Items filtered by date: Ахәаша, 08 Нанҳәа 2025
«Зысасгәашә аарту Аԥсны»: ареспублика ауааԥсыра иҿыцу атуристтә проект рхы аладырхәырц азы ааԥхьара рырҭоит.
Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аконкурс «Засасгәашә аарту Аԥсны» (https://welcome.abkhazia.team/) официалла ахацыркра иазкыз апресс-конференциа мҩаԥысит нанҳәамза 7 рзы амедиацентр «Sputnik Аԥсны» аҿы.
Бадра Гәынба Иреиҳаӡоу аӡбарҭа уаанӡатәи ахантәаҩы Алла Аҩӡԥҳа лиубилеи лыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Иреиҳаӡоу аӡбарҭа уаанӡатәи ахантәаҩы, Ареспублика Аԥсны Зҽаԥсазтәыз азиндырҩы, «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара акавалер Алла Аҩӡԥҳа лиубилеи лыдиныҳәалеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Бадра Гунба поздравил бывшего председателя Верховного суда Аллу Авидзба с юбилеем
Сухум. 8 августа 2025. Апсныпресс. Президент Абхазии Бадра Гунба поздравил бывшего председателя Верховного суда Абхазии, Заслуженного юриста Республики Абхазия, кавалера ордена «Ахьдз-Апша» II степени Аллу Авидзба с юбилеем.
Бадра Гәынба анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа реикәыршара аҿагыларазы Ахеилак аԥҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Ареспублика Аԥсны Ахада иҟны иҟоу анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа реикәыршара аҿагыларазы Ахеилак аԥҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Ахелак изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршара аҿагылара аганахьала аҳәынҭқарратә политика арӷәӷәара иазырхоуп.
Урыстәылеи Аԥсни рҳәаахьчаҩцәа Аԥсны амшынҵакыра аҿы ареид еицымҩаԥыргеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсни Урыстәылеи аҳәаахьчаратә усбарҭақәа нанҳәамза 8 рзы Ареспублика Аԥсны амшынҵакыра аҿы ишьақәыргылоу азинтә режим агәаҭара иазкны ареид еицымҩаԥыргеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура апресс-маҵзура.
Ареид напхгара арҭон Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадара Амаҵзуреи Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи рҳәаахьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа аинрал-маиор Сергеи Шьедрини аполковник Рустам Латипови.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура: Шәача иахьаҵанакуа аԥырҩы дызҭам аԥырратә аппарат ажәыларақәа ирыхҟьаны аҳәынҭқарратә аԥсны-урыстәылатәи аҳәаа аамҭала иаркуп.
Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура: Шәача иахьаҵанакуа аԥырҩы дызҭам аԥырратә аппарат ажәыларақәа ирыхҟьаны аҩганктәи аиқәшаҳаҭрала аҳәынҭқарратә аԥсны-урыстәылатәи аҳәаа аҿы аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аамҭала иаркуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура апресс-маҵзура.
Аҟәа ақалақь Ахадара Пушкин имҩа аҭеиҭыԥш арҽеиразы аусурақәа мҩаԥнагоит.
Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Ахадара аусдкылаҩцәа рыцхыраарала Пушкин имҩала инагоу ашьаҟамҩатә зона арҿыцра иадҳәалоу аусурақәа хацнаркит. Аграниттә хҟьа змоу ахаҳәцәы ала ашьаҟамҩақәа рчаԥоит, аҩ-ганк рыла ацәхыԥқәа рыԥсахуеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара апресс-маҵзура.
Бадра Гәынба 17-шықәса раԥхьа, нанҳәамза 8, 2008 шықәсазы иҟалаз атрагедиатә хҭысқәа ргәалашәара инамаданы, Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба 17-шықәса раԥхьа, нанҳәамза 8, 2008 шықәса рзы иҟалаз атрагедиатә хҭысқәа ргәалашәара инамаданы, Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада иахь ааԥхьара ҟаиҵеит. Бадра Гәынба Аԥсны Ахадеи ажәлари рыхьӡала аиашьаратә ауаԥс жәлар рхьаа шрыцырҩыршо атәы иҳәеит.
«Ҳаҭыр зқәу Алан Едуард-иԥа! Нанҳәамза 8, 2008 шықәсазы Қырҭтәыла Аахыҵ-Уаԥстәылатәи ареспублика аганахь ала арратә агрессиа анымҩаԥнагаз амш 17 шықәса ахыҵра инамаданы, Аԥсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала ауаԥс жәлар рхьаа шрыцеиҩаҳшо атәы сҳәар сҭахуп. Ари амш Аахыҵ Уаԥстәыла аҭоурых аҿы атрагедиатә рыцхәқәа иреиуоуп.
17 шықәса ҵит ауаԥс жәлар зегьы рзы атрагедиатә хҭысқәа анымҩаԥысуаз инаркны. Усҟан аиҿцәажәаратә процесс шымҩаԥсыуазгьы, Қырҭтәыла амчрақәа Аахыҵ-Уаԥстәылатәи Ареспублика ампыҵахалара азы аӡбамҭа рыдыркылеит. Аха акыр ирацәаны ацәыӡқәа шамазгьы, Аахыҵ-Уаԥстәыла, уи ахьчаҩцәа ргымшәара иабзоураны имхьаҵӡеит.