pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Апроект «Аԥсны шьапыла уалс» хацыркхеит иахьа, жьҭаарамза 17, Аҟәа ақалақь аҿы. Апроект ахацыркра иазкыз аныҳәатә церемониа ихы алаирхәит Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Очамчыра араион апрокуратура Асланӡиа М.Д., Киут А.А., Асланӡиа В.Н. рганахьала  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 105, ахәҭа 4 иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура аҟазшьақәа рыла – гәыԥҩык ауаа гәҭакыла аҽгәамҭарала ауаҩы иԥсра зыхҟьаз агәабзиара ӷәӷәала аԥырхагахара афакт ала ашаьус хацнаркит.  Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны апрокуратура Хада асаит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Хьыбла Гьерзмааи Владимир Спивакови идикылеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура. 

Аҟәа. Жьҭаарамза 16, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аишәа гьежь «Аԥсни Урыстәылеи: азеиԥш цивилизациатә мҩа» мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы. Афорум еиҿкаахеит ААУи асоциалогатә ҭҵаарақәа рлаброториеи рыла.

Урыстәыла аганахьала аишәа гьежь аусура ихы алаирхәит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иҟоу асоциалтә процессқәа рмониторинги ранализи рызҵаарақәа рзы Аусбарҭа анапхгаҩы  Алеқсандр Харичев, аԥсуа ган аҟынтәи – Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешбеи.

Аҟәа. Жьҭаарамза 16, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аполитикатә партиа «Амцахара» 25-шықәса ахыҵра иазкыз XVI Аизараду Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит. Аизараду рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, атәыла аԥыза-министр Владимир Делба, атәыла Анапхгара алахәылацәа, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, аветерантә еилазаарақәа рхаҭарнакцәа, аветеранцәеиурҭ рыуацәеи, Аԥсны Афырхацәа, апрлитикатә партиа «Амцахара» алахәылацәеи уи адгылаҩцәеи егьырҭ ҳаҭыр зқәу асасцәеи.

Аҟәа. Жьҭаарамза 16, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Иусԥҟала 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсадгьыл аҿаԥхьа рылшамҭа дуқәа рзы, Аполитикатә партиа «Амцахара» аԥҵареи апринципқәа рыхьчараҟны хаҭалатәи рлагаламҭақәа рзы, Аԥсны Аҳәынҭқарра ауажәларра-политикатә ԥсҭазаара активла аҽалархәразы рыԥсҭазаара ианалҵ ашьҭахь «Ахьӡ-Аԥша» аорден  II аҩаӡара ранашьоуп Арӡынба Салыбеи Зосим-иԥеи Аиба Гарик Григори-иԥеи.

Аҟәа. Жьҭаарамза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Амуниципалтә наплакы Аҟәатәи Афымцатә Станциа афымцамч аобиектқәа Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» абаланс ахь аиагара апроцедура амҩаԥгара аҽазыҟаҵара иазкын анҭыҵтәи аилатәара. Уи мҩаԥигеит аенергетика аминистр Баҭал Мышәба, ҳәа адырра ҟанаҵоит  аенергетика Аминистрра апресс-маҵзура.

Аҟәа. Жьҭаарамза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа ақалақь аҿы шьаҭанкыла имҩаԥгаз аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рышьҭахь ашәқәа ааартит  Оскар Гәазаа ихьӡ зху Гәдоуҭатәи 4-тәи абжьаратә школ.

Аусмҩаԥгатә аартра иаҭааит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, аҵара аминистр Хана Гәынба, аиҳабыра алахәылацәа, аиҭашьақәыргыларақәа афинанстә цхыраара рзызуаз Ӷәазаа рҭаацәара.

Аҟәа. Жьҭаарамза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Атуристтә дәыӷба «Риҵа» иахьа ашьыжьымҭан Аҟәатәи аихамҩатә вокзал аҿы иааит. Иара 92-ҩык атуристцәа аанагеит, дара адәыӷба аанҿасарҭаҿы ашәаҳәареи, акәашареи, ачеиџьыкалеи ирԥылеит. Атуристцәа ирԥылеит «Аԥснытәи Аихамҩа» анапхгара ахаҭарнакцәа.

Аҟәа. Жьҭаарамза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Арҭ амшқәа рзы мҽхакы ҭбаала имҩаԥысуа аоператив-тактикатә арратә зыҟаҵарақәа рхы аладырхәуеит ареспублика амчратә структурақәа зегьы.  Азыҟаҵарақәа напхгара аиҭоит Аԥсны Арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩ Хада, Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.