pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Абҵарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ҳазҭоу  2025 шықәса 9 мыз рыла Аԥсны иҟоу акредиттә еиҿкаарақәа еизаку рыкредиттә портфель 6,4% рыла еизҳаит, уи  7,2 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит, ҳәа адырра   ҟанаҵоит Ареспублика Аԥсны Амилаҭтә банк аофициалтә саит.

Аҟәа. Абҵарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Ареспубликатә хәышәтәырҭаҟны абҵарамза 11 рзы Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз аиҿахысраан ахәрақәа зауз ахәцәа дырҭааит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аҟәа. Абҵарамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Дамениа Олег директорс дызмоу Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр аҵарауаа алархәны аиԥылара мҩаԥигеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура. 

Аҟәа. Абҵарамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы 2026 шықәсазы Аарыхратә мзар шьақәдырӷәӷәеит.  

Аҟәа. Абҵарамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Аҟәа ақалақь ВИЭМ аҳабла иахьаҵанакуа иҟалаз аиҿахысраан ахәрақәа зауз рҭагылазаашьазы адырра ҟаиҵеит.

Аҟәа. Абҵарамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳа жәларбжьаратәи аконференциа «Ҳаидгыланы ахәыҷқәа рзы. Ӷәӷәала ичмазаҩуи ахәра змоуи ахәыҷқәа змоу атерритриа ҿыцқәеи аибашьра ахьцо аҭыԥқәеи рҟынтәи аҭаацәа ианаамҭоу аструктуратә цхыраара рыҭара» аҿы дықәгылеит. Урыстәыла Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу агрантқәа Рфонд адгыларала Жәларбжьаратәи агәыҳалалратә уаажәларратә еиҿкаара «Адоктор Лиза ииашоу лыцхыраара» («Справедливая помощь Доктора Лизы») ала еиҿкаахаз аусмҩаԥгатә абҵарамза 11 рзы Москва ақалақь аҿы имҩаԥысит.

Аҟәа. Абҵарамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иахьа Аҟәа ақалақь аҟны иҟалаз аиҿахысразы адырра ирҭеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аҟәа. Абҵарамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи ркомандақәа рыбжьара ашьапылампыл-маҷ азы атурнир Аҟәа иалагеит. Аицлабрақәа мҩаԥысуеит «Аминистрцәа Реилазаара» ҳәа изышьҭоу ашьаплампылдәы маҷ аҿы. Арҭ аицлабрақәа еиуеиԥшым аструктурақәа рхаҭарнакцәа еидызкыло аспорттә хҭысны иҟалароуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.

Аҟәа. Абҵарамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа реихшьаалақәа рыла Гәдоуҭа араионтә Еизара ахь иалырхит 29-ҩык адепутатцәа. Зынӡа ркандидатурақәа ықәдыргылеит 51-ҩык.

Адепутатцәас иалырхит:

Аҟәа. Абҵарамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 11 –рзы британиатәи аҵарауаҩ, кавказдырҩы, Лондонтәи ауниверситет мрагыларатәии африкантәии аҭҵаарақәа Рышкол  апрофессор, Британиатәи анаукақәа Ракадемиа алахәыла, Аԥсны анаукақәа Ракадемиеи Жәларбжьаратәи черкесстәи анаукақәа Ракадемиеи  ҳаҭыр зқәу алахәыла, Британиа Ду  иҟоу ҳаҭыр зқәу Аԥсны ахаҭарнак, «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара занашьоу Џьорџь Хьиуитт  76 шықәса ихыҵра азгәеиҭоит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.