Items filtered by date: Аԥшьаша, 10 Ԥхынгәы 2025
Бадра Гунба и Сергей Кириенко обсудили запуск морского сообщения между Сухумом и Сочи
Сухум. 10 июля 2025. Апсныпресс. Состоялось выездное совещание с участием Президента Республики Абхазия Бадры Гунба, Первого заместителя Руководителя Администрации Президента РФ Сергея Кириенко и директора Азово-Черноморского филиала ФГУП «Росморпорт» Анны Фоменко.
Бадра Гунбеи Сергеи Кириенкои Аҟәа амшын аԥшаҳәа аҿы аныҟәара мҩаԥыргеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко напхгара зиҭо аделегациеи Аҟәа амшын аԥшаҳәаҟны аныҟәара мҩаԥыргеит.
Бадра Гунба и Сергей Кириенко совершили прогулку по набережной Сухума
Сухум. 10 июля 2025. Апсныпресс. Президент Абхазии Бадра Гунба совместно с российской делегацией во главе с Первым заместителем Руководителя Администрации Президента РФ Сергеем Кириенко совершили прогулку по набережной Сухума.
Более 20 тысяч дебетовых карт выдано пенсионерам с гражданством России, проживающим в Абхазии
Сухум. 10 июля 2025. Апсныпресс. ПСБ исполнил поручение президента Российской Федерации и реализовал важнейшую социальную задачу по обеспечению бесперебойных пенсионных выплат нашим согражданам, постоянно проживающим в Республике Абхазия. Об этом в ходе рабочего визита в республику сообщил Михаил Дорофеев, заместитель председателя ПСБ.
Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои «Брехаловка» иаҭааит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аусуратә еилацәажәарақәа рыбжьара Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы акаҳуажәырҭа «Брехаловка» аҟны иформалтәым аиԥылара мҩаԥыргеит.
Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои «Брехаловка» лассы-лассы иаҭаалогьы егьырҭ аҭааҩцәагьы ирацәажәеит, иалацәажәеит ақалақь абжьааԥнытәи аԥсҭазаара.
Аҟәа ақалақь аҿы аԥсны-урыстәылатәи аҵараиуратә аԥшьгарақәа рыҿиара азҵаарақәа ирызкыз аусуратә еилацәажәара мҩаԥысит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, атәыла аԥыза-министр Владимир Делба, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, аҵара аминистр Хана Гәынбеи, иара убас Аҵараиуратә фонд «Абаҩхатәреи аихьӡареи» анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Антон Гусев ралахәрала Аҟәа ақалақь аҿы аҵараиура иазкыз аусуратә еилацәажәара мҩаԥысит.
Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои Аԥсны афымцамчтә усхкы иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны афымцамчтә комплекс аҿиара иазкыз аусуратә еилацәажәара мҩаԥысит.
Аилацәажәара иалахәын Аԥсны Ахада Гәынба Бадра, Урыстәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, АА аԥыза-министр Делба Владимир, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Ешба Беслан, Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Нанба Џьансыхә, Аԥсны Аҳәынҭқарра афымцамч аминистр Мышәба Баҭал, Урыстәылатәи Афедерациа афымцамч аминистр ихаҭыԥуаҩ Евгени Грабчак, Ареспубликатә унитартә наплакы «Амшынеиқәафымцамч» адиректор хада Ҭемыр Џьынџьолиа.
Тема хадас иқәгылан афымцатә цәаҳәақәа рыҟны иҟоу ацәыӡ ду, уаанӡа ишазгәаҭаз еиԥш, Урыстәылатәи Афедерациа арбагақәа раасҭа акыр еиҳахаз, иаарласны зҭыԥ ақәҵара аҭаху азҵаара.
Бадра Гәынба афымцатә усхкы аҿы иҟоу апроблемақәа асистематә ҟазшьа рымоуп, урҭ ареспублика аҿиара акыр иаԥырхагоуп ҳәа иазгәеиҭеит. Убри инамаданы Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәылатәи Афедерациа аус ацура иабзоураны имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа рыла хара имгакәа атәыла афымцамчтә система аҭышәынтәалара алыршахап ҳәа агәыӷра ааирԥшит.
Сергеи Кириенко убасҵәҟьа апроблема оперативла аӡбара шаҭаху азгәеиҭеит.
«Шәара аамҭа маҷны иаанхеит, аԥхынра лассы ииасуеит, аӡынра ҩаԥхьа ауадаҩрақәа ааҳадгылоит, убри аҟнытә зыԥшра ҟамҵакәа иахәҭоу ауснагӡатәқәа мҩаԥгатәуп ҳәа ишәҳәо аҿы жәаҳәарада шәиашоуп, ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа», – ҳәа иҳәеит иара.
Сергеи Кириенко ахықәкқәа аликааит: раԥхьа иргыланы, афымцамч ахархәаразы ахәԥса зшәо рҿы афымца арцәарада иааиуа аӡынра рхыргартә еиԥш аҟаҵара, иҩбахаз – афымцамчтә система аҭышәынтәаларазы ихымԥадатәиу ауснагӡатәқәа ралкаара, ихԥахаз – атәыла аекономика аҿиаразы иҭышәынтәалоу афымцамчтә инфраструктура ашьақәыргылара алыршара.
Урыстәылатәи аепидемиологцәа аԥснытәи рколлегацәа ацхыраара рырҭоит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба аепидемиологиа, аҿкытә патологиеи аиммунологиеи русхкы аҿы инагоу урыстәылатәи аҵарауаҩ Вадим Покровски зхадараҿы дыҟоу Урыстәыла ахархәара ахылаԥшра Аусбарҭа Хада (Роспотребнадзор) аҟны иҟоу аҭҵаара-дырратә Институт Хада аделегациа идикылеит.
Атәылахьчара Аминистрра афицарцәа Аԥсны ашколхәыҷқәа аԥырҩы дызҭам аԥырратә аппаратқәа рхархәашьа ддырҵоит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Атәылахьчара Аминистрра арра-патриоттә усура ахырхарҭақәа ируакуп ашколхәыҷқәа аԥырҩы дызҭам аԥырратә аппаратқәа рхархәашьа дырҵара.
Ԥхынгәымза 10 рзы И.А. Коӷониа ихьӡ зху Кәтолтәи абжьаратәи ашкол аҿы атәылахьчара Аминистрра аспециалистцәа аҿар арратә занааҭқәа разыҟаҵара, атехникатәи атактикатәи адыррақәа раиуреи рхархәареи рзы FPV-дронқәа реибыҭареи рнапхгараҭареи ддырҵон.
Бадра Гунбеи Сергеи Кириенкои аԥсны-урыстәылатәи аусеицура иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба диԥылеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко.
Аганқәа аенергетика, ашәахтәқәҵара, аҵарадырреи агуманитартә аԥшьгарақәеи, уҳәа реиԥш иҟоу аԥсны-урыстәылатәи аусеицура иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.
Сергеи Кириенко Аԥсныҟа дааит аусуратә ныҟәарала.