
pressadmin-2
Акәашаратә коллектив «Мырзаҟан» афестиваль «RUS_СВЕТ» иалахәхоит.
Аҟәа. Нанҳәамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, нанҳәамза 5 рзы, Гал ақалақь аҟынтәи акәашаратә коллектив «Мырзаҟан» апрграмма «Абиԥара ҿыц» («Новое поколение») аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳаамҭазтәи аетникатә культура жәларбжьаратәи афестиваль «RUS_СВЕТ» ахь амҩа иқәлеит, араҟа уи аконкурс «RUS_ФОЛК» ахы аланархәраны иҟоуп.
Афестиваль мҩаԥыслоит нанҳәамза 8 – 11 рзы Москватәи аобласт Красногорск ақалақь аҿы.
Ҳазҭоу ашықәс ԥхынгәымзазы ашәахтә шәатәқәа раҳасабала ареспублика абиуџьеҭ иалагалахеит 747 млн. мааҭ.
Аҟәа. Нанҳәамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2024 шықәса, ԥхынгәымзазы атәыла абиуџьеҭ ашәахтә шәатәқәа раҳасабала иалагалахеит 747 млн. мааҭ. Убри аан аплан ала иазԥхьагәаҭан 636,6 млн. мааҭ. Анагӡара 117% рҟынӡа инаӡоит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра аофициалтә саит.
2024 шықәса бжьымз рыҩныҵҟа атәыла абиуџьеҭ ашәахтә шәатәқәа раҳасабала иалагалахеит 2 934,3 млн. мааҭ, убри аан планла иазԥхьагәаҭан 2 531,2 млн. мааҭ. Убас ала, анагӡара 116% рҟынӡа инаӡеит.
Аслан Бжьаниа урыстәылатәи адесантуаа аныҳәа рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 2 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла Аҳаир-десанттә ар аԥҵоижьҭеи 94 шықәса аҵра инамаданы Санкт-Петербург имҩаԥысуаз аныҳәатзә усмҩаԥгатәқәа дрылахәын. Аусмҩаԥгатәқәа традициала ишаԥу еиԥш ар аинрал Васили Маргелов ихьӡ зху асквер аҟны ихацыркхеит ахәаша, нанҳәамза 2 рзы.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иаҵшьны иҳәеит ари аныҳәа ԥыхьатәи Асоветтә еидгыла ареспубликақәа зегьы рыҟны ишазгәарҭо.
«Аҳаир-десанттә ар ҳзеиԥш тәыла ду арбџьар мчқәа рыҩныҵҟа илыԥшааху архәҭақәа рахь иԥхьаӡан есқьынгьы», - ҳәа иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Адесантуааи, аветеранцәеи, ақалақьуааи аԥсшәа реиҳәеит Агубернатор Александр Беглов.
Зураб Қаџьаа аԥхынтәи алагер «Ахьышьҭрахь» алахәцәа дырԥылеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Қаџьаа ҳџьынџьуаа рхаҭарнакцәа-аҿар злахәу алагер «Ахьышьҭрахь» алахәцәа дырԥылеит. Аиԥылара мҩаԥысит аџьынџьуаа Аԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы аҳәынҭқарратә Еилакы аҟны. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, афымцамчи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанбеи аџьынџьуаа Аԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы аҳәынҭқарратә Еилакы аколлективи.
Зураб Қаџьаа аҿар бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, Аԥсны жәлар рзы апроект «Ахьышьҭрахь» иааннакыло аҵакы шдуу, уи аиҿкаара аџьынџьуаа Аԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы Аҳәынҭқарратә Еилакы ишабзоуроу, насгьы, ас еиԥш иҟоу аԥшьгарақәа, жәаҳәарада, аџьынџьуаа рыбжьара аимадареи урҭ рҭоурыхтә ԥсадгьыл амадареи арӷәӷәоит ҳәа иазгәеиҭеит.
Хабарда ибжьаӡыз рзы Акомиссиа хаҭалатәи аилазаара шьақәирӷәӷәалоит аԥыза-министр.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы «1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан хабарда ибжьаӡыз рзы Акомиссиа азы» Ақәҵара аиҭакрақәа аларгалеит.
Ақәҵара апунк 1 аредакциа ҿыц абасала ишьақәгылоуп:
«1. «1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан хабарда ибжьаӡыз рзы Акомиссиа аԥҵазааит».
- Ақәҵара ала ишьақәырӷәӷәоу «1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан хабарда ибжьаӡыз рзы Акомиссиа азы Аԥҟара» (анаҩс – Аԥҟара) абарҭ аиҭакрақәа алагалазааит:
1) Аԥҟара I ахәҭа абзацқәа 1.3; 1.4 абри аредакциаҿы ишьақәгылазааит:
«1.3. Акомиссиа хаҭалатәи аилазаара Ареспублика Аԥсны аԥыза-министр иоуп ишьақәзырӷәӷәо. Акомиссиа аиуристтә хаҿны иҟаӡам.
