pressadmin-2
Валери Бганба Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи рнапхгаҩцәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.
Аҟәа. Жәабранмза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи рнапхгаҩцәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.
Ауаажәларратә Палата: амилаҭбжьаратә ҳәоуеиқәымшәара амца аҵаҵара ауаажәларратә шьақәгылара шьақәнарҟьоит.
Аҟәа. Жәабранмза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ауаажәларратә Палата амилаҭтә ҟазшьа ала Аԥсны атәылауаа рықәмақарра иадҳәалоу афактқәа рзы ироуа адырра азы ӷәӷәала агәҭынчымра аанарԥшуеит.
Убри аамҭазы Ауаажәларратә Палата «иарбоу аинформациа азимчра змоу аусбарҭақәа рыла цқьа агәаҭареи, анаҩс азакәан ишаҳәо ала азхьаԥшреи рзы азинтә хәшьара аҭатәуп» ҳәа иазгәанаҭоит.
«Ареспублика Аԥсны Ауаажәларратә Палата алахәылацәа атәылауаа амилаҭтә ҟазшьа ала реилыхреи рықәыӷәӷәареи рықәмақарреи ҟалашьа амамзароуп, избан акәзар уи атәылауаа зегьы милаҭла изеиуазаалакгьы реиҟарара апринципқәа ирҿагылоит, ҳтәыла аҿы ҭоурыхла ишьақәгылахьоу еиуиеԥшым амилаҭқәеи адинхаҵареи рхаҭарнкцәа ҭынч реицынхара азы атрадициақәа ирҿагылоит», – ҳәа иаҳәоит Ауаажәларратә Палата Ареспублика Аԥсны иқәынхо аерманцәа Рхеилак ахантәаҩы Алик Миносиан ихьӡала идәықәнаҵаз ашәҟәы аҿы.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡоз Дмитри Қәычбериа еиҭеиҳәеит имаҵура иамхра шыҟалаз атәы.
Аҟәа. Жәабранмза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, жәабранмза 17 рзы змаҵура аҟынтәи зхы иақәиҭтәыз Дмитри Кәычбериа «Апсны.Иахьа» акорреспондент диҿцәажәо иара иамхра иадҳәалоу аҭагылазаашьа атәы изеиҭеиҳәеит.
Дмитри Кәычбериа иажәақәа рыла, иара дизасит Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидат Адгәыр Арӡынба. Уи аҳәара ҟаиҵеит иара Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба иҟынӡа днеирц азы.
«Сара азнаказы иаасгәамԥхеит уи, акалашәақәа избеит, аха уеизгьы сцеит. Уаҟа Адгәыр Арӡынба ида Ахада ихаҭыԥуаҩрахь акандидат Алхас Џьынџьалгьы дыҟан», – ҳәа иҳәеит Дмитри Кәычбериа.
Нестор Ҭарба ателедырраҭара «Умницы и умники» афинал аҟынӡа днаӡеит.
Аҟәа. Жәабранмза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Москва ақалақь, ателецентр «Останкино» аҿы ихыркәҳахеит ашколхәыҷқәа рзы Урыстәылазегьтәи ателехәаԥшратә гуманитартә олимпиада «Умницы и умники». Ари аинтеллектуалтә еицлабра рхы аладырхәит Урыстәыла зегьы, ааигәатәии ихароуи аҳәаанырцәтәи атәылақәа рҟынтәи аконкурсантцәа. Урҭ рыбжьара дыҟан А.С. Пушкин ихьӡ зхоу аҟәатәи абжьаратәи ашкол №2 аҵаҩы Нестор Ҭарба. Аицлабрақәа реихшьаалақәа рыла Нестор ателедырраҭара «Умницы и умники» афинал аҟынӡа днаӡеит.
Апрокуратура Хада ижәны атранспорттә хархәага аԥсҟы акреи анаркотикатә маҭәашьарқәа рыдкыланы атранспорттә хархәага аԥскы акреи рзы аилкаарақәа реиҟәыҭхара азы ажәалагала ҟанаҵоит.
Аҟәа. Жәабранмза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Апрокурор Хада инапынҵақәа назыгӡо Дамир Кәыҵниа азакәанԥҵаратә аԥшьгара асубиект азинқәа змоу иаҳасабала Апарламент ахь инеигеит «Ареспублика Аԥсны административтә зинеилагарақәа Рзакәанеидкыла аҿы Ахәҭаҷқәа 117, 119 аиҭакрақәа ралагалареи иҿыцу ахәҭаҷ 119.2 аԥҵареи рзы», иара убас Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷқәа 53, 263 аиҭакрақәа ралагалареи рзы азакәан апроект.
Апрокуратура Хада Аԥсны иқәынхо аерманцәа Рхеилак арзаҳал ала агәаҭара хацнаркит.
