
pressadmin-2
Апассаџьырцәа рнысралшареи рхыԥхьаӡареи аизҳара: Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Автоҳәынҭинспекциа Аусбарҭа имҩаԥнагаз ареид иаанарԥшыз.
Аҟәа. Нанҳәамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Автоҳәынҭинспекциа Аусбарҭа аусзуҩцәа нанҳәамза 10 азы Автоҳәынҭинспекциа ақәыршаҳаҭра ада зеибыҭашьа аиҭакрақәа алагалоу атранспорттә хархәагақәа раарԥшра иазырхоу ареидтә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.
Абџьааԥны еиҳа иуԥыло аџьипинги атуристцәа рыиагареи знапы алаку амашьынарныҟәцаҩцәа рмашьынақәа реибыҭашьа «инацҵаны аус анадыруло» ауп. Иарбоу аибыҭашьа аиҭакра аиҳарак автомашьынақәа рыиасралшара ашьҭыхреи апассаџьыртә ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара ацҵареи иазырхоуп.
Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатцәа Даль иҩны ареспубликатә хатәтәразы аҭаразы мап ацәыркит.
Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, Пушин имҩала игылоу анџьныр Даль иҩны амуниципалтә хатәраны ишыҟц иаанхоит. Ас еиԥш аӡбамҭа рыдырылеит Ақалақьтә Еизара адепутатцәа.
Аҭоурыхтә хыбра еилаҳаны иҟоуп. Ари ахыбра Акультура аминистрра иаҵанакуеит, аха асоветтә аамҭақәа раахыс уа ауаа ҭаҩын, уи азы иара аиҭашьақәыргылараз аԥаразоужьра мҩаԥыргомызт.
Аиҳабыра азинтә зҵаарақәа рзы рабжьгаҩ Лаша Цаава иажәақәа рыла, аӡбратә еилатәарақәа жәаха мҩаԥысхьеит. Аибашьра ашьҭахь Аԥсныҟа имааз ауаа ашәҟәы иҭыган, егьырҭ рыхәҭа аахәан. Убри аан иаразнак ауадақәа аҳәынҭқарра иазгомызт, дара ақалақь ахадара иахатәтәны иҟаҵазар акәын.
Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа аӡы ахархәаразы ахәԥсақәа рыԥсахра азҵаара иахәаԥшит.
Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа реилатәара мҩаԥысит аԥшьаша, нанҳәамза 8 рзы. Аилатәара аҿы ишьҭыхыз атемақәа ируакуп ӡыла аиқәыршәареи аӡымҩахгареи рзы атарифқәа ртема.
Аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба ажәалагала ҟаиҵеит кубометрк азы 4 мааҭк рҟынтәи хә- мааҭк рҟынӡа ашьҭыхразы. Уи иажәақәа рыла, аӡы ахархәаразы ауааԥсыра имаҷны ахә ршәоит, уи аан дара ӡыла реиқәыршәаразы ахарџь маҷымкәа иаҭахуп.
Азҵаара аимак-аиҿак цәырнагеит. Аилацәажәара алҵшәақәа рыла, еиуеиԥшым ахархәаҩцәа ркатегориақәа рзы аӡы кубометрк ахархәаразы есымзатәи ахәԥсақәа шьақәыргылан:
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Сергеи Шамба Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟалара идиныҳәалеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟаҵара Сергеи Шамба идиныҳәалеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:
«Шәара, ари аҭыԥ Аԥсны ҳаамҭазтәи аҭоурых еиҳа иуадаҩыз аҭагылазаашьақәа раан иахагылаз, аҽаӡәы еиԥшымкәа ибзианы ижәдыруеит ари амиссиа анагӡара ишаҭаху апрофессионалтәии ахаҭалатәии ҟазшьа ҷыдақәа.
Урыстәылатәи Афедерациаҟны шәара шәырдыруеит аԥышәа змоу ҳәынҭқарратә усзуҩык шәакәны, еиуеиԥшым амаҵзурақәа рҿы апрофессионализм ҳарак аазырԥшуа шәакәны. Ахә ҳаракны исшьоит шәареи сареи ҳаинырра.
Алхас Чичба Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп.
Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аподполковник Алхас Анатоли-иԥа Чичба Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс иҟаҵара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩт.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Галтәии Ҭҟәарчалтәии араионқәа рҿы анҭыҵтәи аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Галтәии Ҭҟәарчалтәии араионқәа рыҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭақәа рҿы анҭыҵтәи аусуратә еилатәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура. Амилициа араионтә ҟәшақәа русбарҭақәа русзуҩцәа алархәны имҩаԥгаз аилатәарақәа ихы алаирхәит Беслан Ҷкадуа.
Ҳазҭоу 2024 шықәса бжьымз рыҩныҵҟа Гал араион иахьаҵанакуа ашәҟәы иҭагалан 29 цәгьоура, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп иӷәӷәоу ацәгьоурақәа 6. Урҭ зегьы аартуп, ҳәа аминистр адырра иҭеит Гал араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Аслан Чедиа.
Иҳаҩыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иалагӡаны ашәҟәы иҭагалан 30 цәгьоура, урҭ рахьынтә иаартуп 25, процентла иааугозар уи 83,3% рҟынӡа инаӡоит. Иарбоу ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара аҟынтәи 9 иӷәӷәооу ацәгьоурақәа рахь иԥхьаӡоуп, ацәгьоурақәа раартра акәзар, уи процентла иааугозар 44,4% рҟынӡа ауп иахьынаӡо.
Аподполковник Аслан Чедиа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан араион амҩақәа рҿы ашәарҭадара ашьақәыргылара.
