
pressadmin-2
Аԥсны аиустициа Аминистрра аделегациа XIII Петербургтәи жәларбжьаратәи аиуристтә форум ахы аланархәуеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аиустициа аминистр Анри Барцыц зхадараҿы дыҟоу аиустициа Аминистрра аделегациа XIII Петербургтәи жәларбжьаратәи аиуристтә форум ахы аланархәеит.
Лаҵарамза 19 рзы Санкт-Петербург ақалақь аҿы аусура иалагеит ХІІI Петербургтәи аиуристтә форум – аиуристтә, аусдкыларатә, аполитикатә, азинхьчаратә еилазаарақәа рхаҭарнакцәа еидызкыло иреиҳау азинтә плошьадкақәа иреиуоуп.
ХІІI Петербургтәи Жәларбжьаратәи аиуристтә форум -2025 атема хада – «Азин: адунеи ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы иҳаҩсхьоу аамҭа аԥышәа» («Право: уроки прошлого для мира будущего»). Уи иаанарԥшуеит Афорум аидеиа хада – аҭоурыхтә ԥышәа инарҵауланы аҭҵаара ахымԥадатәрала аиашара иадгыло азинеиҟаратә дунеи азинтә шьаҭақәа рыҿиареи рырӷәӷәареи алзыршо аӡбамҭақәа рыдкылара.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Вараздат Миносиан ақыҭанхамҩа Аминистрра аппарат аусуратә еилатәара ихы алаирхәит.
Аҟәа. Лаҵарамза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа Аминистрра аусура ахылаԥшра азҭо Вараздан Миносиан, есымчыбжьа имҩаԥысуа Аминистрра аппарат аусуратә еилатәара ихы алаирхәит.
Ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуеи анаԥхгаратә хықәкытә программа «Ақыҭанхамҩа аҿиара - 2025» анагӡаразы акомиссиа алахәылацәеи имҩаԥгаз аусура азы аҳасабырба ҟарҵеит.
Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра амцабџьар аныҟәгареи аҵәахреи рзы аԥҟарақәа рықәныҟәара ахылаԥшра арӷәӷәоит.
Аҟәа. Лаҵарамза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ауаажәларратә шәарҭадареи абџьар ахархәара иахылҿиар зылшо аинцидентқәа рыԥхьырҟәҟәаареи рзы, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра амцабџьар аныҟәгареи аҵәахреи рзы аԥҟарақәа рықәныҟәара ахылаԥшра арӷәӷәоит. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭахоит абџьар ауаажәларра ахьеизо аҭыԥқәа рзы аныҟәгара ақәиҭымзаара алагалара, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ақалақьқәеи араионқәеи рхадарақәа ирабжьнагоит аресторанқәа, акаҳуажәырҭақәа, акрыфарҭақәа, ачараиурҭатә залқәа, уҳәа егьырҭ ауаажәларратә усмҩаԥгатәқәа ахьымҩаԥысуа ахыбрақәа рышәқәа рҿы абџьар рыцны анеира шыҟамло азы адырра зну адыргақәа аддырҷаблаларц. Иарбоу аҭыԥқәа рахь амцабжьар рыцны анеира ҟалаӡом, ҳәа аҳәамҭа аланарҵәоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра.
Аҳәынҭқарра Ахада Гәдоуҭа араион аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рцашьа гәеиҭеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ахада Бадра Гәынба Гәдоуҭа араион лаҵарамза 10 рзы иҟалаз амшцәгьа ашьҭахь агәаҭаразы даҭааит. Аҳәынҭқарра Ахада аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рцашьа гәеиҭеит. Аҳәынҭқарра Ахада ицын Гәдоуҭа араион ахада Валери Аҩӡбеи Шьаҭанкыла аргыларазы Аусбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниеи.
***
Раԥхьа Бадра Гәынба лаҵарамза 10 рзы аԥшатлакә иахҟьаны аԥхасҭа зауз Приморское ақыҭа даҭааит. Уи Атавинаа рҭаацәара рхатәыҩны аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьа гәеиҭеит.
