pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Цәыббрамза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсни ШЬамтәылатәи амшынбаӷәазақәеи ишиашоу аимадара рыбжьаҵара азҵаара иахәаԥшуеит, ҳәа ТАСС акорреспондент диҿцәажәо адырра ҟаиҵеит Аԥсны аекономика аминистр Ҭеимраз Амқәаб. Аганқәа алогистикеи атранспорти русхкы аҿы алшарақәа реилкаареи рхархәареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа инарҭбааны иалацәажәоит.

Аҟәа. Цәыббрамза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рминистрцәа Олег Барцыци Сергеи Лаврови реиԥылара жьҭаарамза 1 азы Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоуп.

Аҟәа. Цәыббрамза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атрансфер амашьынарныҟәцаҩцәа реилазаареи «Аԥсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы» Аԥсны анацәа рхеидкылеи  еиҿыркааз агәыҳалалратә акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны хабарда ибжьаӡыз рҭаацәа 370 нызықь мааҭ рырҭеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит «Очамчыра информ».

Аҟәа. Цәыббрамза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи ашахматистцәа  афестиваль «Гран-при Черного моря» аҿы аԥхьахәтә ҭыԥқәа ааныркылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Аҟәа. Цәыббрамза 21, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба «Росгосцирк» адиректор хада Сергеи Белиаков дидикылеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 21, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. V Аԥсуа культура  Афестиваль «Аԥсны» Москва ақалақь, «Ермитаж» абаҳчаҿы имҩаԥысуеит. 

«Москватәи Аԥсуа Диаспора» ала еиҿкаау афестиваль атема – «Аԥсны - акультурақәа реихысырҭа» ауп.

Аусмҩаԥгатә ахықәкы хаданы иҟоуп — Аԥсны акультура аилкаара.

Аҟәа. Цәыббрамза 22, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Абҵарамза 8 рзы Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа мҩаԥысуеит.  

«Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рымҩаԥгаразы» Азакәан ахәҭаҷ  18 инақәыршәаны, апроцедура алхрақәа рымш 40 мшы шагу иалагароуп, абжьыҭара амш 20 мшы шагу ихыркәшахароуп: цәыббрамза  29  инаркны жьҭаарамза 19 аҟынӡа.

Аҟәа.  Цәыббрамза 22, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба цәыббрамза 20 рзы машәырла иҭахаз Станислав Лакоба иԥшәмаԥҳәыс лгәабзиара аҭагылазаашьазы Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 22, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит карате WKF азы «Витали Вольф игәалашәара Ахраҿа агаразы» иаарту Ареспубликатә турнир. Аицлабра еиднакылеит ареспублика араионқәа зегьы рҟынтәи 100 ҩык инарзынаԥшуа алахәылацәа, иара убас Башкортосҭантәи асасцәеи. Аиндаҭларақәа мҩаԥысуан ҩ-татами рҿы х-дисциплинак рыла: ката, кумите, иара убас киктест.

Аҟәа.  Цәыббрамза 22, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аусеилыргаратә ҟәша Гагра ақалақь аҿы инхо,  1997 шықәса рзы ииз Беииа Роман Павел-иԥеи 2000 шықәса рзы ииз Мишелиа Ҭемыр Сулико-иԥеи рганахьала ихацыркыз аусеилыргара мҩаԥнагоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.  

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.