pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынгәымза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 2 рзы 1992-1993 шықәсқәа раантәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иналукааша адаҟьақәа иреиуоу, «Тамшьтәи аоперациа» ҳәа хьӡыс изауыз арра-мшынтә десант аӡхыҵра ҟалеижьҭеи 31 шықәса ҵуеит.

Рашәарамза анҵәамҭазы, 1993 шықәса рзы Аԥсны Арбџьармчқәа анапхгара аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра азы ажәыларатә операциа амҩаԥгара алзыршоз Аҟәа араион Шрома ақыҭеи астратегиатә ҵакы змоу Аҟәа ақалақь аҩада-мрагыларатәи аганахьала аҳаракырақәеи   ргара азы аӡбамҭа аднакылеит.

Ԥхынгәымза 2, 1993 шықәса рзы ақырҭуа ар иназыцҵоу  архәҭақәа Аҟәа ақалақь ахь рыиагара аԥхьырҟәҟәаареи уаҟа иҟоу ақырҭуа архәҭақәа аблокада азуреи рзы, Тамшь ақыҭан   300-ҩык инарзынаԥшуа рыла ишьақәгылаз арра-мшынтә десант ӡхыҵит.  Адесант хыдҵас иаман амҩаду хада «Очамчыра–Аҟәа» аанкылареи жәамз инареиҳаны амацәаз иҭакыз Ҭҟәарчал ақалақь ахьчараз игылаз арууаа алархәны ажәыларатә операциа амҩаԥгареи.

Аҟәа. Рашәарамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ А. М. Седов игәалашәара иазку ахацәа ркомандақәа рыбжьара амҵәышәмпыл азы  I Жәларбжьаратәи атурнир Аҟәа ақалақь аҿы иалагеит.

Аԥснытәи ԥшь-командаки Ҟарачы-Черқьесиатә Ареспублика аҳҭнықалақь Черқьесскынтәи акомандеи атурнир ачемпион ҳәа ахьӡ азы еицлаблоит.

Урыстәыла аус ацуразы Аԥсны иҟоу Ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов аспортсменцәа атурнир аартра рыдиныҳәалеит:

Аҟәа. Рашәарамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Шәача ақалақь, Адлертәи араионтә ӡбарҭа аҿы Руслан Чепи-иԥа Урыстәылатәи Афедерациа Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ  200.1, ахәҭа  2, апункт «а» иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура (анапынҵатә ԥаратә хархәагақәа  рконтрабанда, даҽакала иуҳәозар, зеицҵалыҵ ҷыдала идуу аԥаратә хархәагақәа изакәанымкәа Аҳазалхратә еидгыла аҳазылхратә ҳәаа ахгара) аҿы ахара идуп ҳәа азыӡба рыдыркылеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Краснодартәи атәылаҿацә аӡбарҭақәа рыпресс-маҵзура.

Жьҭаарамза, 2022 шықәса рзы  Руслан Чепи-иԥа ишьақәыргылам аҭагылазаашьақәа раан ишьақәыргылам ахаҿы иҟынтәи Шәача ақалақь иахьаҵанакуаз зеицҵалыҵ 106 миллион мааҭ рҟынӡа инаӡоз анапынҵатә ԥаратә хархәагақәа иоуит. Аԥарақәа ачемодан, аспорттә сумка, иара убас автомашьына аҩныҵҟа иҭаҵаны, иара Краснодартәи аҳазалхырҭа иатәу аҳазалхратә Ганрацәалатәи Амашьынатә аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер»  аҟынӡа днаӡеит. Араҟа ахаҵа имоу аԥаратә хархәагақәа рзы адырра ҟамҵаӡакәа, иҟоу аԥҟарақәа реилагарала урҭ Аҳазалхратә еидгыла аҵакырантәи ралгара иҽазишәеит. Аԥаратә хархәагақәа рыԥшааит, амхрагьы нарыгӡеит Урыстәыла Афедералтә Шәарҭадара Амаҵзура Краснодартәи атәылаҿацә ала Аусбарҭа аусзуҩцәа.