Уаҟа аҩны аԥшәмаԥҳәыс Ольга Атавина лажәақәа рыла, аԥшатлакә 100 метр ԥшьыркца инареиҳаны ахыб ахнахит, насгьы ааигәа иҟаз асасааирҭа ахыб иақәыз апрофнастил қәҵақәа аанагеит.
«Лаҵарамза 10 рзы ӷәӷәала аԥшасра ҵысит. Ҳара зегьы аҩны ҳаҟан уи аамҭазы, даараӡа ҳшәеит. Нас, маҷк амш анеиқәтәа ҳдәылҵит ҳанхара аҭагылазаашьа зеиԥшроу гәаҳҭарц. Ашҭаҿы ихнахыз ахыб ахәҭақәа ана-ара икажьын», – ҳәа илҳәеит лара.
Ольга иазгәалҭеит адырҩаҽныҵәҟьа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ишрылагаз. Ԥшьымш рыла аҩны ахыб ҿыц ақәырҵеит, аӡазы абак ҿыц шьақәдыргылеит, инанагаз апрофнастил лассы иқәгахоит. Лара араиони атәыла анапхгареи рҟынтәи лҭаацәа ироуз ацхыраара азы иҭабуп лҳәеит. «Иҭабуп идуӡӡаны ҳзықәшәаз арыцҳара аҿы хшыҩзышьҭрада ҳахьааншәмыжьыз, адгылареи ацхыраареи ахьҳашәҭаз», - ҳәа илҳәеит лара.
***
Анаҩс Аацы ақыҭан Апаа рыҩны днеины ибеит. Уа лаҵарамза 10 рзы иасыз аԥшатлакә зынӡаск иақәнахыз ахыб ԥсаххоит ҳәа Аԥсны ахада адырра ииҭеит Акапиталтә ргылара аиҳабы Демир Гамсаниа. Иааидкыланы ахыб 242 метр ԥшьыркца иҟоуп, аусурақәа ирылагахьеит.
Гәдоуҭа араион аҿы иҟалаз аԥшатлакә иааизакны 28 обиект, 27 ҩни Мгәыӡырхәа ақыҭан иҟоу школки ааха рнаҭеит.
Шьамтәыла адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәеи рминистр Асад Ҳасан Аль-Шаибани Олег Барцыц адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟаҵара идиныҳәалеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 16 , 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәеи рминистр Асад Ҳасан Аль-Шаибани Олег Барцыц адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟаҵара идиныҳәалеит
Шьамтәылатәи Арабтәи Республика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу ҳџьынџьуаа русқәеи рминистр Асад Ҳасан Аль-Шаибани Олег Барцыц Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟаҵара идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы иҳәоуп:
"Гәахәара дула Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр имаҵураҭыԥ аҿы шәыҟазаара инамаданы гәык-ԥсыкалатәи адныҳәалара шәзынаҳашьҭуеит.
Дмитри Вольвач: Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аинвестициатә еиқәшаҳаҭра аинвесторцәа ркапитали рзинқәеи рыхьчара иазкызароуп.
Аҟәа. Лаҵарамза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аинвестициатә еиқәшаҳаҭра аинвесторцәа ркапитали рзинқәеи рыхьчара иазкызароуп, аганқәа урҭ рыхьчаразы иахәҭоу аформақәа рыԥшаауеит. Абас Казан ақалақь, лаҵарамза 13 - 18 рзы имҩаԥысуаз афорум «Урыстәыла-Аԥсылмантә дунеи» («Россия - Исламский мир») аҳәаақәа ирҭагӡаны ТАСС ааинтервиу аҭо адырра ҟаиҵеит Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач.
Мықәтәи абжьаратәи ашкол №1 100-шықәса ахыҵит.
Аҟәа. Лаҵарамза 16, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Очамчыра араион Мықә ақыҭаҟны Гьаргь Чачба ихьӡ зху ашкол 100 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә далахәын.
Аусмҩаԥгатә иалахәын иара убас Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан, Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша, аҵара аминистр Гәынба Хана, Апарламент адепутатцәа, араион анапхгара, ауаажәларра, ашкол аушьҭымҭацәа, ақыҭауаа.
