pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жьҭаарамза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Кавказ ажәларқәа ркультура XII Афестиваль мҩаԥысит Санкт-Петербург ақалақь аҿы жьҭаарамза  13 рзы.

Ари иналукааша ахҭыс еиуеиԥшым кавказтәи ареспубликақәа рхаҭарнакцәа еиднакылеит, асасцәа арегион ганрацәадатәи аҟазареи атрадициақәеи реилкааразы алшара рзаԥнаҵеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Очамчыра араион Кәтол ақыҭа Ахадара ахыбра аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рцашьа гәеиҭеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.  

Ахыбраҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа анхыркәшахалак  ашьҭахь иҟалоит ақыҭа ахадара, акттә зал, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа рзал, аҽааӡареи аҿыбӷаҟазаратә спорти рмузеи.

Аҟәа. Жьҭаарамза 14,  2025 шықәса. Аԥсныпресс. Акоронартә синдром аан ирласу амедицинатә цхыраара аиҿкаара иадҳәалоу азҵаарақәа ирызкын агәабзиарахьчара Аминистрра аҿы аминистр Едуард Быҭәба имҩаԥигаз аилатәара.

Аминистр Ареспубликатә ашьа-датә Центр аартра – ари акоронартә синдром змоу ауаа рытранспортировказы аҽазыҟаҵара бзиа зҭаху, акыр зҵазкуа хҭысуп.  

«Хымԥада апациентцәа рмаршрутизациа иадҳәаланы ицәырҵыр зылшо ауадаҩрақәа ранализ мҩаԥгатәуп, урҭ рахысразы аеффективра злоу астратегиақәа аԥҵатәуп. Ихадоу аспектқәаны иҟоуп амедицинатә персонал рыквалификациа иахәҭоу аҩаӡараҟынӡа анагара, ихымԥадатәиу ахәшәқәа рыҟазаара алыршара, иара убас ирласу амедицинатә цхыраара амаҵзурақәа иахәҭоу амаругақәа рыла реиқәыршәара», – ҳәа иҳәеит аминистр.

Аҟәа. Жьҭаарамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Псковтәи аусдкылаҩцәа Аԥсныҟа рбизнес-миссиа мҩаԥысуеит жьҭаарамза 13 инаркны 15-нӡа.

Аҟәа. Жьҭаарамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Жьҭаарамза 8 рзы Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа   мҩаԥысуеит. Аҟәатәи алхратә комиссиа ахантәаҩы Алмас ЏьапуаАԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо Аҟәатәи ақалақьтә Езара ахь адепутатрахь акандидатцәа рықәыргылара шымҩаԥысуа атәы еиҭеиҳәеит.    

Аҟәа. Жьҭаарамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩ Хада, Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, Арбџьар мчқәа Рыштаб Хада аиҳабы Владимир Савченко, Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Рауль Лолуа ицны аоператив-тактикатә арратә зыҟаҵарақәа ирылаху арратә ҟәшеиҵақәа дырҭаауеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура. 

Аҟәа. Жьҭаарамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада, Арбџьар мчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ Хада Бадра Гәынба аоперативтә-стратегиатә зыҟаҵарақәа ирылархәу архәҭақәа дырҭааит.

Арезервистцәа реизарҭа аҭыԥқәа дырхыԥрааны, Арбџьар мчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ хада  Ҭҟәарчал днеит, ара иҟоу аҭагылазаашьа, аҭыԥаҟны амчқәа рыргылара амҩаԥысшьа ибеит, дазыӡырҩит хаҭалатәи аилазаара азыҟаҵара, хархәара змоу атехника, азыҟаҵараҟны анагӡаразы иқәыргылоу ауснагӡатәқәа рынагӡашьа  иазку ажәахә.

Аҟәа. Жьҭаарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥкьаҭмпыласҩы қәыԥш Нестор Цужба Болгариа, ақалақь  Хасково жьҭаарамза 6 инаркны 12-нӡа имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аицлабра Huskovo Cup 2015 аҟны аиааира игеит. Нестор хаҭалатәи аиндаҭлараҿи, иара убас 13 шықәса зхыҵуа арԥарцәа рыбжьара ҩыџьа-ҩыџьалатәи аицлабрақәа рҿы аиааира игеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.

Аҟәа. Жьҭаарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә хәмаррақәа рышкол аҿы ихыркәшахеит Аԥсны Зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩцәа Станислав Сушьенкои Валери Барцыци ргәалашәара иазкыз аспорт аветеранцәа аҳәсеи ахацәеи ркомандақәа рыбжьара амҵәышәмпыл азы атурнир, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.

Аҟәа. Жьҭаарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Афымцадәыӷба «Диоскуриа» хәымз рыла 130 нызқьҩык инареиҳаны апассаџьырцәа ныҟәнагеит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.