pressadmin-2
Бадра Гәынба Лыхны Аԥсадгьыл ахьчараз иҭахаз Рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәааи Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭа иаҭааит.
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба азеиԥшреспубликатә аилыргаратә усмҩаԥгатә ихы алаирхәит.
Аҟәа. Цәыббрамза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада азеиԥшреспубликатә аилыргаратә усмҩаԥгатә иҽалаирхәит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Аҳәынҭқарра Ахада Гагра XXIV Жәларбжьаратәи атеннистә еицлабра «Аԥсуа Шлиапа ду – 2025 шықәса» аартра даҭааит.
Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Гагра XXIV Жәларбжьаратәи атеннистә еицлабра «Аԥсуа Шлиапа ду – 2025 шықәса» аартра даҭааит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Бадра Гәынба аҵаралашаратә марафон «Адырра. Аԥхьагылаҩцәа» дрыдныҳәалеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба раԥхьаӡакәны Аԥсны иаатыз аҵаралашаратә марафон «Адырра. Аԥхьагылаҩцәа» далахәын.Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Аҟәатәи ашха аҿы иҿыцу Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ шьақәдыргылеит, иҭахаз аибашьцәа рбаҟа акәша-мыкәша еилдыргеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра Амш аламҭалазы ажәлар рҿы афуникулиор ҳәа изышьҭоу Аҟәатәи ашьха аҿы иҿыцу Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ шьақәдыргылеит, иҭахаз аибашьцәа рбаҟа акәша-мыкәша еилдыргеит.
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба иџьынџьуаа Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра Амш рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба иџьынџьуаа Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра Амш рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу 1992–1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа!
Ҳаҭыр зқәу Аԥсны жәлар!
Жәлар Реизара-Апарламент ахьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳҭнықалақь – Аҟәа ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа рҟынтәи ахақәиҭтәра Амш!
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы иҟоу иҭахаз афырхацәа Рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аҟәа ақалақь Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭра амш 32 шықәса ахыҵуеит.
Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы 1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз афырхацәа Рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.
32 шықәса раԥхьа Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахы иақәиҭтәын.
Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 27 рзы Аҟәа ақалақь Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭра амш 32 шықәса ахыҵуеит.
Акультура аминистр Даур Ақаҩба Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа Чонджу Крафт Биеннале 2025 даҭааит.
Аҟәа. Цәыббрамза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Акультура аминистр Даур Ақаҩба Аладатәи Кореиа цәыббрамза 2 инаркны абҵарамза 2 аҟынӡа адевиз «Адунеи ҳаргылоит» («Строим мир») ала имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа Чонджу Крафт Биеннале 2025 даҭааит (Cheongju Craft Biennale 2025).
Лаша Ашәбеи Анас Кьышьмариеи ауаҩы, атәылауаҩы изинқәеи ихақәиҭреи азакәкнԥҵаратәи апрактикатәи аиқәыршәара азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Ареспублика Аԥсны Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу иофис даҭааит.