2024 шықәса аҳасабырбатә аамҭахәҭа иалагӡаны ашәҟәы иҭагалан амҩа-транспорттә машәыртә хҭысқәа 5, урҭ рҿы ааха роуит 7-ҩык, аԥстәбара ыҟаӡам. 2023 шықәсазы аҭыԥ рыман амҩа-транспорттә машәыртә хҭысқәа 5, урҭ ирыхҟьаны 5 - ҩык еиуеиԥшым ахәрақәеи ахәахәарақәеи роуит.
Автоҳәынҭинспекциа ахатәы еилазаара араиотә ҟәша егьырҭ амаҵзурақәа рыцырхырааны Автоҳәынҭинспекциа астационартә ԥыԥшырҭа «Канал» аҿы, Гал ақалақь аҿы, иааизакны араион аҿы ареидтәи апрофилактикатәи усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит. 2024 шықәса бжьымз рыҩныҵҟа иаарԥшуп 1 685 амҩатә ԥҟарақәа реилагара иадҳәалоу афактқәа.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы араион аҿы ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара акыр ишагхаз азгәеиҭеит. Роберт Киут иҟоу астатистика инақәыршәаны, ацифрақәа рыла уи убаратәы иҟоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Аминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа Автоҳәынҭинспекциа араионтә ҟәша аусра аԥсыҽра азгәеиҭеит. Иара акадртә еилазаареи, иара убас ижәны амашьына аԥсҟы зку раарԥшра иадҳәалоу аусуреи рырӷәӷәара азы анапынҵақәа ҟаиҵеит.
«Аԥсны Лаит» Ԥсоуи Аҟәеи еимаздо автомҩа аҿы арлашара аиҭашьақәыргылара иадҳәалоу аусурақәа мҩаԥнагоит.
Аҟәа. Нанҳәамза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҵыхәтәантәи аамҭазы Ԥсоуи Аҟәеи еимаздо ареспубликатә мҩаду иахьаҵанакуа џьара-џьара арлашагақәа аус шамуа убаратәы иҟоуп. Уи зыхҟьаз, насгьы иҟоу ауадаҩрақәа рыԥхьырҟәҟәаара азы имҩаԥгахо атәы Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажә еиҭеиҳәеит Зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу Аилазаара «Аԥсны Лаит» адиректор Хада Мзауҷ Ԥлиа.
Мзауҷ Ԥлиа иажәақәа рыла, иарбоу автомҩа ахәҭа аҿы арлашагақәа аус ахьырымуа зыхҟьо аԥсабаратә цәырҵрақәа ирыдҳәаланы ишьақәгылаз аҭагылазаашьақәа роуп.
«Ҭыԥқәак рҿы иҟалаз аиԥҟарақәа ирыхҟьаны аиқәыршәагақәа русура аанкылеит. Аҵыхәтәаны иҟалаз аҭагылазаашьа – Гагра араион абнара иахьаҵанакуа иҟалаз абылрақәа роуп изыхҟьаз. Усҟан афымцацәаҳәақәа блит», - ҳәа иҳәеит Мзауҷ Ԥлиа.
Еилкаахеит XXI Жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль «Аԥсны Open 2024» аҿы аиааира згаз.
Аҟәа. Нанҳәамза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. XXI Жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль «Аԥсны Open 2024» аҿы аиааира згаз еилкаахеит. Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥган ашахматтә турнирқәа хԥа: аиҳабацәа ртурнир (атурнир А), иара убас ахәыҷтәы турнирқәа ҩба (9 шықәса зхымҵӡаци 13 шықәса зхымҵӡаци рықәратә категориақәа ирыҵанакуаз рыбжьара).
Афестиваль зынӡа рхы аладырхәит Аԥсны арегионқәа зегьы рҟынтәи, ақәратә категориақәа зегьы ирыҵанакуаз 130-ҩык ашахматистцәа, иара убас Урыстәылантәи иааз асасцәагьы.
Атурнир А аҿы аиааира игеит ФИДЕ азҟаза Нефедов Сергеи, аҩбатәи аҭыԥ ааниклеит ФИДЕ азҟаза Сафин Роберт (ақ. Набережные Челны), иара убас ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит – Ивашьенко Вадим (ақ. Ростов-на-Дону).
Аԥхьахәтә ҭыԥқәа абарҭ аноминациақәа рыла еихшахеит:
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа анаҭеит Урыстәыла, Курсктәи аобласт аҟны иҟалаз ахҭысқәа.
Аҟәа. Нанҳәамза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа анаҭеит Урыстәыла, Курсктәи аобласт аҟны иҟалаз ахҭысқәа.
Украина арбџьар мчқәа Курсктәи аобласт аҳәаа иахьаԥну иҟарҵаз ақәылара инадҳәаланы Урыстәыла, Курсктәи аобласт аҟны аҭыԥ змоу аҭагылазаашьа ахшыҩзышьҭра ду аҳҭоит. Игәыхьуп иҭахази ахәрақәа заузи ахьыҟоу.
Киевтәи арежим аҽазныкгьы, мраҭашәаратәи апартниорцәа рыбжьы аныдмырга, аграждантә обиектқәеи аҭынч уааԥсыреи ахымца рылаҵо иаанарԥшит ауаҩымдара, аламысдара, амҽыӷра.
Максим Ӷәынџьиеи Даур Ақаҩбеи Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра анапынҵа ҷыдақәа змоу ацҳаражәҳәаҩцәаны иҟарҵеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба Максим Ӷәынџьиеи Даур Ақаҩбеи адәныҟатәи аусқәа Рминистрра анапынҵа ҷыдақәа змоу ацҳаражәҳәаҩцәаны иҟаиҵеит.
Максим Ӷәынџьиа Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра дахагылан 2010 шықәса инаркны 2011 шықәсанӡа.