pressadmin-2
Ҩыџьа урыстәылатәи аԥсшьаҩцәа Гагра араион азааигәара амшын иагеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Пицунда ақалақь аҿы, апансионат «Литфонд» иахьаҵанакуа, аӡы дагеит 27-шықәса зхыҵуаз Петербург ақалақь аҟынтәи ԥсшьара ҳәа иааз Улиана Коновалова, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.
Бадра Гәынба Ареспублика Аахыҵ Уаԥстәыла 35-шықәса ахыҵра азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы алаирхәуеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аахыҵ Уаԥстәыла иазгәарҭоит ареспублика 35-шықәса ахыҵра Амш.
Аԥсны Ахада Бадра Гәынба мышкы шагыз Цхьынвалҟа дааит. Уи Цхьынвал ақалақь аҿы Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа Рмемориал амҵан, иара убас Цхьынвалтәи абжьаратәи ашкол №5 адәаҿы иҟоу Амемориалтә ԥсыжырҭа аҿы игылоу ауахәама хәыҷы амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.
Бадра Гәынба Москваҟа, афестиваль «Аԥсны» ахь ицара мап ацәикит.
Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратәии аполитикатәи аусзуҩ, еицырдыруаз аҵарауаҩ Станислав Лакоба трагедиала иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы, Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иазԥхьагәаҭаны имаз Москва имҩаԥысуа афестиваль «Аԥсны» аҭаара мап ацәикит. Абри азы адырра ҟаиҵеит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Ҷолокәуа.
Аԥыза-министр Владимир Делба Станислав Лакоба иԥсыжра аиҿкааразы аҳәынҭқарратә комиссиа напхгара аиҭалоит.
Аҟәа. Цәыббрамза 21, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Идҵала иаԥҵоуп— иналукааша аҳәынҭқарратә, аполитикатә усзуҩы, аҵарауаҩ, апрофессор, амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аветеран, «Ахьӡ-Аԥша аорден II аҩаӡара занашьоу, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет апрофессор, Ареспублика Аԥсны зҽаԥсазтәыз анаукатә усзуҩ Лакоба Станислав Зосим-иԥа иԥсыжра аиҿкааразы Аҳәынҭқарратә комиссиа.
Жәларбжьаратәи аекономкатә форум «Аахыҵ Уаԥстәыла. Аинвестициақәа рылаԥшҳәаа» аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара аиқәшаҳаҭрақәа рыҵаҩра мҩаԥысит.
Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада Гәынба Бадра аекономкатә форум «Аахыҵ Уаԥстәыла. Аинвестициақәа рылаԥшҳәаа» аҳәаақәа ирҭагӡаны аиқәшаҳаҭрақәа рыҵаҩра иазкыз ацеремониа далахәын.
Бадра Гәынба Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар ареспублика 35-шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аахыҵа Уаԥстәыла Ареспублика 35 шықәса ахыҵра инамаданы апарад аҟны дықәгылеит.
«Ҳаҭыр зқәу Алан Едуард-иԥа, Аахыҵ Уаԥстәылаа ҳашьцәа, ҳаҭыр зқәу аколлегацәа,, акыр иаԥсоу аҩызцәа!
Сара сзы ҳаҭыр дууп иахьа ара аҟазаара, Ареспублика 35 шықәса ахыҵра иазку ари аныҳәа ду ахьшәыцеиҩысшо.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит Адыррақәа рцентр официалла аартра.
Аҟәа. Цәыббрамза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ахада Ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа иқәгылараҟны иаҵшьны иҳәеит атәыла азанааҭтә лшара арҭбааразы акрызҵазкуа ашьаҿа шыҟаҵоу.
Едуард Быҭәба ангиографиатә маҵзура ахыбра аргылара амҩаԥысшьа гәеиҭеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ангиографиатә маҵзура ахыбра аргылашьа шымҩаԥысуа гәеиҭеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аминистрра апресс-маҵзура.
Шьаҭанкыла аргылара Аусбарҭа аиҳабы Дамир Гамсаниа аминистр изаамҭанытәиу аусура амҩаԥысшьа азы адырра ииҭеит.
Аԥсны акультура Аминистрреи астратегиатә аԥшьгарақәа рзы урыстәылатәи Агентреи аусеицуразы амеморандум рнапы аҵарыҩраны иҟоуп.
Аҟәа. Цәыббрамза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 8 – 10 рзы Санкт-Петербург ақалақь аҿы имҩаԥысло акреативтә економика азы Жәларбжьаратәи афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны акультура Аминистрреи астратегиатә аԥшьгарақәа рзы урыстәылатәи Агентреи аусеицуразы амеморандум рнапы аҵарыҩраны иҟоуп. Абри азы Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба.
«Астратегиатә аԥшьгарақәа Рагентра ааԥхьарала, жьҭаарамза 8 инаркны 10 аҟынӡа ҳара Санкт-Петербург имҩаԥысло акреативтә економика азы Жәларбжьаратәи афорум ҳхы алаҳархәуеит. Иарбоу афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны акультура Аминистрреи астратегиатә аԥшьгарақәа рзы урыстәылатәи Агентреи рыбжьара аусеицуразы амеморандум анапаҵыҩра азԥхьагәаҭоуп», – ҳәа иҳәеит иара.
Иааиуа ашықәс азы Аԥсны Абанк даҽа ҩ-банкнотак ҭнажьраны иҟоуп.
Аҟәа. Цәыббрамза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Абанк хә-банкнотк ҭнажьит. Иааиуа ашықәс азы иазԥхьагәаҭоуп даҽа ҩ-банкнотк рҭыжьра: 250 аԥсар ицо, Нестор Лакоба изку абанкнотеи хә-ԥсарк инаӡо «Аԥсны Афлореи Афауни» асериа аҟынтәи банкнотаки. Уи ианылоит аԥарԥалыкь ҟаԥшь асахьа. Абри азы Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит Аԥсны Амилаҭтә Банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа.








