pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Цәыббрамза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақь ахада инапынҵала Ажәытә ҳабла аҿы аҳҭнықалақь Ахадара аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа злахәыз анҭыҵтәи аилацәажәара мҩаԥысит.

Аилацәажәара иалахәыз амшцәгьақәа раан аҩнеихагылақәа рхыбрақәа ақәа акылсра, аҵлақәа реилыхра, амҩақәеи ашҭақәеи рҟынтәи агәам-сам ақәгара, уҳәа азҵаарақәа ирзааҭгылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара апресс-маҵзура.

Аҟәа. Цәыббрамза 16, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы Ахаҭарнакра Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара 2026/27-тәи аҵарашықәс азы ишьақәнарӷәӷәаз   аквота аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәылатәи Афедерациа абиуџьет ахарџь ала, хәыда-ԥсада Урыстәылатәи Афедерациа аҵараиурҭақәа рҿы аҵаразы азыҳәамҭақәа рыдкылара ишалаго азы адырра ҟанаҵоит.

Аԥсны атәылауаа рзы сынтәа иазоужьхеит 115 квота. 2026/27-тәи аҵарашықәс азы иҟоу азанааҭҵареи аҽазыҟаҵара ахырхарҭақәеи рзы адырра  аиура ҟалоит азхьарԥш https://disk.yandex.ru/i/0TAqCebPfnB2ew ала.

Аҟәа. Цәыббрамза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа Урыстәыла Ахада Иусбарҭа  ахаҭарнакцәа идикылеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура. 

Аҟәа. Цәыббрамза 16, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа  Аҟәа ақалақь Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭтәра иазку ажәыларатә аоперациа алагара амш 30 шықәса ахыҵит.   Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа ахақәиҭтәра иазкыз ажәыларатә операциа 11 мшы имҩаԥысуан.

Цәыббрамза 16, 1993 шықәсазы Аҟәа ақалақь ахырхарҭала ажәылара иалагеит, ҳәа иҩуеит аҭоурыхҭҵааҩ Уаликәа Ԥачлиа  ишәҟәы «Аԥсуа-қырҭуатә еибашьра» аҿы. 

Аҟәа. Цәыббрамза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Никарагуа Ареспублика Ахадацәа Хосе Даниель Ортеге Сааведреи Росарио Мурилиои Ахьыԥшымра амш рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аенергетикатә шәарҭадареи изакәанымкәа афымцаҳақәа рҽаҿаԥшьра аҿагылареи рзы ареспубликатә штаб аилатәара  мҩаԥысит аминистрцәа Реилазаара аҿы.  Аилатәара мҩаԥигеит атәыла аԥыза-министр Владлимир Делба.

Аҟәа. Цәыббрамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Урыстәылатәи Афедерациа ашәарҭадара Ахеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев иубилеи идиныҳәалеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аҟәа.  Цәыббрамза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Сергеи Собианин Урыстәыла аҳҭнықалақь амш идиныҳәалеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аҟәа. Цәыббрамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Санкт-Петербург, Аҳәынҭқарратә Ермитаж Аштаб Хада ахыбраҿы имҩаԥысуеит еидцоу акультурақәа рфорум. Уи рхы аладырхәуеит 50 инарзынаԥшуа атәылақәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Аԥсны, Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС), Саудатәи Аравиа, Ирак, Аман, Катар, Китаитәи Жәлартә Демократиатә Республика (КНДР), Венесуела, Белорусиа, Ҭаџьыкисҭан, Узбекьысҭан, уҳәа убас егьырҭ атәылақәагьы. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны акультура Аминистрра.

Аҟәа. Цәыббрамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩбеи Урыстәыла акультура аминистр Ольга Лиубимовеи Санкт-Петербург ақалақь аҿы имҩаԥысуа еидҵоу акультурақәа рфорум аҿы акультура аусхкы аҿы аусеицуразы анапхгарабжьаратәи  апрограмма рнапы аҵарҩит, ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Акультура аминистрра.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.