pressadmin-2
Сергеи Шамбеи иҷыдоу анапынҵақәа рзы ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани реиԥылара мҩаԥысит.
Аҟәа. Жәабранмза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабран 18 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы реиԥылара мҩаԥысит Адәныҟатәи аусқәа рминистр и.н. Сергеи Шамбеи Италиа иҟоу Аԥсны Ахаҭарнакра аҿы адәныҟатәи аусқәа Рминистрра анапынҵа ҷыдақәа назыгӡо ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани. Аиԥылара ихы алаирхәит Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Кан Ҭаниа.
Сергеи Шамба Вито Гриттани Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рахь дахьааз азы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит, иара убасгьы иазгәеиҭеит уи ареспублика адгылара ду шаиҭо зегьы ишеицырдыруа.
«Ари ҳара ҳзы даара акраҵанакуеит. Шәара ижәдыруеит ҳтәыла шаҟа иҭахкааны иҟоу, убри аҟнытә Европа ҳазмадоу, иҳадгыло ауаа аныҟоу, уи еиҳа амчреи агәыӷреи ҳанаҭоит”. Шамба аринахысгьы хра злоу аусеицуразы агәыӷра шимоу атәы азгәеиҭеит.
Аҭыԥантәи ахаланаԥхгара аусбарҭақәа рзинмчы рашәарамза 7, 2025 шықәсанӡа иацҵахоит.
Аҟәа. Жәабранмз 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба жәабранмза 19 рзы Жәлар Реизара-Апарламент аҿы жәабранмза 18 рзы ирыдыркылаз «Аҭыԥантәи ахаланаԥхгара аусбарҭақәа рдепутутцәа рзинмчқәа рыцҵаразы» ақәҵара инақәыршәаны Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Аԥсны иаԥҵахоит ателемедицинатә консультациақәа Рцентр.
Аҟәа. Жәабранмза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко инапынҵала Аԥсныҟа дааит Урыстәыла агәабзиарахьчара Аминистрра амашәырцәгьақәа рмедицина Афедералтә центр акризисттә ҭагылазаашьақәа рҿы анапхгараҭара Ацентр ахаҭарнак.
Урыстәыла агәабзиарахьчара Аминистрра амашәырцәгьақәа рмедицина Афедералтә центр (ФЦМК) аспециалист Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Едуард Быҭәбеи Ареспубликатә хәышәтәырҭа Хада аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо Ерик Ҳаҭхәеи дырԥылеит. Ареспубликатә хәышәтәырҭа Хада аҿы ауп ателемедицинатә консультациақәа Рцентр аиҿкаара ахьазԥхьагәаҭоу. Асистема аԥышәатә аҿакра ааигәа иҟалоит.
Ер-Риад имҩаԥысит Урыстәылеи Америкеи рыбжьара аиҿцәажәарақәа.
Аҟәа. Жәабранмза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла Ахада В.В. Путини Еиду Америкатәи Аштатқәа Рхада Д.Трампи аҩганктәи амшхәаԥштәи жәларбжьаратәи аполитикеи рыла аимадара аинтенсификациа азура азы реиқәшаҳаҭра инамаданы, Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови Урыстәылатәи Афедерациа Ахада ицхырааҩ Иури Ушакови, жәабранмза 18 рзы Ер-Риад аҿы Еиду Америкатәи Аштатқәа Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Марко Рубио, амилаҭтә шәарҭадара азы Аҳәынҭқарра Ахада ицхырааҩ Маикл Уолтц, Ааигәа Мрагылара ала Аҳәынҭқарра Ахада иҷыдалкаатә хаҭарнак Стивен Уиткофф зеилазаараҿы иҟаз америкатәи аделегациа ирԥылеит, аҩганктәи аиҿцәажәара мҩаԥыргеит.
Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит аҿы иҟоу адыррақәа рыла, аиԥылара аҿы азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит, аҩганктәи аизыҟазаашьақәа рҭышәынтәалара аперспективақәа уахь иналаҵаны.
Аганқәа хара имгакәа ацҳаражәҳәаҩцәа рышьақәырӷәӷәара, иара убас аҩ-ҳәынҭқаррак рдипломатиатә хаҭарнакрақәа русура аганахьала иҟоу аԥкрақәа раԥыхра азы адәныҟаполитикатә хылаԥшырҭақәа рхадацәа рхаҭыԥуаҩцәа рыҩаӡараҿы аконсультациақәа рымҩаԥгаразы еиқәшаҳаҭхеит.
