pressadmin-2
Алхратә комиссиа Хада аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа рахь алхратә закәанԥҵара хьаҳә-хьачарада инарыгӡаларц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.
Аҟәа. Жәабранмза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 23 рзы имҩаԥысит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Едуард Быҭәбеи Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашкои реиԥылара, уи ихы алаирхәит Аҳәынҭқрра ахадарахь акандидат Бадра Гәынбагьы.
Алхратә комиссиа Хада аус зуо агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо ас еиԥш иҟоу иԥылара акандидат идгылара аазырԥшуа агитациатә усура аҳасабала иахәаԥшуеит, уи алхратә закәанԥҵара еиланагоит ҳәа иазгәанаҭоит.
Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидатцәа жәабранмза 27 рзы Аԥсуа телехәаԥшраҿы ишиашо ицо аефир ала еиҿкаахо ателедебадқәа рхы рыладырхәуеит.
Аҟәа. Жәабранмза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Алхратә комиссиа Хада Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидатцәа аҳәынҭқарратә телехәаԥшра аҿы ирзоужьхо аефиртә аамҭа аформат шьақәнарӷәӷәеит.
Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидатцәа жәабранмза 27, 2025 шықәса рзы Аҳәынҭқарратә телехәаԥшра аҿы ирыҭахоит ҩ-сааҭки бжаки аефиртә амҭа. Аефир алагара аамҭа – асааҭ 21:00 рзы.
Аефир 5 блок рыла ишьақәгылоит:
Дмитри Маршьан: Алхратә комиссиа Хада азинмчы аҳәаақәа ирҭагӡаны иалшо зегьы ҟанаҵоит.
Аҟәа. Жәабранмза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, жәабранмза 24 рзы имҩаԥысит Алхратә комиссиа Хада аилатәара. Уи анхыркәшаха ашьҭахь, Ахратә комиссиа Хада ахантәаҩы Дмитри Маршьан ажурналистцәа рзы абрифинг мҩаԥигеит.
«Ԥшьымш аанхеит Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа аҩбатәи атур амҩаԥгара амш аҟынӡа. Ҳара изныкымкәа акандидатцәа рыштабқәа, Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидатцәа, Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидатцәа рхаҭыԥуаҩрахь акандидатцәа рахь алхратә закәанԥҵара аилагара шыҟамло азы ааԥхьара ҟаҵо ҳақәгылахьеит. Ҳара уи азы Аҳәынҭқаррахь аканддидатцәа реиԥылара, реиҿцәажәара, рыбжьара аиқәшаҳаҭра абжьаҵара азы аԥшьгара ҟаҳҵеит. Агәра шәсыргоит Алхратә комиссиа Хада алахәылацәа зегьы рзинмчы аҳәаақәа ирҭагӡаны ирылшо зегьы шыҟарҵо», – ҳәа иҳәеит Дмитри Маршьан.
Валери Бганба «Аиааира Адәыӷба» даҭааит.
Аҟәа. Жәабранмза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба атәыла анапхгара алахәылацәа ицны Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 80-шықәса ахыҵра азгәаҭара иазкны жәабранмза 23 рзы Аҟәаҟа иааз акәырҷыжьқәа ирықәгылоу еиҭаҵуа аинтерактивтә музеи «Аиаира Адәычба» даҭааит.
Амимоза апартиақәа руак аҿы калифорниатәи трипс ҳәа изышьҭоу ашәҭтә ҵиаақәа аԥхасҭа рызҭо ахәаҷа-маҷа хкы рыԥшааит.
Аҟәа. Жәабранмза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Експорт ҳасабла идәықәҵаз амимоза (араӡны лакациа) апартиақәа руак аԥсны-урыстәылатәи аҳәааҿы иааныркылеит. Урыстәыла акарантинтә маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, уаҟа ирыԥшааит калифорниатәи трипс ҳәа изышьҭоу ашәҭтә ҵиаақәа аԥхасҭа рызҭо ахәаҷа-маҷа хкы.
Адәныҟатәи акарантин аҟәша аиҳабы Руслан Смыр Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо, амимоза апартиақхәа руак заанкылаз атәы дахцәажәеит.
