Возвращение имени

Items filtered by date: Аԥшьаша, 10 Ԥхынгәы 2025

 

Сухум. 10 июля 2025. Апсныпресс. Состоялось выездное совещание с участием Президента Республики Абхазия Бадры Гунба, Первого заместителя Руководителя Администрации Президента РФ Сергея Кириенко и директора Азово-Черноморского филиала ФГУП «Росморпорт» Анны Фоменко.

Икьыԥхьуп Новости

Аҟәа. Ԥхынгәынгәымза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Афедералтә иҳәынҭқарратәу аунитартә наплакы «Урысмшынбаӷәаза» Азов-Амшынеиқәатә филиал адиректор Анна Фоменкои злахәыз анҭыҵтәи аилацәажәара мҩаԥысит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко напхгара зиҭо аделегациеи Аҟәа амшын аԥшаҳәаҟны аныҟәара мҩаԥыргеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Сухум. 10 июля 2025. Апсныпресс. Президент Абхазии Бадра Гунба совместно с российской делегацией во главе с Первым заместителем Руководителя Администрации Президента РФ Сергеем Кириенко совершили прогулку по набережной Сухума.

Икьыԥхьуп Новости

Сухум. 10 июля 2025. Апсныпресс. ПСБ исполнил поручение президента Российской Федерации и реализовал важнейшую социальную задачу по обеспечению бесперебойных пенсионных выплат нашим согражданам, постоянно проживающим в Республике Абхазия. Об этом в ходе рабочего визита в республику сообщил Михаил Дорофеев, заместитель председателя ПСБ.

Икьыԥхьуп Новости

Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Абанк ПСБ Урыстәылатәи Афедерациа Ахада инапынҵа нанагӡеит Ареспублика Аԥсны инхо ҳџьынџьуаа иааиԥмырҟьаӡакәартәанчахәытә шәатәқәа рызшәара алыршара азы акыр зҵазкуа асоциалтә хыдҵа нанагӡеит.  Абри азы ареспублика ахь аусуратә ҭаара мҩаԥго адырра ҟаиҵеит абанк ПСБ ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ  Михаил Дорофеев.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аусуратә еилацәажәарақәа рыбжьара Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы акаҳуажәырҭа «Брехаловка» аҟны иформалтәым аиԥылара мҩаԥыргеит.

Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои «Брехаловка» лассы-лассы иаҭаалогьы егьырҭ аҭааҩцәагьы ирацәажәеит, иалацәажәеит ақалақь абжьааԥнытәи аԥсҭазаара.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Иахьа Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, атәыла аԥыза-министр Владимир Делба, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, аҵара аминистр Хана Гәынбеи, иара убас Аҵараиуратә фонд «Абаҩхатәреи аихьӡареи» анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Антон Гусев ралахәрала Аҟәа ақалақь аҿы аҵараиура иазкыз аусуратә еилацәажәара мҩаԥысит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны афымцамчтә комплекс аҿиара иазкыз аусуратә еилацәажәара мҩаԥысит.

Аилацәажәара иалахәын Аԥсны Ахада Гәынба Бадра, Урыстәыла Ахада Иусбарҭа  анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи  Кириенко, АА аԥыза-министр  Делба Владимир, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы  Ешба Беслан, Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Нанба Џьансыхә,  Аԥсны Аҳәынҭқарра афымцамч аминистр Мышәба Баҭал, Урыстәылатәи Афедерациа афымцамч аминистр ихаҭыԥуаҩ Евгени Грабчак, Ареспубликатә унитартә наплакы «Амшынеиқәафымцамч»  адиректор хада Ҭемыр Џьынџьолиа.

Тема хадас иқәгылан афымцатә цәаҳәақәа рыҟны иҟоу ацәыӡ ду, уаанӡа ишазгәаҭаз еиԥш, Урыстәылатәи Афедерациа арбагақәа раасҭа акыр еиҳахаз, иаарласны зҭыԥ ақәҵара аҭаху азҵаара.

Бадра Гәынба афымцатә усхкы аҿы иҟоу апроблемақәа асистематә ҟазшьа рымоуп, урҭ ареспублика аҿиара акыр иаԥырхагоуп ҳәа иазгәеиҭеит. Убри инамаданы Аҳәынҭқарра Ахада  Урыстәылатәи Афедерациа аус ацура иабзоураны имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа рыла хара имгакәа атәыла афымцамчтә система аҭышәынтәалара алыршахап ҳәа агәыӷра ааирԥшит.

Сергеи Кириенко убасҵәҟьа апроблема оперативла аӡбара шаҭаху азгәеиҭеит.

«Шәара аамҭа маҷны иаанхеит, аԥхынра лассы ииасуеит, аӡынра ҩаԥхьа ауадаҩрақәа ааҳадгылоит, убри аҟнытә зыԥшра ҟамҵакәа иахәҭоу ауснагӡатәқәа мҩаԥгатәуп ҳәа ишәҳәо аҿы жәаҳәарада шәиашоуп, ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа», – ҳәа иҳәеит иара.

Сергеи Кириенко ахықәкқәа аликааит: раԥхьа иргыланы, афымцамч ахархәаразы ахәԥса зшәо рҿы афымца арцәарада иааиуа аӡынра рхыргартә еиԥш аҟаҵара, иҩбахаз – афымцамчтә система аҭышәынтәаларазы ихымԥадатәиу ауснагӡатәқәа ралкаара, ихԥахаз – атәыла аекономика аҿиаразы иҭышәынтәалоу афымцамчтә инфраструктура ашьақәыргылара алыршара.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба аепидемиологиа, аҿкытә патологиеи аиммунологиеи русхкы аҿы инагоу урыстәылатәи аҵарауаҩ Вадим Покровски зхадараҿы дыҟоу Урыстәыла ахархәара ахылаԥшра Аусбарҭа  Хада (Роспотребнадзор) аҟны иҟоу аҭҵаара-дырратә Институт Хада аделегациа идикылеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.