Еиқәшаҳаҭхеит аенергетика, акосмос, уҳәа аҩганк ринтерессқәа ирықәшәо егьырҭ аусхқәа уахь иналаҵаны, аекономика аганахьала аусеицура аи-ашьақәыргылара азы амҩақәа рыԥшаара. Урыстәылеи Еиду Америкатәи аштатқәеи рнапхгаҩцәа рсаммит аҽазыҟаҵарақәеи, Украина иазкны иҟалар зылшо аиҿцәажәарақәеи ирылацәажәеит. Аҩганк ахаҭарнакцәа ишьақәдырӷәӷәеит аконфликат аҭышәынтәаларазы ргәазыҳәара.
Алхратә комиссиа Хада азинхьчаратә усбарҭақәа рахь алхратә закәанԥҵара еилазго аиҿагылара зхылҿиаар алшо аусқәа рыԥхьырҟәҟәаара алдыршарц азы ааԥхьара ҟанаҵеит.
Аҟәа. Жәабранмза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Алхратә комиссиа Хада аӡбамҭала Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкырамза 1, 2025 шықәса рзы.
«Ареспублика Аԥсны Аконституциа ахәҭаҷ ҩба инақәыршәаны, ажәлармчра - Аԥсны аҳәынҭқарратә мчра шьаҭас иамоуп. Аԥсны асуверенитет ныҟәгаҩыси уи амчра хыҵхырҭаси иамоу Аԥсныжәлар роуп. Ажәлар рымчра аԥсҭазаара иаладырҵәоит дара рхала, ма рхаҭарнакцәа рыла. Аконституциа ахәҭаҷ 12 иаҳәоит: «Ауаҩы ицшоуп ихадароу азинқәеи ахақәиҭрақәеи. Дарбанзаалак ауаҩы дшоуп ихы дақәиҭны. Азакәани аӡбареи рҿаԥхьа зегьы еиҟароуп милаҭлеи, хаҵалеи, ԥҳәыслеи, бызшәалеи, хылҵшьҭралеи, маллеи, маҵуралеи, нхарҭа ҭыԥлеи, динлеи, дунеихәаԥшышьалеи, идеологиалеи, цәаԥшшәахәылеи ҳәа еилых ҟамҵакәа», – хәа иаҳәоит Аԥсны Алхратә комиссиа Хада иахьа, жәабранмза 18 рзы иаланарҵәаз ааԥхьара атекст аҿы.
Аԥсны Алхратә комиссиа Хада Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа аихшьаалатә лҵшәақәа шьақәнарӷәӷәеит.
Аҟәа. Жәабранмза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Алхратә комиссиа Хада жәабранмза 15, 2025 шықәса рзы имҩаԥысыз Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа аихшьаалатә лҵшәақәа шьақәнарӷәӷәеит.
Бадра Гәынба: «Аԥсны Ахада иалхрақәа азакәан инақәыршәаны, хәажәкырамза 1 азы имҩаԥысуеит».
Аҟәа. Жәабранмза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. «Аԥсны Ахада иалхрақәа азакәан инақәыршәаны, хәажәкырамза 1 азы имҩаԥысуеит, атәылауаа зегьы иаарԥшхо ргәазыҳәара рыдыркылароуп, уи зеиԥшрахозаалакгьы!» - Аԥсны атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидат Бадра Гәынба.
Иара иаппонентцәа аҭынчреи ачҳареи аҽынкылареи аадырԥшырц, амилаҭтә цәымӷра зырҿио аҳәамҭақәа ҟарымҵаларц, иара убас аиҿагылара зхылҿиаар алшо ажәақәеи аусқәеи рҽырцәырыхьчарц ааԥхьара ҟаиҵеит».
Бадра Гәынба аполитикатә кризис аҭышәныртәалареи атәылауаа рыбжьара аҭынчра аиқәырхареи рзы ирыдыркылаз аусмҩаԥгатәқәа дрылацәажәеит. Уи Жәлар Реизара-Апарламент алхратә кампаниа нҵәаанӡа акадртә ӡбарақәа рыдкыларазы аморатории шьақәнарӷәӷәеит ҳәа иазгәеиҭеит.
«Алхратә кампаниа иалахәу аганқәа зегьы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур алҵшәақәа рҟны иаарԥшхо ауааԥсыра ргәазыҳәара рыдыркылароуп, уи зеиԥшрахозаалакгьы», — ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидат Бадра Гәынба.
Аҭыԥантәи ахаланаԥхгара аусбарҭақәа рзинмчы рашәарамза, 2025 шықәсанӡа иацҵахоит.
Аҟәа. Жәабранмза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа аҩбатәи аԥхьараҿы «Аҭыԥантәи ахаланаԥхгара аусбарҭақәа рдепутутцәа рзинмчқәа рыцҵаразы» Ақәҵара рыдыркылеит.
