pressadmin-2
30 шықәса раԥхьа Аҟәа ақалақь аҿы дшьын аҵарауаҩ-кавказҭҵааҩы, Аԥсны иналукааша аҳәынҭқарратәии аполитикатәи аусзуҩ Иури Воронов.
Аҟәа. Цәыббрамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 11 рзы 30 шықәса ҵит иналукааша аҵарауаҩ-кавкадырҩы, аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аԥызацәа иреиуаз, иналукааша аҳәынҭқарратәии аполитикатәи аусзуҩ, аҭоурыхтә наукақәа ркандидат Иури Воронов (08.05.1941 – 11.09.1995 шш.) дыршьыижьҭеит.
Аԥснытәи аделегациа Санкт-Петербург имҩаԥысраны иҟоу еидҵоу акультурақәа рфорум иалахәхоит.
Аҟәа. Цәыббрамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аделегациа XI Жәларбжьаратәи еидҵоу акультурақәа рфорум алахәхаразы Санкт-Петербургҟа ицеит, ҳәа иаанацҳауеит акультура аминистрра апресс-маҵзура. Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп акуьтура аминистр Даур Ақаҩба, акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Динара Смыр, С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр адиректор хада Хьыбла Мықәба.
Аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩбеи Урыстәылатәи Афедерациа акультура аминистр Ольга Лиубимовеи реиԥылара.
Сынтәа имҩаԥысуа афорум атема хаданы иҟоуп — «Акультура азыхынҳәара – иҿыцу алшарақәа» («Возвращение к культуре — новые возможности»). Аусуратә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаахоит 11 атематиктә секциақәа, иҿыцу асекциа «Асахьаркыратә ҵарадырра» («Художественное образование») уахь иналаҵаны.
Афорум атематикатә секциақәа шьҭа традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш имҩаԥыслоит Ермитаж аштаб Хада аҟны, Санкт-Петербург Аҳәынҭқарртә академиатә капелла аҿы, Санкт-Петербургктәи ацирк Ду аҿы, иара убас, раԥхьаӡа акәны, амузеи-ҳәарԥсарра «Аҳәынҭқар иқыҭа» («Царское Село»), Амузееи-аҳәарԥсарра «Гатчина», иара убас Александриатәи атеатр аҿы.
Москва иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа аҿы ашәҟәыҩҩы Владимир Делба иԥылара мҩаԥысит.
Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Москва иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аҿы ацҳаражҳәаҩ Алхас Кәыҵниеи ашәҟәыҩҩы Владимир Делбеи реиԥылара мҩаԥысит.
Владимир Делба – Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа амаӡаныҟәгаҩ, Аурыс ПЕН-центр алахәыла, Фазиль Искандер ипремиа алауреат, егьырҭ аҳамҭа дуқәа рлауреат. Иара ажурнал «ЛИФФТ» еиԥш егьырҭ аҭыжьымҭақәагьы рредколлегиақәа активла ихы алаирхәуеит.
Ақәаршҩы иахҟьаны аԥхасҭа зауз Аҟәа ауааԥсыра рҟынтәи 100 инареиҳаны азыҳәақәа ақалақь Ахадарахь инашьҭуп.
Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 9 рзы иҟалаз ақәаршҩы иахҟьаны аԥхасҭа зауз Аҟәа ауааԥсыра рҟынтәи 100 инареиҳаны азыҳәақәа ақалақь Ахадарахь инашьҭуп.
Шьыжьы инаркны, цәыббрамза 10 рзы, Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба инапынҵала, апрофильтә специалистцәа ақәыршҩы иахҟьаны ааха зауз Аҟәа ақалақь амҩақәеи ашҭақәеи аҩнеихагылақәеи ирҭааны рҭагылазаашьа ахәшьара арҭоит.
Баҭал Мышәба: аҳәаанырцәтәи абиржақәа рҿы ахәԥса аҽаԥсахра аазырԥшуа афинанстә рбага Аԥсны анефтаалыҵқәа рыхәԥса анырра анаҭоит.
Аҟәа. Цәыббамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Абылтәыҭаҭәарҭақәа рҿы абылтәы ахәԥса шьҭыҵит Урыстәылатәи Афедерациа аҿы анефтаалыҵқәа рбиржатә хәыԥсақәа рышьҭыҵра инамаданы. Ари афактор ареспублика абылтәы аҵыхәтәантәи ахәԥса ашьақәыргылараан аҳәаақәҵаратә ҟазшьа аманы иҟоуп, ҳәа абылтәы ахәԥсақәа рышьҭыҵра аҭагылазаашьа далацәажәо иҳәеит аенергетика аминистр Баҭал Мышәба.
Аҳәынҭқарра Ахада аҳҭнықалақьи ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба атәыла аԥыза-министр Владимир Делба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, иара убас аҳҭнықалақьи ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Бадра Гәынба Гагра араион аҿы шьаҭанкыла аргылареи аиҭашьақәыргылареи робиектқәа дырҭааит.
Аҟәа. Цәыббрамз 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Гагра араион ахь иусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны асоциалтәи аспорттәи аобиектқәа дырҭааит, аргыларатәи аиҭашьақәыргыларатәи аусурақәа рцашьа гәеиҭеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Аҳәынҭқарратә ахьчара Амаҵзура аусзуҩцәа анаркотикатәи арҩашьыгатәи амаҭәашьарқәа рхархәаразы агәаҭара иахысит.
Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла Ахада Бадра Гәынба инапынҵала Аҳәынҭқарратә ахьчара Амаҵзура анапхгареи хаҭалатәи аилазаареи анаркотикатәи арҩашьыгатәи амаҭәашьарқәа рхархәаразы ргәаҭара мҩаԥган.
Ԥсҳәы ақыҭан асовет еибашьцәа рбаҟа аадыртит.
Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа араион аҿы ашьха иаԥну ақыҭа Ԥсҳәы Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаан Санчаратәи ашьхахыҵырҭаҿы иҭахаз 12-ҩык асовет еибашьцәа рбаҟа аадыртит.
Абаҟа аартра иазкыз аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, уи ихаҭыԥуаҩ, аинрал-маиор Давид Бжьаниа, Аҟәа араион Ахадара ахаҭарнакцәа, аҭыԥантәи ауааԥсыра.
Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ, аинрал-маиор Давид Бжьаниа ари ахҭыс аҭоурыхтә ҵакы амоуп ҳәа иазгәеиҭеит.
Иҭыжьуп аԥсышәала икьыԥхьу арҵагашәҟәы «Алитературатә аԥхьара. 2-тәи акласс азы».
Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иҭыжьуп аԥсышәала икьыԥхьу арҵагашәҟәы «Алитературатә аԥхьара. 2-тәи акласс азы». Уи авторцәас иамоуп Ф.Б. Хаҳәыбиа, З.Б. Ҵәыџьба, иара убас Х.Г. Шамба.
Ари Аԥсны аҵара Аминистрра ала азеиԥшҵараиурҭақәа рзы арҵагатә цхыраагӡатәқәа реиҭахәаԥшра аҳәаақәа иҭагӡаны икьыԥхьыз аԥышәатә ҭыжьымҭоуп.








