pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аделегациа ареспублика Амш азы Башкириа иаҭааит.

Уфа ақалақь ахь иааит  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аиустициа аминистр Анри Барцыц, егьырҭ ҳаҭыр зқәу асасцәа, ҳәа адырра ҟааҵоит Ареспублика Башкортосҭан анапхгара апресс-маҵзура.

Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ақалақьтә адгьылқәаарыхареи уи иҭышәынтәалоу афатә-ажәтә система ашьақәыргылараҿы инанагӡо ароли иазкын жьҭаарамза 10 рзы Ацентр «Проспект» аҿы имҩаԥгаз аинформациатә воркшоп ҳәа изышьҭоу азыҟаҵаратә усмҩаԥгатә.

Аҟәа.  Жьҭаарамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Башкортосҭан Ахада Ради Хабирови ареспублика ауааԥсыреи Ареспублика Амш рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рымш азы аррамаҵзурауааи аветеранцәеи дрыдныҳәалеит.

«Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа аррамаҵзурауааи аветеранцәеи!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рымш! 

Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 7, 2024 шықәсазы актәи аԥхьараҿы ирыдыркылаз  «Аҳәынҭқарратә маҵзуразы» азакәан апроект иалацәажәеит иахьа имҩаԥысыз аҳәынҭқарра-зинтә политиказы апарламенттә Еилакы аилатәараҿы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Апарламент аофициалтә саит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Абанк «Аԥсны Жәларбжьаратәи Ахыԥхьаӡаратә Центр» аофис ҿыц аартра мҩаԥысит Аҟәа ақалақь аҿы жьҭаарамза 10 рзы абри аҭыӡҭыԥ ала:  В. Арӡынба имҩа, аҩны №115.

Ацаха ҟаԥшь ахҵәара  азы азин рырҭеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанбеи Абанк «Аԥсны Жәларбжьаратәи Ахыԥхьаӡаратә Центр» адиректорцәа Рхеилак ахантәаҩы Андреи Барсови.

Асасцәа рзы абанк аофис ҿыц аҿы аекскурсиа мҩаԥыргеит.

Абанк «Аԥсны Жәларбжьаратәи Ахыԥхьаӡаратә Центр» анапхгараҭара ахантәаҩы Владимир Калмыков, еизаз рахь ихы рханы, аа-шықәса рыла абанк аусурала зыгәра угартә иҟоу, иҭышәынтәалоу афинанстә институт аҳасабала ахы   аанарԥшит ҳәа иазгәеиҭеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада ацитрустәқәа сынтәатәи рҽаҩра ралгара алыршара иазкны аилацәажәара мҩаԥигеит.

Аилацәажәара иалахәын Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Вараздат Миносиан, АШӘА Ахантәаҩы Дмитри Дбар, ақыҭанхамҩа аминистр, Аҳәынҭқарратә ҳазалахратә Еилакы,  Аҳәынҭстандарт, акарантинтә инспекциа, Аҳәаахәҭра-ааглыхратә палата анапхгара.  

Бадра Гәынба иазгәеиҭеит анхацәа ацитрустә ҽаҩра аҭира аамҭа ишазыԥшу, уи иахҭныҵуа рҭаацәа аланыҟәыргарц. Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿаԥхьа иқәгылоу уснагӡатәқәаны иҟоуп излауала урҭ ацхыраара рыҭара. Аха Ахада иаҵшьны иҳәеит анхацәа феидала, дара ишырҭаху ртовар аҭиразы аҳәааҟны ауадаҩрақәа шрызцәырҵуа. 

«Иахьатәи аилацәажәара хықәкыс иамоуп аҭагылазаашьа аиӷьтәразы имҩаԥгатәу ауснагӡатәқәа рыхцәажәара», — ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аҟәа. Жьҭаарамза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.   Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра иҳәаақәнаҵо Аԥсны абиуџьеттә система ахашәалахәқәа 2024 шықәса иаҿырԥшны 805 млн. 207,6 нызықь мааҭ рыла иазҳаит, урҭ  реицҵалыҵ 5 млрд. 5 млн. 295,9 нызықьмааҭ рҟынӡа инаӡеит, убри аан планла иазԥхьагәаҭан  – 4 млрд 424 млн. 705,5 нызықь мааҭ.

9 мыз рыла ашәахтәқәа рзы аплан 113% рыла инагӡахеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсни Урыстәылеи ргәабзиарахьчара аминистррақәа авидеоконференциа аформат ала аусутә еилацәажәара мҩаԥыргеит. Агәабзиарахьчара аминистрраҿы Аԥсны ауааԥсыра амедицинатә цхыраара рыҭараан аиҿкаара-методологиатә дгылареи уи ахаҭабзиара аиӷьтәреи ирылацәажәеит. Аиԥылара ахықәкы хаданы иҟалеит аусеицура арӷәӷәареи ареспублика ауааԥсыра иыҭахо амедицинатә цхыраара аҩаӡара ашьҭыхреи, ҳәа адырра ҟанаҵеит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-амаҵзура.

Аҟәа. Жьҭаарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Релазаара аҿы Аԥсны аихамҩақәеи амашьынамҩақәеи реихысырҭақәа раартреи раркреи рзы аамҭалатәи аԥҟарақәа шьақәырӷәӷәоуп.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.