Жәлар Реизара-Апарламент Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо, Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидатцәа, иара убас Аԥсны атәылауаа зегьы рахь ааԥхьара ҟанаҵеит.
Аҟәа. Жәабранмза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа «Аҳәынҭқарра Ахада инапынгҵақәа назыгӡо, Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидатцәа, иара убас Аԥсны атәылауаа зегьы рахь ааԥхьара аҟаҵара азы» ақәҵара рыдыркылеит.
Ааԥхьара атекс иаҳәоит:
«Ареспублика Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент, имҩаԥысуа алхратә процесс азинтә шьаҭақәа реиқәырхара ахымԥадатәра шьақәырӷәӷәо, Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидатцәеи урҭ рыштабқәеи рахь аҭынчра ахьчара, азакәанқәа рықәныҟәара, иара убасгьы дарбанзаалак атәылауаҩ имилаҭра, идинхаҵара, идеологиа, егьырҭ игәаанагарақәа ирмыхәаԥшкәа ргәазыҳәара хақәиҭрала аарԥшра апринципқәа рықәныҟәаразы аҭагылазаашьа аԥырҵарц, иара убас абҵарамза 19, 2024 шықәсазтәи аиқәшаҳаҭрақәа ирықәныҟәаларц азы ааԥхьара ҟаҳҵоит.
Убасҵәҟьа, ауаажәларратә ҭагылазаашьа аибарххара аҟынӡа анамгара азы Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба иахь ааԥхьара ҟаҳҵоит хыхь иарбоу акомпромисстә еиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, иалху Ахада имаҵура нап аиркаанӡа иарбанзаалак акадртә ӡбамҭак идимкыларц.
Ареспублика Аԥсны атәылауаа зегьы рахь аҳәара ҟаҳҵоит иаанхаз алхратә аамҭахәҭа азы ачҳареи аҽынкылареи аадырԥшырц».
Ааԥхьара атекст ахәаԥшра иалагаанӡа Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба иҳәеит:
«Шәара ижәдыруеит, иацы акадртә еиҭакрақәа – Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы ҿыц инапынҵақәа назыгӡо иаҭареи аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо иаҭареи ирыдҳәаланы иҟалаз ахҭысқәа ртәы. Еиуеиԥшым аполитикатә мчрақәа, алхратә штабқәа, Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо рыҿцәажәарақәа мҩаԥысит.
Анас Кьышьмариа: амилаҭ аилыхрала ақәыӷәӷәарақәа ареспубликаҿы инхо ажәларқәа ркультуреи, рҵасқәеи, рдунеихәаԥшышьақәеи ҭаацәарак реиԥш реицынхашьа шьаҭанкыла ирҿагылоит.
Аҟәа. Жәабранмза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаҩ Анас Қьышьмариаԥҳа Урыстәылатәи Афедерациа Ашьаусеилыргаратә Еилакы ахантәаҩы Бастрыкин ареспубликаҿы Урыстәыла атәылауаа ашәарҭара рҭаргылареи рзинқәа реилагареи рганахьала аҭҵаара амҩаԥгаразы иҟаиҵаз адҵа инамаданы, Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура, Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Апрокуратура Хадеи рахь азыҳәамҭақәа ҟалҵеит.
«Адинхаҵаратә, амилаҭтә, мамзаргьы даҽа мзызк азы ауаҩы изинқәа реилагара Аԥсны Аконституциеи азакәанқәеи реилагара адагьы, ареспубликаҿы инхо ажәларқәа ркультуреи, рҵасқәеи, рдунеихәаԥшышьақәеи ҭаацәарак реиԥш реицынхашьа шьаҭанкыла ирҿагылоит ҳәа. Ҩажәи жәаха шықәса раԥхьа ҳара амилаҭеилыхра аарԥшны иақырҭуамыз ауаа рықәыӷәӷәареи цәымӷыс рыҟаҵареи зцыз аибашьра хлымӡах ҳхаҳгеит. Хыԥхьаӡарала имаҷу аԥсуа милаҭ даараӡа ирнырит ари ақәыӷәӷәара. Аԥсны иҟаз Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа ркомандаҟаҵаҩ аҿагылара ҟалар, аԥсуаа ахәыҷы инаркны аду иҟынӡа зегьы шнырҵәахо азы аҳәамҭа ҟаиҵеит. Ҳажәлар амилаҭеилыхра авирус аҟынтәи иӡрыжәны иҟоуп, аха, рыцҳарас иҟалаз, ҳара иаабоит мчрақәак иахьа ари азҵаара аиҭахацыркра, аиҭарҿиара ишашьҭоу. Уи аҩыза ҟалашьа амамзароуп», – ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит Анас Кьышьмариа.