Аныҳәа аламҭалаз Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭеиҵеит.
Гәынба Бадра иқәгылараҟны иазгәеиҭеит ашкол 100 шықәса ахыҵра арыцхә иамоу аҵак ду, иара убас иаҵшьны иҳәеит Мықә ақыҭа Аԥсны абжьыуатәи аган азы ҭоурыхтә центрны ишыҟоу. Ара аамҭақәа зегьы раан атәылазы илахьынҵаӡбаганы иқәгылаз азҵаарақәа рыӡбара мҩаԥысуан.
Аҳәынҭқарра Ахада иаҵшьны иҳәеит ашкол аушьҭымҭацәа еиуеиԥшым аамҭақәа рзы, иара убас иахьа уаажәраанӡагьы акультура, аҭҵаарадырра, аспорт, амедицина аусхкқәа рыла атәыла аҿиараҟны рлагаламҭа шдуу.
Аԥсны аԥхынтәи акурорттә аамҭа аҽазыҟаҵара иаҿуп.
Аҟәа. Лаҵарамза 16, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥхынтәи акурорттә аамҭахәҭа аҽазыҟаҵара азҵаарақәа ирызкын аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы имҩаԥысыз аилатәара.
Уи рхы аладырхәит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа Рминистрра, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура, Аԥсны Аихамҩа ахаҭарнакцәа, араионтәи ақалақьтәи аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рнапхгаҩцәа, араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут Аԥсныҟа иаауа атуристцәа ршәарҭадара аиҿкаара иаҵоу аҵакы ахадара азгәеиҭеит.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭеи Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭеи комплексла аӡи адгьыли рҿы ареидқәа мҩаԥыргалоит ҳәа ииазгәеиҭеит. «Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа Рминистрреи, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭеи, ареспубликаҿы иҟоу Урыстәыла АШәМи рыцхыраарала аӡаҿи адгьыл аҿи еизаку агәаҭарақәа мҩаԥыргалоит ҳәа иҳәеит Роберт Кьиут.
Жәлар Реизара-Апарламент аҿы ахәыҷқәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа иаку аԥаратә цхыраагӡа зауа атәылауаа раанкылара иадҳәалоу аҭагылазаашьа иалацәажәеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҵыхәтәантәи аамҭазы ирацәахаз Урыстәылатәи Афедерациа иаку аԥаратә цхыраагӡа зауа атәылауаа раанкылара ахҭысқәа ирыдҳәаланы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иалацәажәеит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аҳәынҭқарра-зинтә политика азы Аилаки асоциалтә политикеи аџьеи агәабзиарахьчареи адемографиеи аветеранцәеи аибашьра аинвалидцәеи русқәа рзы Аилаки инарҭбаау аилатәара аҿы.
Аилатәара ахь ааԥхьара рыҭан атәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц, аиустициа аминистр Анри Барцыц, асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Апарламент аҿы Аҳәынҭқарра Ахада аҷыдалкаатә зинмчы змоу ихаҭарнак Баҭал Аиба, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Алхас Чычба, ареспублика аҿы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Анас Кьышьмариа, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнакцәа.
Лаҵарамза 18 рзы имҩаԥгахо акциа «Аҵх амузеи аҟны» Владислав Арӡынба игәалашәара иазкхоит.
Аҟәа. Лаҵарамза 16, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба (14.05.1945 – 04.03.2010 шш.) диижьҭеит 80-шықәса аҵра иазкхоит лаҵарамза 18 – Жәларбжьаратәи амузеиқәа рымш аҽны имҩаԥгахо акциа «Аҵх амузеи аҟны».
Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Арратә Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны асааҭ 17:00 рзы иаатуеит ари аиубилеитә рыцхә иазку ацәыргақәҵа. Иара уаҟа ицәыргахоит ААУ афилологиатә факультет а-3 акурс астудентцәа атема «Владислав сгәаҿы дыҟоуп» ала еиқәдыршәаз аессе. Амузеи уахьыныҩнало ахыбра аҿаԥхьа иубар алшоит аекспонат хада – В.Г.Арӡынба имаҵуратә автомашьына ГАЗ-24-10.