Руслан Смыр, иахьа Аԥсны Акарантинтә маҵзура ахь урыстәылатәи акарантинтә маҵзура аҟынтәи ашәҟәы ааит, уаҟа аиагара иазырхиаз амимоза апартиақәа руак аҿы калифорниатәи трипс ҳәа изышьҭоу ашәҭтә ҵиаақәа аԥхасҭа рызҭо ахәаҷа-маҷа хкы рыԥшааит ҳәа иазгәаҭан ҳәа иҳәеит.
«Ҳара ҳзы ари иҿыцу аԥхасҭа зырҿио ахәаҷа-маҷа хкуп, уи аҭҵаара ҳалагоит. Аха амашьынақәа аҳәааҿы игылаӡам. Уаҟа ҳара иҳамоу аинформациа ала, иааныркылеит зыкапан 25 кьыла рҟынӡа инаӡоз анапылеидарала иргоз аидара. Ҳара ари ажәабжь атәыла анапхгара аҟынӡа инаҳгеит», ҳәа иҳәеит иара.
Руслан Смыр иажәақәа рыла, трипс ҳәа изышьҭоу ахәаҷа-маҷақәа аҵиаақәа аԥхасҭа рырҭоит, ирылоу ацәаакыра алырцәаауеит, абыӷьқәеи ашәҭқәеи ӷәӷәала ааха рырҭоит. Арҭ аԥхасҭа зырҿио ахәаҷа-маҷақәа рықәгара азы амониторинг мҩаԥыргоит, иара убас урҭ рхыԥхьаӡара зырмҷуа ахимиатә маҭәашьарқәа рыла аӡиаақәа аус рыдырулоит.
Аҟәатәи аспортсменцәа Гориачи Клиуч имҩаԥысуаз аицлабрақәа рҿы аԥхьахәтә ҭыԥқәа ааныркылеит.
Аҟәа. Жәабранмза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи акоманда жәабранмза 23 2025 шықәса рзы Гориачи Клиуч имҩаԥысыз зхы иақәиҭу аиқәԥара азы Урыстәыла атәылахьчара Аминистрра Иаарту аԥхьахәгара аҿы аԥхьахәтә ҭыԥқа ааннакылеит. Ари аусмҩаԥгатә Аԥсадгьыл Ахьчаҩ Имш иадҳәалахеит.
Аицлабрақәа рхы аладырхәит еиуеиԥшым арегионқәа рҟынтәи 150 инареиҳаны аспортсменцәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан Ҟарачы-Черқьессиатәи Ареспублика, Шәача, Генленџьыкь, Анапа, Даӷьсҭантәи Ареспублика, Краснодартәи атәылаҿацә, Темриук, Аԥсны ахаҭарнакцәа.
Адгәыр Арӡынба: апланркра 15-20 шықәса ирҭагӡахароуп.
Аҟәа. Жәабранмза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидат Адгәыр Арӡынбеи Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидат ихаҭыԥуаҩрахь акандидат Алхас Џьынџьали рыпресс-конференциа мҩаԥысит ахаша, жәабранмза 19 рзы, Аҟәа ақалақь аҿы.
Аԥсны атәылауаа зегьы доусы рлахьынҵа аӡбара азы азин рымоуп.
Адгәыр Арӡынба ишазгәеиҭаз ала, уажәы имҩаԥысуа алхраԥхьатәи акампаниа – «Аԥсны аҭоурых аҿы зегьы раасҭа иҟьашьу» ҳәа иаанхоит. Уи игәаанагарала, аетникатә гәыԥқәак акандидатцәа руаӡәк идгылаҩцәа рҟынтәи ипрецедентдоу ақәыӷәӷәара роуит. Иара убас иара икоманда Ҭырқәтәыла иазырхоушәа аинформациа ацәырҵра иалагеит.
«Уи зегьы мцуп, ипровакациоп. Ҳара иаадыруеит ас еиԥш иҟоу адезинформациа гәҭакыла аларҵәара шамаз, ақыҭақәагьы уахь иналаҵаны», – ҳәа иҳәеит иара.
Адгәыр Арӡынба атәылауаа рықәыӷәӷәара иалкаау аеффект аиуит ҳәа иазгәеиҭеит.