1.4. Акомиссиа аусура аиҿкаара-техникатә еиқәыршәара аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭа, мамзаргьы знапхгаҩы (ахаҭарнак) иҟоу аԥҟарақәа рыла Акомиссиа ахантәаҩы ила иаҭахо егьи аҳәынҭқарратә усбарҭа иадҵахоит.
Апарламенттә усуратә гәыԥ аибашьра аветеранцәа рзы Иаку аҳәынҭқарратә реестр аԥҵара азы ажәалагала ҟанаҵоит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. «1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьреи Ареспублика Аԥсны иахьаҵанакуа имҩаԥысуаз аибашьратә хҭысқәеи рветеранцәа рзы» азакәани, «1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи иҭахаз рҭаацәеи зыԥсҭазаара иалҵыз аинвалидцәа рҭаацәеи ртәанчахәытә еиқәыршәара азы» азакәани аиҭакрақәа ралагаларазы азакәан апроектқәа реиқәыршәаразы аусуратә гәыԥ аилатәара мҩаԥысит аҩаша, ԥхынгәымза 31 азы.
Аилатәара мҩаԥигон атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы, иара убасҵәҟьа иарбоу аусуратә гәыԥ ахантәаҩыс иҟоу Ҭемыр Шергелиа.
Аусуратә гәыԥ аилатәара аихшьаалақәа рыла абарҭ аӡбамҭақәа рыдыркылеит:
Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра аинвестициатә еиҩызара ахарџьқәеи ахашәалахәқәеи иалкаау аҳасаббара аԥҟара шьақәнаргылоит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы «Аинвестициатә еиҩызара азы» Ареспублика Аԥсны Азакәан анагӡара хықәкыс иҟаҵаны, Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭа хадақәа рыла хазы игоу ауснагӡатәқәа рынагӡара азы» Ақәҵара рыдыркылеит.
Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра иадҵоуп афинансқәа Рминистрра ақәыршаҳаҭны аинвестициатә еиҩызара ахарџьқәеи ахашәалахәқәеи иалкаау аҳасаббара аԥҟара ашьақәыргылара.
Аминистрцәа Реилазаара ахықәкытә программа «Ареспублика Аԥсны агәабзиарахьчара асистема акадртә еиқәыршәара» аиҭакрақәа аланагалеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара 2024 шықәсазы ахықәкытә программа «Ареспублика Аԥсны агәабзиарахьчара асистема акадртә еиқәыршәара» аиҭакрақәа аланагалеит. Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.
Аминистр анапхгаратә хықәкытә программа аҿы егьырҭ афакультетқәа рахь ииасыз ҩыџьа астудентцәа «ахәышәтәра аус» азанааҭҵара ала Ҟәбинатәии Ставропольтәии амедицинатә университетқәа рҿы актәии ахәбатәи акурсқәа рҿы аҵара зҵо ҩыџьа егьырҭ астудентцәа рыла рыԥсахразы ажәалагала ҟаиҵеит.
Иара убас амедицинатә ҵараиурҭақәа, аклиникатә ординатура аҿы аҵара зҵо рсиа «апсихиатриа», «арентгенологиа», «апедиатриа» азанааҭқәа рыла хҩык ардинаторцәа рыла иацҵаны ихарҭәаахоит. Урҭ рҵара аҳәынҭқарратә финансркра 2024 шықәса раахыс имҩаԥысуеит.
Аԥсны 2024 шықәсазы имаҷуи ибжьаратәуи аусдкылара адгылара аҭара иазку хықәкылатәи апрограмма аиҭарақәа алагалоуп.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара «Ареспублика Аԥсны 2024 шықәсазы имаҷуи ибжьаратәуи аусдкылара адгылара аҭара иазку» анапхгаратә ҽҳәаракьаҿлатәи ахықәкытә программа аиҭакрақәа аланагалеит.
Аусшәҟәы адгылара мҩаԥылгеит атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.
««Имаҷуи ибжьаратәуи аусдкылара адгылара аҭара иазку» анапхгаратә программа анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны, аԥыза-министр идҵала иаԥҵан аусуратә гәыԥ. Уи иалалеит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа, аминистрцәа Реилазаара, апрофилтә министррақәеи ахылаԥшырҭақәеи рхаҭарнакцәа, иара убас аусура иадыԥхьалан Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа. Апрограмма ашьақәырӷәӷәареи акомиссиа аԥҵареи раахыс 4 еилатәарак мҩаԥган», – ҳәа илҳәеит лара.
Акомиссиа ала ирыдыркылеит, ашәҟәы иҭаргалеит 280 зыҳәамҭа.
Ҳазҭоу ашықәс бжьымз рыҩныҵҟа абиуџьет иалагалан 2,3 млрд. мааҭ аҳазалхратә шәатәқәа.
Аҟәа. Нанҳәамза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2024 шықәса 7 мзы рзы аҳазалхратә шәатәқәа рыплан 132% рыла инагӡоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы.
Атәыла абиуџьет ахь иалагалоуп 2 млрд. 323 млн. мааҭ. Аплантә рбага 1 млрд. 762,7 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Уи ахыхь иацҵаны анагӡара 560,6 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.