Аҟәа. Рашәарамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Р.Гәымба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә филармониа аҿы Аҟәа ақалақь ашколқәа роушьҭымҭацәа рыдныҳәалара иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит.  

Сынтәатәи аҵарашықәс азы аҳҭнықалақь ашколқәа ирылгеит 537-ҩык, урҭ рахьынтә  быжьҩык медалистцәоуп, 31-ҩык ашкол ибзиаӡаны иалгаз роуп.  

Ашкол аушьҭмҭацәа ирыдныҳәаларц арахь иааит аҳҭықалақь ахада ихаҭыԥуаҩцәа Авҭандил Сурманиӡе, Леон Кәарҷиеи Асҭамыр Ашәбеи, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа Левон Галустиани Асҭамыр Гьерхьелиеи, иара убас ашкол арҵаҩцәеи аушьҭымҭацәа рҭаацәеи.

Аҟәа. Рашәарамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭа аӡбамҭала Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа Куцевич Алеқсандра Раули-иԥа, Кузнецова Павел Виктор-иԥа, Гапонова Диана Валери-иԥа рганахьала Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 224 ахәҭа 3 апункт «в» иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура (зыкапан дуу анаркотикатә маҭәашьарқәеи арҩышьыгатә маҭәашьарқәеи анаҩс аҭира гәҭакыс иҟаҵаны изакәанмкәа аарыхра, аус адулара, аҟаҵара, аахәара, аҵәахра, аиагара, аиҭарсра, ахәҭакахьала анаркотикатә маҭәашьарқәеи арҩышьыгатә маҭәашьарқәеи урҭ  аиԥш-зеиԥшу ахархәагақәеи раахәареи рыҭиреи)  азы ахара рыдҵоуп.

Аҟәа. Рашәарамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла аӡбаратә анагӡаҩцәа Рфедералтә Маҵзура  адиректор Дмитри Аристови Аԥсны аиустициа аминистр Анри Барцыци Петербургтәи жәларбжьаратәи азиндырратә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны аҩганктәи аусеицуразы Амеморандум рнапы аҵарҩит, ҳәа адырра ҟанаҵоит «РИА Новости».

Дмитри Арсҭааи Анри Барцыци аусеицуразы Ахылаԥшырҭақәа аҩганктәи русеицура азы амеморандум рнапы аҵарҩит. Аиԥш зеиԥшу аусшәҟәы Дмитри Аристови Аахыҵ Уаԥстәыла аиустициа аминистр Алан Џьиоеви рнапы аҵарҩит.

Аҟәа. Рашәарамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 61-тәи рраунд мҩаԥысит 2024 шықәса, рашәара 25-26 рзы. Аиҿцәажәарақәа ирылахәын Аԥсны, Қырҭтәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәыла, Еиду аштатқәа рхаҭарнакцәа, ЕАР, ОБСЕ, ЕХ рыцхантәаҩрала.

Аԥснытәи аган ахь ала аиԥылара иалахәын: Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр и.н. Одиссеи Бигәаа, Женеватәи аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа, Аԥсны АдәАР ахаҭарнакцәа Лаша Аҩӡба, Артур Гагәылиа.

Женеватәи аиҿцәажәарақәа 61-тәи рраунд аҿы ҩ-гәыԥкны аилацәажәарақәа мҩаԥысуан — ашәарҭадареи агуманитартәи зҵаарақәа рзы.

Аҟәа. Рашәарамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа реилатәара мҩаԥысит аԥшьаша, рашәарамза 27 рзы. Уи аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьарала иалагеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақтә Еизара апресс-маҵзура.