Аҟәа. Жәабранмза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Апрокуратура Хада Аԥсны иқәынхо аерманцәа Рхеилак ахантәаҩы А.А. Миносиан аинернет иаларҵәаз, атәылауаа Бганба Е.З., Ванаба Иу. аерман уааԥсыра рполитикатә дгылара азы урҭ рганахаьла иҟарҵаз ақәмақарра зныԥшыз аҳәамҭақәа рзы аиалеиҵаз арзаҳал ала агәаҭара хацнаркит.
Аԥсны Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба азинхьчаҩцәа алархәны Аерманцәа Рхеидкыла аҳәамҭа инамаданы аилацәажәара мҩаԥигеит.
Аҟәа. Жәабранмза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба азинхьчаҩцәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит.
Аилатәара хықәкы хадас иаман атәыла аҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьеи Аԥсны иқәынхо аерманцәа Рхеилак ахантәаҩы иҟаиҵаз аҳәамҭеи рылацәажәара.
Валери Бганба амчратә структурақәа алхратә кампаниа аан имҩаԥыргаз аусура азы иҭабуп иҳәеит.
«Алхрақәа актәи атур иҭышәынтәаланы имҩаԥысит. Аха, уи ашьҭахь, иаразнак аибарххарақәа цәырҵит. Зыӡбахә сымоу бжьыла иҭаҩҩу ааԥхьарақәеи, уи иашьҭанеиз Аерманцәа Рхеилак ахантәаҩы иааԥхьареи роуп. Аерманцәа Рхеилак атәыла амчра ргәырҽанаҵоит аҭыԥ шамаз аиҳарак аерманцәа ахьынхо ақыҭақәа рхадацәа рыршәара иадҳәалоу афактқәа. Ҳара иҟалаз еилырганы ари аибарххара аанаҳкылароуп, мап анакәха уи ҽеи алҵуам», – ҳәа иҳәеит Валери Бганба.
Иара ажәалагала ҟаиҵеит аоперативтә гәыԥ аиҿкаразы.
«Сгәы иаанагоит ҳара апрокуратура Хада ахылаԥшрала аоперативтә гәыԥ аԥаҳҵароуп, убри аан уи, жәаҳәарада, иалахәхароуп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи, еилыргатәуп абжьҭаҩрақәа рҿы иаҳәоз, аҳәамҭа аҿы иаҳәоз, иара убас аԥҟара аҵыхәала иалаҵаз арзаҳал иаҳәоз. Зегьы аҭыԥ иқәаҳҵароуп иаарласны, аҭагылазаашьа ҭышәынтәалатәуп», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Валери Бганба.
Дмитри Кәычбериа Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы имаҵура аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп.
Аҟәа. Жәабранмза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба иҭижьыз Аусԥҟа ала аполковник Кәычбериа Дмитри Гарри-иԥа Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы имаҵура аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп.
Риҵатәи апарк аҿы инеиԥынкыланы асоура иахьаҿу азы уи аамҭала иаркхоит.
Аҟәа. Жәабранмза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк аҿы асы зықәнауз ашәаԥыџьаԥ аԥшӡара убла хнакуеит. Аха инеиԥынкыланы асоура иахҟьаны апарк ахь анеира аамҭала иаанкылоуп.
Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк абнахылаԥшҩы хада Ҭенгиз Џьергениа иҟоу аҭагылазаашьа зеиԥшроу далацәажәеит. Иацы ауп иара жәабранмза 18 – 19 рзы ашьхарахь амшцәгьақәа ирыхҟьаны апарк ахь анеира аркхар алшоит ҳәа аҳәамҭа аныҟаиҵоз.
Урыстәылатәи Афедерациа Ашьаусеилыргаратә Еилакы Аԥсны иҟоу урыстәылауаа рзинқәа реилагаразы агәаҭара еиҿкаазарц адҵа ҟанаҵеит.
Аҟәа. Жәабранмза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ашьаусеилыргаратә Еилакы Александр Бастрыкин Аԥсны иҟоу урыстәылауаа рзинқәа реилагаразы агәаҭара еиҿкаазарц адҵа ҟаиҵеит.
«Иҟоу азакәанԥҵара инақәыршәаны, Урыстәылатәи Афедерациа Ашьаусеилыргаратә Еилакы ахантәаҩы Александр Бастрыкин Ашьаусеилыргаратә Усбарҭа Хада Аԥсны иҟоу Урыстәыла атәылауаа рықәмақарреи рзинқәа реилагареи афакт ала ашьаусԥшааратә гәаҭара аиҿкаара азы адҵа ҟаиҵеит. Алеқсандр Бастрыкин агәаҭара амҩаԥысра хаҭала азылаԥшра аиҭалоит, ҳәа РИА Новости адырра алҭеит Урыстәыла Ашьаусеилыргаратә Еилакы аофициалтә хаҭарнак Светлана Петренко. (https://ria.ru/20250217/abkhaziya-1999912351.html)








