pressadmin-2
Ҭемыр Беиа: Ҳтәыла аграртәуп, убри аҟынтә адгьылтә ресурсқәа рыхьчара астратегиатә ҵакы амоуп
Ақыҭанхамҩа иаҵанакуа адгьылқәа егьырҭ адгьылқәа ркатегориақәа рахь риагаразы аҿҳәара ахгара азакәан апроект аимак-аиҿак цәырнагеит адепутатцәа рыбжьара.
Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа иалагеижьҭеи 85 шықәса аҵра инамаданы аҳәамҭа ҟаиҵеит
«1941 шықәса рашәарамза 22 XX ашәышықәсазы ирыцҳара дуны, илахьынҵаӡбаганы иҟалаз арыцхәқәа ируакуп. Ари амш аҽны иалагеит миллионҩыла Асовет Еидгыла атәылауаа ԥышәара хьанҭаны ирзыҟалаз Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба агәабзиарахьчара асистема аусзуҩцәеи аветеранцәеи Амедицинатә усзуҩы имш рыдиныҳәалеит
«Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара асистема аусзуҩцәеи аветеранцәеи!
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Амедицинатә усзуҩы имш!
Москва, Урыстәылатәи агазеҭ «Комсомольская правда» аредакциаҿы «Аԥснымедиеи» аҭыжьырҭатә ҩны «Комсомольская правдеи» аинырразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит
«Аԥснымедиа» адиректор хада Роберт Џьопуеи «Комсомольская правда» адиректор хада, аредактор хада Олесиа Носовеи реиԥылараан ирылацәажәеит еиуеиԥшымыз азҵаарақәа, урҭ иреиуоуп агазеҭқәа аԥхьаҩцәа рзы рылаԥш адхалартә ишыҟаҵатәу, ҳаамҭазтәи акьыԥхьтә ҭыжьымҭақәа рдизаин зеиԥшрахаша, аинтернет аҳра анауа аамҭазы амедиатә ҵакыраҿы аԥхьаҩ изы ақәԥара шымҩаԥгатәу уҳәа убас егьырҭгьы. Рнапы аҵарҩит аинырра азинтә шьаҭақәа рышьақәыргылареи, аинформациа ахаҭабзиара аизырҳареи, Аԥсни Урыстәылеи рҭыжьымҭақәа реимадара аҿиареи ирзырхоу аусшәҟәы.
«Аԥсны ахәыҷтәы фестиваль ду абжьы» жәларбжьаратәи апрограмма азырхиара иазкын ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа имҩаԥигаз аилацәажәара
«Аԥсны ахәыҷтәы фестиваль ду абжьы» мҩаԥгахоит ԥхынгәымза 6-10 рзы. Афестиваль сахьаркыратә напхгаҩыс дамоуп Урыстәыла жәлар рартист Сергеи Безруков. Аусмҩаԥгатә апрограмма иалоуп атеатртә қәыргыламҭақәа, акиноцәыргарақәа, арҿиаратә лабораториақәа.
Дырмит Гәлиа иҩны амузеи ҳамҭас иаҭоуп Гәлиаа рыжәла иазку ашьҭратә дырга асахьа
Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы асахьаҭыхыҩ Ирма Папасқьыр-Аршба иаԥылҵаз Гәлиаа рыжәла иазку ашьҭратә дырга (тамга) асахьа Дырмит Гәлиа Иҳәынҭқарратә мемориалтә музеи ҳамҭас иарҭеит.
Аҟәа ақалақь аҩныҵҟа амҩақьыра атариф иартәоит 40 мааҭ
Иахьатәи аамҭазы абылтә аџьармыкьаҿы уажәтәи аҭагылазаашьеи амҩангарақәа рыхәԥса анырра азҭо егьырҭ ахарџьқәеи ҳасаб рзуны, аекономика аминистрра апассаџьыртә мҩангарақәа рзы атарифқәа рыԥсахра ҵаҵӷәыс иамоу анализ азнауеит.
Аԥсны аофициалла иаатит Адыррақәа аус рыдуларазы ацентр
Апроект нанагӡеит аимадареи, амассатә коммуникациақәеи, ацифратә ҿиареи рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә Еилакы.
Лымшира азгәалҭоит Манана Пиотр-иԥҳа Шамба
Илегендартәу ашәаҳәаҩ, арҵаҩы, ауаажәларратә усзуҩы Манана Пиотр-иԥҳа Шамба иахьа акультура Аминистрраҟны лымшира лыдырныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит Акультура аминистрра апресс-маҵзура.
Аҳәынҭқарра Ахадарахьи Апарламент адепутатрахьи акандидатцәа рзы ақәратә ценз шыҟац иаанхоит
«Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутати Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадеи рықәратә ценз аизырҳаразы» азакәан апроект рыдрымкылеит Апарламент адепутатцәа аҩбатәи аԥхьараҿы.








