
pressadmin-2
Аԥснытәи асахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәаҵа Сҭампыл ақалақь аҿы иаатуеит цәыббрамза 5 рзы.
Аҟәа. Цәыббрамза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ҭырқәтәыла, Сҭампыл ақалақь аҿы, цәыббрамза 5 – 19 рзы аԥснытәи асахьаҭхыҩцәа Адамыр Аршба, Асида Аҳәба, Баҭал Џьапуа, Сабина Кәарацхьелиа, Саида Кәыҵниа, Архип Лабахәуа, Аԥшьа Ҳагба, Диана Хьынҭәба, Асҭанда Чамагәуа, Олег Ҷедиа русумҭақәа рцәыргақәҵа мҩаԥыслоит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура.
«Сҭампыл ақалақь агәаны, агалереиа Барын Хан аҿы, цәыббрамза 5 рзы иаатуеит аԥснытәи асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа. Ацәыргақәҵа агалереиа AUADA алархәны еиҿкаахеит. Уи ахаҭарнакра сареи Аԥшьа Ҳагбеи инаҳагӡоит.
Асахьаҭыхыҩцәеи Ҭырқәтәыла иқәынхо аԥсуа-адыга жәлар рдиаспора ахаҭарнакцәа Д. Хуважи С. Ергиуни ҳара иҳадыргалеит Сҭампыл ақалақь аҿы, ажьырныҳәамза 21, 2024 шықәса рзы иҟалаз атрагедиатә хҭыс, Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа маҷӡак ада зегьы ахьалаблыз абылра иазкны ацәыргақәҵа амҩаԥгара.
Аслан Бжьаниа Урыстәыла Аинформациатә телеграфтә усбарҭа (ИТАР-ТАСС) 120- шықәса ахыҵра аиубилеи инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла Аинформациатә телеграфтә усбарҭа (ИТАР-ТАСС) адиректор Хада Андреи Кондрашови уи аусзуҩцәеи аветранцәеи Аинформациатә телеграфтә Агентра 120- шықәса ахыҵра аиубилеи инамаданы дрыдныҳәалеит. Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә саит аҿы икьыԥхьу адныҳәаларатә телеграмма атекст аҿы, ахәҭакахьала, иҳәоуп:
Ҳаҭыр зқәу Андреи Олег-иԥа,
Акыр иаԥсоу аҩызцәа,
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Урыстәыла Аинформациатә телеграфтә усбарҭа аиубилеи!
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Уфа 450 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа дрылахәуп.
Аҟәа. Нанҳәамза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Уфа 450 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа дрылахәуп. Иахьа, нанҳәамза 31 рзы Уфа 450 шықәса ахыҵра инамаданы Башкорҭосҭан Ареспублика асасцәа – Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа, Беларус Аԥыза-министр Роман Головченко, Приволжтәи афедералтә округ аҟны Урыстәыла Ахада изинмч змоу ахаҭарнак Игорь Комаров, Казахстан ааглыхреи аргылареи рминистр Канат Шарлапаев – Башкорҭосҭан Ахада Ради Хабиров дрыцны Урыстәыла Афырхаҵа, аинрал-маиор Минигали Шаимуратов ибаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит.
Аԥсадгьыл зхы ақәызҵаз Башкорҭосҭан ауааԥсыра зегьы ҳаҭырла иргәаладыршәеит иара убас Намангантәи аобласт хаким Шавкаҭ Абдуразаков, Китаитәи Жәлартә Республика Цицикар ақалақь Жәлар реиҳабыра рнапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Сунь Хен, егьырҭ асасцәа дахьқәа.
Аслан Бжьаниа Ареспублика Башкортосҭан иқәынхо ажәлар зегьы Уфа 450 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Уфа 450 шықәса ахыҵра азгәаҭара иазкыз «Аамҭа аӡиас» УСА Уфа-Аҟәа. Нанҳәамза аренаҟны атетартә қәгылара аҟазшьа змаз аныҳәатә усмҩаԥгатә далахәын, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Аԥсны жәлар рыхьӡала Аҳәынҭқарра Ахада Башкорҭасҭан Ареспублика иқәынхо ауааԥсыра зегьы Уфа ақалақь аԥҵоижьҭеи 450 шықәса аҵра амш рыдиныҳәалеит:
Аслан Бжьаниа иқәгылараҟны иҳәеит:
«Ҳаҭыр зқәу Ради Фариҭ-иԥа, акыр иаԥсоу аҩызцәа! Аԥсны жәлар рыхьӡала Башкорҭасҭан Ареспублика иқәынхо ауааԥсыра зегьы ирыдысныҳәалоит Уфа ақалақь аԥҵоижьҭеи 450 шықәса аҵра Амш.
Исыцу сколлегацәагьы саргьы ҳзы ҳаҭыр дууп ара аҟазаара, аныҳәа шәыцеиҩаҳшартә аҭагылазаашьа ахьҳамоу. Аԥсни Башкорҭосҭани акыршықәса раахыс аиҩызара рыбжьоуп, уи хацыркын ҳтәылазы иуадаҩыз аамҭазы. Аԥсны ирхашҭӡом 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Башкириа иҟанаҵаз хәы змаӡам ацхыраара, фатәылеи амедицинатә цхыраареи, ҳҿар рзы ареспублика иреиҳау аҵараиурҭақәа рыҟны аҵарахьы рыдкылара. Абар шьҭа 30 шықәса ҵуеит Аҟәа амҩақәа руак «Башкириа» ҳәа ахьӡ ахуижьҭеи. Хәарада, ари абашкир жәлари аԥсуа жәлари ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа ирдыргоуп.
Зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз 24 ҭаацәара ауада ҿыцқәа рцаԥхақәа роуит.
