵәаразы ахьырхәра ҳасабала изалырхит ԥсраҽнынӡа ахақәиҭра иалхәдаара, имазара имхрала ирӷәӷәоу арежим змоу ариашаратә колониа аҿы аҭакра.

Аҟәа. Рашәарамза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аурыс драматә театр адиректор Хада Иракли Хьынҭәба рашәарамза 2 рзы С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы имҩаԥысыз Урыстәылеи Аԥсни рыҿиаратә еилазаарақәа реиԥылара, Урыстәыла акультура аминистр Ольга Лиубимова Аԥсныҟа лаара аамҭазы иҟалаз апрофессионалтә еимадара ацҵара аҳасабала дахәаԥшуеит.

«Усҟантәи аиԥылара ашьҭахь азҵаарақәа жәпакы рыӡбара алыршахеит, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла хра злоу аиҭакрақәа шыҟоу убаратәы иҟоуп, иахьагьы аҿиаразы алшара бзиақәа ыҟоуп», - ҳәа иҳәеит иара.

Иракли Хьынҭәба Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара атеатралтә усхкы аҿы аусеицура аганахьала уаанӡа излацәажәахьаз  зегьы қәҿиарала анагӡара иаҿуп Фазиль Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театр аҿы ҳәа иазгәеиҭеит:

Аҟәа. Рашәарамза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәа ӷәӷәала аӷьычразы ахара зду х-ҩык Гал араион аҿы инхо ахацәа ааныркылеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура. Уи –  Гал ақалақь аҿы инхо Хупениа Лука Баадур-иԥа, 2006 шықәса рзы ииз, Речиа Николаи Манучар-иԥа, 2005 шықәса рзы ииз, иара убас Гал араион Шьашьикәара ақыҭан инхо Гергедава Георги Мамука-иԥа, 2003 шықәса рзы ииз.  

Аҟәа. Рашәарамза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳа  Аԥсны ахәыҷқәа Жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рыхьчара Амш рыдылныҳәалеит.

«Иахьа, рашәарамза 1 азы ҳара иазгәаҳҭоит акыр зҵазкуа илашоу аныҳәақәа иреиуоу – Жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рыхьчара Амш!

Ари аныҳәа ҳтәыла ԥхьаҟатәи аԥеиԥш знапы иану, изызку ҳхәыҷқәа рыхьчареи ацхыраара рыҭареи иазкуп. Ахәыҷқәа рыччаԥшь, рҵарадырра, реихьӡарақәа – абри ауп ҳаԥсҭазаара ҵакыс иамоу, убри ауп уи гәылҭәааны иҟазҵо. Ари амш ҳара, аиҳабацәа ҩаԥхьа иаҳгәаланаршәоит ихадоу ҳҭакԥхықәра    – дарбанызаалак ахәыҷы насыԥла иҭәу ишәарҭадоу ахәыҷреи ибзиоу аҵарадырреи амедицинатә цхыраареи ганрацәала аҿиареи рзы иманшәалоу аҭагылазаашьа иманы аҟаҵара.

Аҟәа. Рашәарамза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Лаҵарамза 25 рзы Санкт-Петербург асахьаракыра Академиа аконференц-зал аҿы имҩаԥысит Алиса Гыцба лаԥшьгарала еиҿкаау Жәларбжьаратәи амузыкатә лабораториа алауреатцәа ргала-концерт.  «Нева иқәыҩуа аҿар рыбжьы» («Молодые голоса на Неве») ҳәа ахьыӡ зауз ахәылԥаз аҟазара абзиабаҩцәа зегьы рзы мацара акәымкәа, апрофессионалтә еилазаара аҿы арезонанс цәырнагеит.

Ари апроект аидеиатә аԥшьгаҩыс иҟоу Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артистка, Аԥсны  жәлар рартистка Алиса Гыцба Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо амузыкатә хәылԥазы шымҩаԥысыз атәы еиҭалҳәеит.

Аҟәа. Рашәарамза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рыхьчара амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.

 

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

Ишәыдысныҳәалоит Жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рыхьчара амш. Ари аныҳәа зегь раҧхьа иргыланы иаҳгәаланаршәоит ахәыҷқәа аҧхьаҟатәи реихьӡарақәеи  рҧеиҧши рзы иҳаду  аҭакԥхықәра.

Аҟәа. Лаҵарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Мышқәак раԥхьа Черқьесск ақалақь аҿы арегионбжьаратәи адоуҳатәии арккаратәи аусеицура аганахьала акыр зҵазкуа ашьаҿа ҟаҵан. Араҟа Аԥсны аԥсылманцәа Иаку рдоуҳатә Усбарҭа (ЕДУМ) ахантәаҩы Ҭемыр Ӡыбеи Ареспублика Ҟарачы-Черқьессиа амыфҭы Маҳамад Еркенови аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Аусшәҟәы анапаҵыҩра мҩаԥган Урыстәыла зегьы иахьаҵанакуа традициала ишьақәгылахьоу адоуҳатә-ацәаҩашәаратә хәдуқәа реиԥшзаареи рӡыргареи алыршара иазкыз   Аҿартә Адинхаҵарабжьаратәи афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны. Абри азы Аԥсныпресс ахь адырра ҟанаҵеит Аԥсны аԥсылманцәа Иаку рдоуҳатә Усбарҭа (ЕДУМ).

Аҟәа. Лаҵарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Ҳагба автономтә икоммерциатәым Аиҿкаара «Урыстәыла – алшарақәа ртәыла» Ахылаԥшратә хеилак аилатәара далахәын.

Аҟәа. Лаҵарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Африка Амш иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы алаирхәит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура.

Аусмҩаԥгатә мҩаԥысуан Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра адипломаттә корпус амаҵзура азы аусбарҭа Хада аҿы. Араҟа еизеит аҳәынҭқарратә усзуҩцәа, адипломатиатә миссиақәеи жәларбжьаратәи еиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа.

Лаҵарамза 25 рзы иазгәарҭо Африка Амш, шьақәырӷәӷәан 1963 шықәсазы иҟалаз аҭоурыхтә хҭыс аҳаҭыр азы. Усҟан Аддис-Абеба (Ефиопиа) аҿы имҩаԥысыз раԥхьатәи африкатәи атәылақәа рнапхгарақәа рконференциа аҿы иаԥҵахеит Африкатә акзаара Аиҿкаара (ОАЕ). 2002 шықәса инаркны уи ашьҭрамданы иҟалеит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара арезолиуциақәа рыла зусура адгылара аиуо Африкатәи Аидгылара.  

Аҟәа. Лаҵарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика Аԥсны атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Барцыци Дмитри Занҭариеи ицны аобиект аԥхынтәи акурорттә сезон ишазхиоу агәаҭаразы апансионат «Аиҭар»  иаҭааит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атуризм Аминистрра аофициалтә саит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.