pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза  23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсуа культура, аҭоурых, атрадициақәа ирызку «Аԥсуа культуратә хәылԥазқәа» мҩаԥысит шотландиатәи ақалақьқәа  Единбурги Абердини рҿы.

Аусмҩаԥгатәқәа Шотландиа иҟоу Ареспублика Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата аофициалтә хаҭарнак, аамҭак ала британиатә аилазаара «Астериа» ахада, аԥсуа проект ҿыц  - «А-Каникулы» аԥҵаҩы Риҵа Анқәаб лнапхгарала имҩаԥысит.  

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент Аиҳабы Алан Маргиев Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба ҭелла диҿцәажәо ихьӡала изаамҭанымкәа трагедиала иҭахаз адепутат Вахтанги Голанӡиа иҭаацәеи Апарламент адепутаттә корпус зегьи дрыдышшыларц азы аҳәара ҟаиҵеит.      

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ауаажәларратә Палата алахәылацәа Ареспублика Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аҿы иҟалаз атрагедиатә хҭыс ӷәӷәала иаргачамкит.

Ԥхынҷкәынмза 19 рзы, апарламенттә Еилакы аилатәара аан ахәра иоуит адепутат, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран, «Леон»  иорден акавалер,  «Агәымшәаразы» амедал занашьоу Кан Кәарҷиа ахәрақәа иоуит, Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутат, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран, «Агәымшәаразы» амедал занашьоу Вахтанги Голанӡиа дҭахеит.  

«Иҭахаз иуацәеи иҭынхацәеи ҳрыдышшылоит. Ари атрагедиа аҭаацәа рзы мацара акәӡам, ҳауаажәларра зегьы рзы рыцҳара дууп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба иқәҵарала Аԥсны ауаажәларра-политикатә усзуҩ, 1992-1993 шш. Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран, Жәлар Реизара-Апарламент IV, V ааԥхьарақәа рдепутат, VI ааԥхьаразы Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс иҟаз Сангәылиа Михаил Пиотр-иԥа иԥсыжра аиҿкааразы  Аҳәынҭқарратә  комиссиа аԥҵоуп. 

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба иқәҵарала Жәлар Реизара-Апарламент адепутат, 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран, «Агәымшәаразы» амедал занашьаз Голанӡиа Вахтанги Владимир-иԥа иԥсыжра аиҿкааразы Аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵоуп.   

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр инапынҵақәа назыгӡо Џьансыхә Нанба напхгара зиҭо акомиссиа аилазаараҿы иҟоуп:

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аспортсмен Нарҭ Конџьариа Ашықәс Ҿыц иазкны имҩаԥысыз аӡиудо азы Шәача ақалақь атурнир «Детская лига» IV аетап аҿы аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Изакәанымкәа акриптовалиута арҳара аҿагылара азы имҩаԥгаз апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны, Гәылрыԥшь араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аусзуҩцәа ирыԥшааит амхрагьы мҩаԥыргеит акриптовалиута арҳара иазку амаининг-аппаратқәа ааба. Аиқәыршәагақәа шьақәыргылан Агәыӡера аҳабла, Курчатов имҩала игылоу аҩны № 184 аҿы. Аппаратқәа рыԥшәма - Федонников Виктор Михаил-иԥа иоуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Иахьа, ԥхынҷкәынмза 20, асааҭ  18:00 рзы Ҭемыр Шьониа хантәаҩра ззиуаз Лиа Адлеибеи Генри Гамсаниеи злахәыз Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩцәа рколлегиа  иарку аӡбаратә еилатәара аҿы Ареспублика Аԥсны апрокурор Хада инапынҵақәа назыгӡо Дамир Кәыҵниа  Ареспублика Аԥсны ашьаусеиҿкаартә закәанԥҵара инақәыршәаны, адепутат Адгәыр Рафеҭ-иԥа Ҳаразиа иҟаиҵаз иумҭа Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 99 ахәҭа 2 апункт «е», ахәҭаҷ 29 ахәҭа 2 рыла иазԥхьагәаҭоу ацәгьоурақәа — гәҭакрала азеиԥшшәарҭаратә уаҩшьреи азеиԥшшәарҭаратә уаҩшьра аҽазышәареи ирыҵанакуеит ҳәа алкаа аиуразы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахь инаишьҭыз ажәалагала иахәаԥшраны иҟоуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ҭемыр Шьониа хантәаҩра ззиуаз Лиа Адлеибеи Генри Гамсаниеи злахәыз Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩцәа рколлегиа  иарку аӡбаратә еилатәара аҿы Ареспублика Аԥсны апрокурор Хада инапынҵақәа назыгӡо Дамир Кәыҵниа  Ареспублика Аԥсны ашьаусеиҿкаартә закәанԥҵара инақәыршәаны, адепутат Адгәыр Ҳаразиа иҟаиҵаз иумҭа Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 99 ахәҭа 2 апункт «е», ахәҭаҷ 29 ахәҭа 2 рыла иазԥхьагәаҭоу ацәгьоурақәа — гәҭакрала азеиԥшшәарҭаратә уаҩшьреи азеиԥшшәарҭаратә уаҩшьра аҽазышәареи ирыҵанакуеит ҳәа алкаа аиуразы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахь инаишьҭыз ажәалагала иахәаԥшит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба «Аԥснытәи ателерадиоеилахәыра аҿы Ауаажәларратә Хеилак аилазаара ашьақәырӷәӷәаразы» ақәҵара инапы аҵаиҩит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.