pressadmin-2
Пицунда аспорттә комплекс ҿыц дыргылараны иҟоуп.
Аҟәа. Цәыббрамза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Пицунда аспорттә комплекс ҿыц дыргылараны иҟоуп.
Пицунда ақалақь ахада Рустам Агрба Аҳәынҭқарра Ахада ақалақь-акурорт агәаҿы аспорттә комплекс аргыларазы аҽазыҟаҵаратә усурақәа рылагаларазы иҟаиҵаз анапынҵа анагӡара шымҩаԥысуа атәы еиҭеиҳәеит.
«Идыргылараны иҟоу акомплекс аҵакырааҿы арыцқьареи агәамсам ақәгареи ирылагахьеит. Аамҭа кьаҿ иалагӡаны апроект азы ахарџьынҵатә усшәҟәқәа еиқәыршәахоит», – ҳәа иҳәеит иара.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Ареспублика Ҭаҭарсҭан аԥыза-министр Уасил Шаихразиев зхадараҿы дыҟоу аделегациа идикылеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ҭаҭарсҭанынтәи аделегациа идикылеит. Аиԥылара иалахәын Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, акультура аминистр Даур Ақаҩба. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Аҳәынҭқарра Ахада Апарламент ахь инаишьҭит атәанчаҩцәа иалкаау ркатегориақәа рзы атәанчахәы ашьҭыхра иазку азакәан апроект.
Аҟәа. Цәыббрамза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Апарламент ахь инаишьҭит атәанчаҩцәа иалкаау ркатегориақәа рзы атәанчахәы ашьҭыхра иазку азакәан апроект.
Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш аламҭалазы 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи иҭахаз рҭаацәеи асоциалтә цхыраара рыҭаразы ауснагӡатәқәа рырӷәӷәара хықәкыс иҟаҵаны, аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Апарламент ахь инаишьҭит атәанчаҩцәа иалкаау ркатегориақәа рзы атәанчахәы ашьҭыхра иазку азакәан апроект. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Аҳәынҭқарратә сахьатә галереиа афонд Ксениа Тараканова лусумҭақәа хәба ацлеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә сахьатә галереиа аҿы иҟалаз абылра ашьҭахь урыстәылатәи асахьаҭыхыҩ Ксениа Тараканова рвԥхьаӡатәи сахьаҭыхҩуп, афонд аиҭашьақәыргылараҿы ацхыраара аҭара гәҭакыс иҟаҵаны зусумҭақәа хәба: «Аԥхынтәи агәалаҟазаара» («Летнее настроение» ), «Амшын аҿықәан аԥсшьара» («Отдых у моря»), «Акипарисқәа раллеиа» («Кипарисовая аллея»), «Ақәыԥшра»(«Юность»), иара убас «Абстракциа» («Абстракция») агалереиа афонд ҳамҭас иазҭаз.
Роберт Кьиут аинновациатә наплакы «КлАСС» даҭааит.
Аҟәа. Цәыббрамза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут - хазхаҭалатәи акәылӡхьчара ахархәагақәа раԥҵареи рҭыжьреи назыгӡо урыстәылатәи анаука-ааглыхратә наплакы «КлАСС» даҭааит.
Аҟәа ақалақь аҿы акцизатә дыргақәа змамыз 234 ҭоԥ инареиҳаны асигареҭақәа рымхра мҩаԥыргеит.
Аҟәа. Цәыббамза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы акцизатә дыргақәа змамыз 234 ҭоԥ инареиҳаны асигареҭақәа рымхра мҩаԥыргеит.
Акриптовалиута амаининг азы аппаратқәа ааба рыԥшааит Мархьаул ақыҭан.
Аҟәа. Цәыббрамза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Акриптовалиута амаининг азы аппаратқәа ааба рыԥшааит Мархьаул ақыҭан.
Гәылрыԥшь араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәа акриптовалиута арҳара иазку ҩ-обиектк рыԥшааит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Вараздат Миносиани Беслан Џьопуеи Очамчыреи Гәылрыԥшьи араионқәа рҿы аус зуа аграртә наплакқәак ирҭааит.
Аҟәа. Цәыббрамза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Вараздат Миносиани ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуеи Очамчыреи Гәылрыԥшьи араионқәа рҿы аус зуа аграртә наплакқәак ирҭааит. Абри азы адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.
Аҟәа ақалақь Ахадара Ажәытә ҳабла аҿы анхамҩатә усурақәа рымҩаԥгара азԥхьагәанаҭеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада инапынҵала Ажәытә ҳабла аҿы аҳҭнықалақь Ахадара аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа злахәыз анҭыҵтәи аилацәажәара мҩаԥысит.
Аилацәажәара иалахәыз амшцәгьақәа раан аҩнеихагылақәа рхыбрақәа ақәа акылсра, аҵлақәа реилыхра, амҩақәеи ашҭақәеи рҟынтәи агәам-сам ақәгара, уҳәа азҵаарақәа ирзааҭгылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара апресс-маҵзура.
Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рахь Аԥснытәи абитуриентцәа рзы 115 квота азоужьхеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 16, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы Ахаҭарнакра Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара 2026/27-тәи аҵарашықәс азы ишьақәнарӷәӷәаз аквота аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәылатәи Афедерациа абиуџьет ахарџь ала, хәыда-ԥсада Урыстәылатәи Афедерациа аҵараиурҭақәа рҿы аҵаразы азыҳәамҭақәа рыдкылара ишалаго азы адырра ҟанаҵоит.
Аԥсны атәылауаа рзы сынтәа иазоужьхеит 115 квота. 2026/27-тәи аҵарашықәс азы иҟоу азанааҭҵареи аҽазыҟаҵара ахырхарҭақәеи рзы адырра аиура ҟалоит азхьарԥш https://disk.yandex.ru/i/0TAqCebPfnB2ew ала.