«Ҳара иаҳҭахӡам милаҭрацәала еилоу ҳажәлар етникатә ҟазшьа ала реихшара ҟаларц, иаҳҭахӡам џьукы-џьоукы рхатә политикатә хықәкқәа рынагӡаразы урҭ рхы иадырхәаларц. Уи аҩыза ҟалашьа амам!», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидат.
Уи иажәақәа рыла, ас еиԥш ақәыӷәӷәара ахҟьаԥҟьақәа излауа ала армаҷреи аҭагылазаашьа аҭышәынтәалареи рзы, акандидат иштаб ахаҭарнакцәа аерман милаҭ иатәу Аԥсны атәылауаа ахьынхо аҭыԥқәа рахь инеины ауааԥсыра ирыҿцәажәоит, иреилдыркаауеит урҭ имцырку аинформациа рыларҵәарала ишдырҩашьаз, шьаԥҿаршә шырзыруз.
«Рыцҳарас иҟалаз, Аԥснытәи аерманцәа Рхеилк ахада Алик Миносиан уажәы Аԥсны дыҟаӡам, иҟоу аҭагылазаашьа алацәажәаразы уи иԥылара рҭахын аветеранцәагьы, аиҳабацәа рабиԥара иаҵанакуа ауаагьы, аха уи макьаназы изалмыршахеит», – ҳәа иажәа иацҵо иҳәеит иара.
Адгәыр Арӡынба игәаанагарала, адезинформациа ахархәарала ауаа ргәаанагара аманипулиациа азура азы аҽазышәарақәа зегьы иахәҭоу азинтә хәшьара аиуроуп, иазбан акәзар уи иаанаго ишиашоу алхратә процесс аҽалагалара ауп.
Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидатцәа Адгәыр Арӡынбеи Бадра Гәынбеи реиԥылара мҩаԥысуеит жәабранмза 21 рзы.
Аҟәа. Жәабранмза 21, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидат Бадра Гәынба ахәылбыҽха, жәабранмза 20 рзы Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидат Адгәыр Арӡынба иштаб ахаҭарнакцәа рԥылара шымҩаԥысыз атәы далацәажәеит. Уи рхы аладырхәит Адгәыр Арӡынба иштаб аҟынтәи Ҭемыр Гәлиа, Қамас Аиба, Вианор Ашба, Аҳәынҭқарра ахадарахь акандилат Бадра Гәынбеи Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидат ихаҭыԥуаҩрыхь акандидат Беслан Бигәааи Бадра Гәынба ареспубликатә иалхратә штаб анапхгаҩы Алеқсандр Анқәаби.
Апарламенттә Еилакы аҿы атәыла аҿы ишьақәгылаз ауаажәларра-политикатәи акриминагенттәи аҭагылазаашьа иалацәажәеит.
Аҟәа. Жәабранмза 20, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы апарламенттә Еилакы инарҭбаау аилатәара мҩаԥысит ахаша, жәабранмза 19 рзы.
Адепутатцәа рнаҩс аилатәара иара убас рхы аладырхәит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Роберт Киут, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Руслан Ажьиба, апрокурор Хада инапынҵақәа назыгӡо Дамир Кәыҵниа.
Аԥснытәи аспортсменцәа зхы иақәиҭу аиқәԥара азы аԥхьахәтә ҭыԥқәа жәба ааныркылеит.
Аҟәа. Жәабранмза 22, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аспортсменцәа Черқьесск ақалақь аҿы имҩаԥысуаз зхы иақәиҭу аиқәԥаразы арегионбжьаратәи атурнир «Аиааиразы агәазыҳәара» аҿы актәи амш азы аԥхьахәтә ҭыԥқәа жәба ааныркылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилкы.
Рамин Арсҭаа (35 кь), Абазг Феҭ-оглы (38 кь), Сандро Жьиба (48 кь), Богдан Ӡиӡариа (52 кь) актәи аҭыԥқәа ааныркылеит, Осман Ҳагба (38 кь), Нестор Арлан (52 кь), Дамеи Кархалаа (48 кь) аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит, Владик Ладариа (41 кь), Данаҭ Жьиба (62 кь) ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит.








