pressadmin-2

pressadmin-2

Анаплакы ргылоуп аԥсуа-аурыс инвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны ВТБ абанк ацхыраарала. Аргылара мҩаԥысуан 2024 шықәса нанҳәамза инаркны. Аобиект азеиԥш хәыԥса иартәеит 1,56 млрд мааҭ, урҭ реиҳарак азинҷыдатә кредит ауп.

Аԥсны Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла Ахада Иусбарҭа актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Тамшь ақыҭан Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рбаҟа амҵан.

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои аусуратә еиԥылара мҩаԥыргеит, уи аан асоциалтә, аекономикатә, аинфраструктуратә усхкқәа рҿы еицырзеиԥшу апроектқәа рынагӡара иалацәажәеит.

Аделегациа Аԥсныҟа иааит ԥхынгәымза 3 рзы имҩаԥысуа аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхареи Аҟәа ақалақь аҿы еиҭашьақәыргылаз Амҳаџьыраа рыԥшаҳәа актәи ахәҭа аартреи рзы ҳәа аанацҳауеит Жәлар Реизара апресс-маҵзура.

Ахырхарҭа ҿыц аартра апассаџьырцәа рзы атранспорттә лшарақәа арҭбаауеит. Уажәы Аҟәантәи Москва аҳаирбаӷәаза дуқәа рыхԥагьы (Внуково, Шереметьево, Домодедово) рахь ареисқәа бжьоуп.

Гәдоуҭа араионтә еизараҿы ишьақәырӷәӷәоуп, Гәдоуҭа амш анымҩаԥысуа арыцхәи ақалақь аофициалтә герби, аус зуа азакәанԥҵара инақәыршәаны уи ахархәара аиуеит амуниципалтә усбарҭақәа рофициалтә документқәеи рсимволикеи рҿы.

Кольцово аҳаирбаӷәаза аҟынтәи иааз аҳаирплан, авиациатә традициала ишаԥу еиԥш аӡтәы хыргьагьа ала иаԥылеит. Атерминал аҿы апассаџьырцәа рзы аныҳәатә гәалаҟазаара аԥҵан, аԥсуа милаҭтә кәашарақәа нарыгӡеит ансамбль «Ашьхарыуаа». Асасцәа иара убас итрадициатәу амилаҭтә чыс агьама ддырбеит.

Ареспублика ауааԥсыреи асасцәеи ирзыԥшуп игәылҭәаау акультуратә, аспорттә, агастрономиатә программа.

Ԥхынгәымзазы арепатриациазы Аҳәынҭқарратә еилакы имҩаԥнагоит аҿар аԥхынтәи рлагер «Ахьышьтрахь-2026». Апроект х-етапкны имҩаԥгахоит, еиднакылоит Ҭырқәтәылеи, Иорданиеи, Германиеи, Нхыҵ Кавказ арегионқәеи, Аԥсни рҟынтәи 225-ҩык ҳџьынџьуаа ҿарацәа. Алагер актәи аетап мҩаԥгахоит ԥхынгәымза 1-9 рзы.

Алахәхаразы ааԥхьара рымоуп 18 шықәса инаркны 45 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ашәаҳәаҩцәа. Аицлабраҿы аиааира згаз аԥаратә ҳамҭақәа рыҭахоит, иара убас Урыстәылеи Аԥсни рықалақьқәа рҿы агастрольтә тур алахәхаразы алшара роуеит, рырҿиаратә портфолио арҭ ақәгыларақәа рыла ихаҭәаахоит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.