Аҟәа. Нанҳәамза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гәылрыԥшь араион Маҷара ақыҭан зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз 24 ҭаацәара ауада ҿыцқәа рцаԥхақәа роуит. Абри азы адырра ҟанаҵеит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭеилакы.
Гәылрыԥшь араион Маҷара ақыҭан иргылоу ауадарацәа змоу аҩнеихагыла аҿы ҩ-уаҭахк змоу 15 уадеи уаҭахк змоу 9 уадаки роуит аҿыцнхацәа.
Аҳәынҭқарратә Еилахәыра «Аԥсныргылареи» Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭеилаки ирыбжьаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, ҳазҭоу ашықәс ԥхынгәымза 16 рзы арепатриациазы аҳәынҭқарратә Еилакы ахархәарахь иаҭан Гәылрыԥшь араион Маҷара ақыҭан ҳџьынџьуаа рзы идыргылаз ауадарацәа змоу аҩнеихагыла.
Аҟәа ақалақь аҿы аӡысразы Иаарту аԥхьахәгара мҩаԥысит.
Аҟәа. Нанҳәамза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳҭнықалақь аҿы аӡысразы Иаарту аԥхьахәгара мҩаԥысит.
Аӡсыҩцәа қәыԥшқәа рыбжьара аицлабрақәа есышықәса, аԥхынра анҵәамҭазы имҩаԥысуеит, ҳәа иазгәалҭеит ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ N1 адиректор Татиана Емырхәба.
«Ҳара ахәыҷқәа аԥхынтәи аамҭахәҭазы рҽазыҟаҵарақәа аихшьаалақәа рыҟаҵаразы арҭ аицлабрақәа аԥхынра анҵәаҭазы имҩаԥаагоит», - ҳәа илҳәеит лара.
Аҳазалхратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аусзуҩцәа акцизатә дыргақәа змамыз 1010 пачка асигарет аиагара ааныркылеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳазалхратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аусзуҩцәа акцизатә дыргақәа змамыз 1010 пачка асигарет аиагара ааныркылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы апресс-маҵзура.
Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит амчратә структурақәеи азинхьчаратә усбарҭақәеи рхаҭарнакцәа злахәыз акоординациатә еилатәара.
Аҟәа. Нанҳәамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Арратә Прокуратура аԥшьгарала Аҟәа ақалақь аҿы амчратә структурақәеи азинхьчаратә усбарҭақәеи рхаҭарнакцәа злахәыз акоординациатә еилатәара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Апрокурор Хада ихаҭыԥуаҩ, арратә прокурор Руслан Ҭарба ихантәаҩрала имҩаԥысуаз аилатәара иалахәыз амҩатә ԥҟарақәа еилазго амчратә структурақәеи азинхьчаратә усбарҭақәеи русзуҩцәа аҭакԥхықәра рақәыршәара апроблема иалацәажәеит.
Аилатәара рхы аладырхәит атәылахьчара Аминистрра, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура, Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура, амиграциатә Маҵзура, Анапхгаратә еимадара Агентра ахаҭарнакцәа, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иатәу Автоҳәынҭинспекциа Аусбарҭа аиҳабы аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Дамеи Аҩӡба.
Аҟәа ақалақь аҿы аибашьраан хабарда ибжьаӡыз ргәаладыршәеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы 1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы хабарда ибжьаӡыз ргәаладыршәеит.
Нанҳәамза 30 – хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара Жәларбжьаратәи Амш азгәарҭоит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра, аҳҭнықалақь Ахадара аусзуҩцәа, хабарда ибжьаӡыз рыуацәеи рҭынхацәеи, ауаажәларра ахаҭарнакцәа, Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы иҟоу Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз Рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
В. Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҟны аибашьраан хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара иазку ахәылԥаз мҩаԥысит.
Аҟәа. Нанҳәамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҟны мчымхарала хабарда ибжьадырӡыз ргәалашәара Жәларбжьаратәи Амш иазку ахәылԥаз мҩаԥысит.
Амузеи афоие аҿы еиҿкаахеит 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы хабарда ибжьаӡыз рфотосахьақәа рцәыргақәҵа.
Аиԥылара аартуа, Аиҿкаара «Аԥсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы» ахантәаҩы Гәыли Кьычба илҳәеит:
«2010 шықәса инаркны ихацыркын хабарда ибжьаӡыз рыԥшраа иазку аусурақәа. Аха уи аԥхьаҟагьы, аибашьра анеилга иаразнак, Аиҿкаара «Аԥсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы» ари азҵаара ахшыҩзышьҭра шаҭаху азы аҳәамҭақәа ҟанаҵон. Ҳара ҳаиҿкаареи Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитети аусеицура рыбжьарҵеит. Ари аамҭа иалагӡаны иҟаҵоугьы маҷӡам. Ҳара иҳалшеит аӡәырҩы аҭаацәа ирзааигәоу рыԥсыбаҩ рзырхынҳәра».
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминстр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба 2019 шықәса раахыс Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахылаԥшрала хабарда ибжьаӡыз рыԥшаара азы акомиссиа инанагӡаз аусура атәы еиҭеиҳәеит.
«Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра ашьҭахь имаҷымкәа иаанхеит зхабар еилкаамыз ауаа. Урҭ хабарда ибжьаӡыз ҳәа иԥхьаӡоуп. Ҳара урҭ рыԥсыбаҩ ахаҭара ашьақәыргылареи анаҩс уи доусы рҭаацәа рыҭареи рзы аусура мҩаԥаагоит».
Иракли Ҭыжәба иажәақәа рыла, иахьатәи амш азы атәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрреи агәабзиарахьчара Аминистрреи рхаҭарнакцәа злаху иҷыдоу аусуратә гәыԥ аԥҵоуп: