pressadmin-2
Аҟәа ақалақь аҿы аусура иалагеит жәларбжьаратәи аӡынтәи ашкол “Ашықәс арҵаҩы”.
Аҟәа. Жәабранмза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Б.У. Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №1 аҿы аусура иалагеит жәларбжьаратәи аӡынтәи ашкол “Ашықәс арҵаҩы”. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны 12-ҩык Урыстәыла зҽаԥсазтәыз арҵаҩцәа аԥснытәи арҵаҩцәа рзы аҟазара-аклассқәа мҩаԥыргалоит.
Апроект рхы аладырхәуеит Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи 100-ҩык инарзынаԥшуа арҵаҩцәа.
Апартиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи Реидгыла: Валери Бганба анапхгареи аоппозициеи абҵарамзазы ирыбжьарҵаз аиқәашаҳаҭра еилеигеит.
Аҟәа. Жәабранмза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Апартиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи Реидгыла Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо атәыла анапхгареи аоппозициеи рхаҭарнакцәа атәыла аҿы ишьақәгылаз ауаажәларра-политикатә кризис аҭышәынтәлара азы абҵарамза 19, 2024 шықәсазы ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра ӷәӷәала еилеигеит ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит.
«Иарбоу Аиқәшаҳаҭра аҭагылазаашьа аконституциа аҳәаақәа ирҭагӡаны аанкылареи ҽҳәараанӡатәи Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа жәабранмза 15, 2025 шықәсазы рымҩаԥгаразы аӡбамҭа адкылареи алнаршеит. Аиқәшаҳаҭра апункт 5 инақәыршәаны, «иҟоу аминистрцәа рмаҵуратә уалԥшьа нарыгӡалоит ҿыц иалырхраны иҟоу Аҳәынҭқарра Ахада имаҵура дахагылаанӡа», – ҳәа иазгәаҭоуп Аидгылара иаланарҵәаз ааԥхьара аҿы.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра: Европатәи адәныҟатә еимадарақәа рзы Амаҵзура Аԥсны имҩаԥысыз Аҳәынҭқарра Ахад иалхрақәа рзы иҟанаҵаз аҳәамҭа ҳҳәынҭқарраҿы имҩаԥысуа аполитикатә процессқәа зынӡаскгьы анырра арҭаӡом.
Аҟәа. Жәабранмза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра Европатәи адәныҟатә еимадарақәа рзы Амаҵзура иҟанаҵаз аҳәамҭа иадҳәаланы иҟанаҵаз ахҳәаа:
Ҳара ҳхы азышьҭны азхьаԥшра аҳҭеит Европатәи адәныҟатә еимадарақәа рзы Амаҵзура апресс-маӡаныҟәгаҩ иҟаиҵаз аҳәамҭа, уа иаҳәоит: «Европатәи Аидгыла жәларбжьаратәи азин ала иазхаҵоу Қырҭтәыла аҵакыратә акзаареи асуверенитети ирыдгылоит. 2025 шықәса жәабранмза 15 азы иоккупациа зызуу Аԥсны арегион ҳәа изышьҭоу аҿы имҩаԥысыз Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа ирызкны иаҳгәалаҳаршәоит Европатәи Аидгыла урҭ зламҩаԥысыз аконституциатәи азинтәи ҳәаақәа ирықәшаҳаҭым. Европатәи Аидгыла азхамҵаратәи аинтеграциатәи политика амҩаԥгара иацнаҵоит».
Сергеи Бабурин Аԥсны алхрақәа рымҩаԥысшьа ахәшьара ҳарак аиҭеит.
Аҟәа. Жәабранмза 16, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәларбжьаратәи анаԥшыҩ иаҳасабала Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадарахь алхрақәа ирылахәыз урыстәылатәи аполитик, азиндырратә наукақәа рдоктор Сергеи Бабурин ареспублика аҿы 2025 шықәсазы имҩԥгаз алхрақәа реиҿкаара ахәшьара ҳаракы аиҭеит.
«Сара сызлахәаԥшуа ала, аиашазы зегьы иахәҭоу аҩаӡараҿы имҩаԥысит, еиҿкааны, аҳаҭыреиқәара аарԥшны. Сара абри атәы сҳәеит сколлегацәа – жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәеи Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидатцәа рҟынтәи анаԥшыҩцәеи санрыҿцәажәозгьы. Арҭ амшқәа рыҩныҵҟа сара Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидатцәа реиҳараҩык сырԥылеит, срыҿцәажәеит иналукааша ауаажәларратәии аполитикатәи аусзуҩцәа, – ҳәа иҳәеит иара. – Сара зегьы аидеализациа азура сҭахӡам. Ҳәарада, зны-зынла аполитикатә аппонентцәа рыбжьара аибарххара анцәырҵуазгьы ыҟан, аха акандидатцәа аамсҭашәара аарԥшны уи аҭышәынтәалара иақәшәон».
Сергеи Бабурин иажәақәа рыла, иацтәи абжьыҭира алҵшәа аԥсуа уаажәларратә еилазаара аҿы аиҿагылара шыҟоу шаанарԥшуагьы, уи аиҳарак аибарххара хнаҽыроуп».
Апроект «Абхазия: мозаика» Аԥсны ихацыркхеит.
Аҟәа. Жәабранмза 16, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны амозаика аҭоурых зқьи бжаки шықәса инареиҳаны иахыҵуеит. Иахьа, даҽа аамҭанык еиԥшымкәа ари, ибеиоу, аха рыцҳарас иҟалаз, зегьы ирхашҭхьоу аҭынха ахьчара хымԥадатәиуп.
Апроект «Абхазия: мозаика» ибеиоу акультуратә ҭынха аиқәырхареи аиҭарҿиареи хықәкыс ишьҭызхыз Сабина Агрба, Лана Чхинџьериа, Русҭам Аншба, Наста Агрба, Вахо Убириа еиднакылеит.
Жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа абжьыҭира алҵшәақәа ирныԥшырц зылшоз изеиԥшразаалак аилагарақәа рымбаӡеит.
Аҟәа. Жәабранмза 16, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада иалхрқәа рҿы жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа раҳасабала алахәхаразы Аԥсныҟа иааз анаԥшыҩцәа Алхратә комиссиа Хада Жәларбжьаратәи апресс-центр аҿы алхрақәа рымҩаԥысшьа азы ргәанагарақәа рҳәеит.
Тунисстәи Ареспублика жәлар рхаҭарнакцәа Рассомблеиа адепутат Али Захдуд Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рзакәанра аазырԥшуа жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа инарыгӡо ароль азгәеиҭеит.
«Жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа алхрақәа рзакәанра аарԥшреи ашьақәырӷәӷәареи адагьы, урҭ рыҟазаара Аԥсны жәлар адемократиатә принципқәа ҭакԥхықәрала ишазнеиуа, урҭ жәларбжьаратәи арена аҿы ишынаргӡо шьақәнарӷәӷәоит», – ҳәа иҳәеит Али Захдуд.
Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидатцәа абжьыҭиара анхыркәшаха ашьҭахь доусы рыдгылаҩцәа рахь ааԥхьарақәа ҟарҵеит.
Аҟәа. Жәабранмза 16, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Алхрақәа рхыркәшареи аштабқәа рыла алхрақәа заанаҵтәи рылҵшәақәа реихшьаалареи рышьҭахь Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидатцәа рыдгылаҩцәа рахь ааԥхьарақәа ҟарҵеит.
Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидат Адгәыр Арӡынба заанаҵтәи адыррақәа рыла алхрақәа аҩбатәи атур ҟалоит ҳәа адырра ҟаиҵеит.
«Уажәы ҳара зегьы заанаҵтәи аихшьаалақәа ҳарзыԥшуп. Шәара зегьы ибзиаӡаны ижәдыруеит қыҭацыԥхьаӡа иҟоу аҭагылазаашьа зеиԥшроу – дарбану зыбжьы азҭаз, уи ибжьы шаиҭаз, иахьаиҭаз, ззыҳәан иаиҭаз, уҳәа. Ҳазыԥшуп, Алхратә комиссиа Хада абжьыҭира алҵшәақәа рзы адырра аныҟанаҵо, аҩбатәи атур анрыланаҳәо», - ҳәа иҳәеит Адгәыр Арӡынба.
Адгәыр Арӡынбеи Бадра Гәынба Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рҿы аҩбатәи атур ахь ицәырҵит.
Аҟәа. Жәабранмза 16, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Алхратә комиссиа Хада аҿы жәабранмза 15 рзы имҩаԥысыз Аԥсны Ахада иалхрақәа заанаҵтәи алҵшәақәа рыларҳәеит.
Аԥсны Ахада иалхрақәа аҩбатәи атур ҟалоит ҳәа адырра ҟаиҵеит АКХ ахантәаҩы Дмитри Маршьан. Уи иалахәхоит Бадра Гәынбеи Адгәыр Арӡынбеи. Адгур Ардӡынба иоуит 36,92% абыжьқәа, уи изы рыбжьы арҭеит 36 476-ҩык;
Роберт Аршба – 7,54% алхыҩцәа рыбжьы иоуит, уи изы рыбжьы арҭеит 7 434 –ҩык.) ;
Олег Барцыц иоуит 4,04% абжьқәа, уи изы рыҩжьы арҭеит 3 988-ҩык;
Бадра Гәынба изы рыбжьы арҭеит 46,38 % абжьыҭаразы асиа иалагалаз алхыҩцәа рҟынтәи алхыҩцәа, урҭ хыԥхьаӡарала 45 805-ҩык рҟынӡа инаӡоит;
Адгәыр Хәырхәмал иоуит – 0,97%. Уи изы рыбжьы арҭеит 896-ҩык.
Алхрақәа аҩбатәи атур рхы аладырхәуеит хәажәкырамза 15 рзы имҩԥгаз алхрақәа рҿы зегьы реиҳа абжьқәа зырҭаз акандидатцәа –Бадра Гәынбеи Адгәыр Арӡынбеи.
Амшынеиқәафымцамч: Аԥсны иахьаҵанакуа звольтҳараку афымцамҩангагатә цәаҳәа «Кавкасиони» аҿы изеиԥшразаалак аусурақәа мҩаԥгамызт.
Аҟәа. Жәабранмза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» Ареспублика Аԥсны иахьаҵанакуа ақырҭуа енергетикқәа аусурақәа мҩаԥыргозшәа асоциалтә ҳақәа рҿы аҵыхәтәантәи аамҭазы ицәырҵыз аинформациа аганахьала аилыркаара ҟанаҵеит.
«Қырҭтәылатәи аган аҿы иҟоу атрасса ахәҭак аҿы, аиланхарҭатә пункт Џьвари азаигәара афымцамчтә обиект — астанцеиҵа 500 кВ, уи ақырҭуа ган Қырҭтәыла иахьаҵанакуа ибжьысуа афымцаммҩангага ацәаҳәа «Кавкасиони» иаҿаркит.
Амилициа аусзуҩцәа Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа раан ауаажәларратә ҭышәынтәалара ахылаԥшра арҭоит.
Аҟәа. Жәабранмза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусбарҭақәа русзуҩцәа Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа раан ауаажәларратә ҭышәынтәалара ахылаԥшра арҭоит.
«Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр идҵа инақәыршәаны, жәабранмза 14 инаркны Аминистрра ахатәы еилазаара зегьы ирӷәӷәоу аусура арежим ахь ииагоуп.
Асааҭ 08:00 рзы, иахәҭоу ауснагӡатәқәа рышьҭахь алхырҭатә ҭыԥқәа алхыҩцәа рзы рышәқәа аадыртит. Аԥсны аҵакыраҿы иҟоу 152 алхратә ҭыԥқәа зегьы рҿы амилициа аусзуҩцәа алхрақәа хыркәшахаанӡа ауаажәларратә ҭышәынтәалара ахылаԥшра арҭалоит. Алхратә ҭыԥқәа адыркуеит ахәылбаҽха асааҭ 20:00 рзы», – ҳәа адырра ҟаиҵеит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Беслан Ҷкадуа.