Аизара ахантәаҩы Дмитри Осиеи уи ихантәаҩы Иракли Харчлааи ааигәа иазгәарҭараны иҟоу ақалақь Амш аламҭалазы шықәсырацәа инеиԥынкыланы иаадыԥшыз азанааҭдырреи ламысцқьала рзанааҭтә уалԥшьақәа рынагӡареи рзы хәҩык ақалақь Ахадара аусзуҩцәа, аҳҭнықалақь Ахадара адкыларҭа амаӡаныҟәгаҩ Ольга Кич, амуниципалтә Усбарҭа «Атехникатә инвентаризациа абиуро» атехник-аҭаҩҩы, уаанӡа акыр шықәса уи анапхгара азҭоз Лев Малыиа,  азеиԥш ҟәша анапхгаҩы Мирана Ашәба, Анхара-коммуналтә Нхамҩа  Адепартамент аспециалист Хада Мимоза Габниа, амуниципалтә Усбарҭа «Атехникатә инвентаризациа абиуро» атехник- аинвентаризациа амҩаԥгаҩ Ирина Шьакаиа аҳаҭыртә шәҟәқәа ранаршьеит.

Аџьшьара зауз зегьы рыхьӡала Лев Малыиа Ақалақьтә Еизара адепутатцәа иҭабуп ҳәа раҳәо иазгәеиҭеит: «Шәара аферымкәа, аҿыц лагалақәа ирызхиоу шәоуп, ҳара Шәара ҳшәықәгәыӷуеит, ишәыдышәкыло аӡбамҭақәа ақалақь уи ауааԥсыреи реизҳазыӷьара ишазырхоу агәра ҳгоит. Ҳара ҳганахьала иаашәырԥшыз агәцаракра азы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Сара сыхәҭаала гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, ахирра, шәнапы злаку аус аҿы аманшәалареи аихьӡарақәеи».

Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа  анапгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Асҭамыр Ҳагәышь имҩаԥгаз аусура азы аҳасабырба ҟаиҵеит.  

Асҭамыр Ҳагәышь иҟаиҵаз адыррақәа рыла, ҳазҭоу ашықәс фымз рыҩныҵҟа Аҟәа ақалақь аҿы 76 цәгьоура ҟаҵан, урҭ рахьынтә 34 – ихьанҭоу ацәгьоурақәа. Иаартуп 70  цәгьоура, урҭ рахьынтә 29 – ихьанҭоу ацәгьоурақәа роуп.  

2023 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы 103 цәгьоура ҟалеит, иаартуп – 97. Урҭ рахьынтә ихьанҭоу ацәгьоурақәа – 47,  иаартуп – 43.

Фымз рыла иаарԥшын 6 566 амҩатә ԥҟарақәа реилагара, урҭ рахьынтә 349 –  ижәны амашьына аԥсҟы акра иадҳәалоу азинеилагарақәа. 270-ҩык амашьына арныҟәцаразы азин аршаҳаҭгақәа рымхын.  

Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо  иҟаиҵаз аҳасабырба ианазыӡырҩ ашьҭахь,  Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа, адепутатцәа  Саид Ашәбеи Варлам Џьапуеи Асҭамыр Ҳагәышь имаҵуратә уалԥшьақәа ибзианы инаигӡоит, аобиективреи иаҭахханы иҟалар агәаӷьреи ааирԥшуеит ҳәа иазгәарҭеит.  

Аҟәа. Рашәарамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Google  адырра  аланарҵәеит Translate афункциақәа рырҭбаара азы. Шьҭарнахыс уи иацлоит аԥсуа, авартәи, чечентәи, ауаԥстәи абызшәақәа уахь иналаҵаны  иҿыцу 110 бызшәа.  Аамҭа кьаҿ иалагӡаны арҭ абызшәа ҿыцқәа translate.google.com аҿы, иара убас Google Translate ацҵақәа рыҿгьы  иҟалоит. Уи жәаҳәарада, асервис аҭоурых аҿы шьаҿа дуны иҟалоит.

