pressadmin-2

pressadmin-2

Аԥсны еизгоу акоманда актәи аҭыԥ ааннакылеит Аҟәа ихыркәшахаз таитәи абокс азы иаарту жәларбжьаратәи атурнир «Гьаргь Аиааирагаҩ ихраҿа» аҟны ҳәа аанацҳауеит Аспорт азы Аҳәынҭқарратә еилакы.

Ашкол асасцәеи алахәылацәеи бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба.

Аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит Аԥсны Аиҳабыреи Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика Аиҳабыреи (Урыстәылатәи Афедерациа) рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә, аҭҵаарадырра-техникатә, акультуратә усеицуразы, 2026 шықәса мшаԥымза 3 рзы рнапы зҵаҩыз аиқәшаҳаҭра.

Аӡбра рыдыркылеит жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәани ҩ-ганктәи жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵара аԥҟареи инарықәыршәаны. 

Аиқәшаҳаҭра хықәкыс иамоуп иарбоу ахырхарҭақәа рҿы аганқәа реинырра арҭбаареи арӷәӷәареи. Адокумент азырхоуп аиҩызареи, апатуқәҵареи, азинеиҟарареи, наҟ-ааҟтәи афеидеи шьаҭас измоу ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырҿиара.

2027 шықәсазы аҳәынҭқарратә биуџьетнҭыҵтәи афондқәа рбиуџьетқәеи ареспубликатә биуџьети рзы азакәанқәа рыпроектқәа реиқәыршәара иадҳәалоу аусура аиҿкааразы ақәҵара аднакылеит аминистрцәа реилазаара.

Н. Курченко ихьӡ зху апарк аҟны иҟоу ареспубликатә хәыҷтәы‑қәыԥштә спорттә школ аҿы Аԥсни, Урыстәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟынтәи агимнастка қәыԥшцәа еизызгаз аицлабра «Ахәыҷра ашәыгақәа» официалла аартра мҩаԥысит.

Агәабзиарахьчара аминистрраҿы имҩаԥысит аминистр Асҭамыр Гәниеи Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра аштатнҭыҵтәи аспециалист-атрансплантолог хада Сергеи Готиеи авидеоконференциала русуратә еилацәажәара.

Уи алахәылацәа иреиуоуп атуристтә усхки, ауаажәларратә крыфарҭақәеи, абылтәыҭаҭәарҭатә станциақәеи рхаҭарнакцәа.

Шәҩык инареиҳаны астудентцәа аҵара ахьырҵо аҵараиурҭа сынтәа иалгоит аспециалистцәа ҿарацәа ргәыԥ ҿыц: 11-ҩык - аҿыханҵа аҟәша аҟынтәи, хәҩык-адизаин аҟәша аҟынтәи. Аԥышәаратә комиссиа аилазаара иалан Аԥсны акультура аминистрра ахаҭарнакцәа.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.