pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Цәыббрамза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш. Ари амш аҽны Аҟәа ақалақь аҿы еиуеиԥшым агәаларшәагатәи аныҳәатәи аусмҩаԥгатәқәа жәпакы мҩаԥгахоит. Убас:

Аҟәа. Цәыббрамза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Цәыббрамза 27 рзы Аҟәа ақалақь Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭра амш  32 шықәса ахыҵуеит. Ари амш аҽны Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥгахоит агәаларшәагатәи аныҳәатәи аусмҩаԥгатәқәа жәпакы.

Аҟәа. Цәыббрамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Бадра Гәынба Урыстәыла Аҳәса Реидгыла аделегациа идикылеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аҟәа. Цәыббрамза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Амҩатә ԥҟарақәеи аццакратә режими рықәныҟәара зегьы ирыԥхықәроуп, уи ӷәӷәала ахылаԥшразы аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа анапынҵа риҭеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба. Аҳәықнҭқарра Ахада ҷыдала ахшыҩзышьҭра аиҭеит анапхгараҭара иатәу амаҵзуратә машьынақәа рыла изакәанымкәа адырраҟаҵага ҷыдақәа рхархәара иадҳәалоу афактқәа.  

Ас еиԥш иҟоу афактқәа раарԥшра иазырхан аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзуреи еицымҩаԥыргаз иҷыдоу ареидтә усмҩаԥгатәқәа.

Сеул. Цъыббрамза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аладатәи Кореиа аҳҭнықалақь Сеул аҿы Аԥсны Акультуратә центр аартра иадҳәалоу аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит.  

Аҟәа. Цәыббрамза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа ҩымчыбжь рыҩныҵҟа амшцәгьақәа раан ҩынтә ааха зауз Ӡыгәҭа ақыҭа даҭааит.

Ӷәӷәала иауз ақәыршҩы иахҟьаны ақыҭаҿы атранспорттә инфраструктура бааԥсыла ааха аиуит. Уи амҩақәа ықәнаӡәӡәааит, ана-ара адгьылҳәазарақәа ҟалеит.  Ахәҭакахьала амҩақәа Киров, Речнаиа, Шаумиан, Вавилов, Зелионаиа, иара убас Синоптәи аҩхааи ацҳатә хыҵырҭа ахь инагоу амҩагьы ӷәӷәала иқәнаӡәӡәааит, иԥхасҭахеит. Абри атәы аанацҳауеит Аҟәа араион Ахадара.

Аҟәа. Цәыббрамза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҵара аминистр Хана Гәынба Урыстәылазегьтәи арра-патриоттә хәмарра «Зарница 2.0» алахәылацәеи аноминациа «Аотриад иреиӷьу акомандаҟаҵаҩ» аҿы аиааира згаз Руслан Ҵәыџьбеи дырԥылеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Адгәыр Ҳаразиа иганахьала ашьаус цәыббрамза 23 рзы Апрокуратура Хада аҟынтәи Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахь инашьҭуп.  

Ҳаразиа Адгәыр Рафеҭ-иԥа иҟаиҵаз иумҭа Ареспублика Аԥсны ашьаусеиҿкаартә закәанԥҵара инақәыршәаны, Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 99 ахәҭа 2 апункт «е», ахәҭаҷ 29 ахәҭа 2 рыла иазԥхьагәаҭоу ацәгьоурақәа — гәҭакрала азеиԥшшәарҭаратә уаҩшьреи азеиԥшшәарҭаратә уаҩшьра аҽазышәареи, иара убас ахәҭаҷ  217, ахәҭа 1 иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура – амцабџьари уи азы аџьаԥҳани изакәанымкәа аахәара, аҵәахра, аныҟәгара – ирыҵанакуеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Ԥшьнызықь инарзынаԥшуа асахьақәа ахьалаблыз, ахыбра аҿыԥшыларатә гани актәи аихагылеи  мацара аанзыжьыз, ажьырныҳәамза, 2024 шықәсазы иҟалаз абылра ашьҭахь еиҭашьақәыргылаз Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла Ацәыргақәҵатә зал Хада раԥхьатәи аҭааҩцәа аднакылараны иҟоуп жьҭаарамза  1 азы. Аргылаҩцәа ахыбра ашьҭахьтәи ахәҭа зегьы еиҭашьақәдыргылеит, иуадаҩыз ахыбратә усурақәа мҩаԥыргеит, иара убас аҩныҵҟатәи аусурақәа нарыгӡеит. Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла амаӡаныҟәгаҩ Хьыбла Ҵәыџьԥҳа «Аԥсныпресс» акорреспондент диҿцәажәо Ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы аргыларатә усурақәа рышьҭахь иҟоу аиҭакрақәа ртәы еиҭалҳәеит.  

Аҟәа. Цәыббрамза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делбеи Псковтәи област агубернатор Михаил Ведерникови русуратә еилатәара мҩаԥысит цәыббрамза 23 рзы  авидеоконференцеимадара аформат ала. 

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.