Ари иҿыцу алагала адунеи зегьы аҿы хыԥхьаӡара рацәала ауаа реимадара аҿы иҟоу абызшәатә ԥынгылақәа риааиреи аиҭагара аинструментқәа рҟынӡа анаӡара алыршареи рзы Google аҽазышәарақәа иреиуоуп. 2022 шықәсазы Google  иацнаҵеит 24 иҿыцу абызшәақәа. Убри аан ахархәара аиуит Zero-Shot Machine Translation Иара убас аилазаара адунеи аҿы зегьы реиҳа аларҵәара змоу абызшәақәа адгылара рыҭара иазырхоу, «1000 бызшәа» ҳәа хыс измоу аԥшьгара аланагалеит.

Аҟәа. Рашәарамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ақалақьзегьтәи аекологиатә акциа «Ицқьоу ақалақь» мҩаԥысуеит Аҟәа ақалақь аҿы.  Аҳҭнықалақь ауааԥсыра, еиуеиԥшым аусбарҭақәеи анаплакқәеи русзуҩцәа  ақалақь амҩадуқәеи апаркқәеи  анаплакқәа ирыҵанакуа аҵакырақәеи рҿы еилдыргон. Акциа шымҩаԥысуа атәы Аԥсныпресс акорреспондент иҿцәажәо  еиҭарҳәеит Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол №10 адиректор Аида Кәарҷелиа, Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата анапхгаҩы Ҭамила Мерцхәлаа, Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Адепартамент  адиректор Ельза Ҳагба.

Аида Кәарҷелиа лажәақәа рыла, 10-тәи ашкол иааиԥмырҟьаӡакәа ақалақьзегьтәи акциақәа ирылахуп, уи анаҩсгьы шықәсык рахь  2–3-нтә аилыргаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥнагоит. Уажәгьы ашкол аусзуҩцәа рколлектив ашкол ааигәа-сигәа идрыцқьеит, еилдыргеит.

«Аҳҭнықалақь аҿы инхо зегьы рыҩны, русбарҭақәа акәша-мыкәша еилдыргало, аҭеиҭыԥш иахылаԥшуа иалагар, усҟан ҳақалақь даараӡа иԥшӡахоит, зегьы реиҳа ицқьоу ақалақь ҳәа ԥыхьа иамаз ахьӡ-аԥша азыхынҳәуеит», - ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара.

Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата анапхгаҩы Ҭамила Мерцхәлаа Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата аусзуҩцәа гәахәарыла ақалақьзегьтәи аекологиатә акциа ахь ицәырҵит ҳәа иазгәалҭеит.

«Ҳара Ахақәиҭра Ашҭа аԥхьа иҟоу апарк аҿы иҟоу агәам-сам зегьы ақәгара ҳҽазаҳшәоит», – ҳәа еиҭалҳәеит Ҭамила Мерцхәлаа. Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата ари апарк ахылаԥшра ахахьы иагеит.

«Даара иаҳҭахуп ақалақь аҿы иҟоу аиҿкаарақәагьы ари аҿырԥштәы иқәныҟәарц, доусу рхылаԥшра аҵаҟа иҟоу аҵакырақәа рахь аилыргаразы ицәырҵыц, – ҳәа лажәа иацҵо иазгәалҭеит лара. – Ари даара акыр аҵанакуеит, избан акәзар, уажәы акурорттә аамҭахәҭа иашыкьаҳәымҭоуп, Аҟәа ақалақь акәзар, иҟан аамҭа уи зегьы реиҳа ицқьоу ақалақь ҳәа ахьӡ анахҵаз. Араҟа  акырӡа аҵанакуеит ақалақь ауааԥсыра, атәылауаа рыхдырра. Убри аҟнытә дарбанызаалак апаркқәеи аскверқәеи  рыдагьы рыҩнқәа рааигәа-сигәа аҵакырақәа ррыцқьареи рҭеиҭыԥш ахылаԥшреи рзы руалԥшьа анагӡара рыхәҭоуп ҳәа исыԥхьаӡоит».

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.